Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Алашара» №1

Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» актәи аномер.


Ишдыру еиҧш, сынтәа аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. ҵит. Аиубилеи инамаданы араҟа икьыҧхьуп уи иажәеинраалақәеи игәалашәарақәеи, иара убас апоет изку ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи ргәалашәарақәа.
Т. Аџьба диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкуп аҵарауаҩ В.Кәаҕәаниа истатиа «Таиф Аџьба аурыс поезиа аиҭагаҩык иаҳасабала». Р.Коҕониа-Аџьба лгәалашәарақәа хьӡыс ирымоуп «Аҧсуаа Арӡынба изыҳәан аҧсра иаҧылон…» (акьыҧхь иазлырхиеит Е. Еоҕониа).
Апроза еиднакылоит А.Гогәуа иажәабжь «Ашәаџьҳәаҩ», И.Ҷкадуа иажәабжь «Аҧа ирхынҳәра» (аурысшәахьтә еиҭалгеит, автор диҿцәажәеит Е.Коҕониа).
Апоезиа иаҵанакуеит А. Аҟалҕьба, И. Гыцба, А. Занҭариа, Џь. Инџьгиа, ражәеинраалақәа, иара убас А. Лагәуа иҩымҭақәа.
Икьыҧхьуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 ш. ахыҵра аиубилеи азгәаҭараан ахеидкыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу иҟаиҵаз иажәахә «Аҧсуа литература аҿиара амҩақәа», иара убас А. Лагәлаа, Г. Аламиа, С. Қорсаиа рықәгыларақәа.
«Аҭҵаарадырра» арубрикала ажурнал ианылеит И. Гыцба истатиа «Уазбақь изку жәлар рашәа акәшамыкәша», Шь. Џьапуаҧҳа лкьыҧхьымҭа «Аишәачара иадҳәалоу аҵасқәа: «Ахаҵгылара».
Аҭыжьымҭаҿы аҧхьаҩ идгалоуп еиуеиҧшым атемақәа ирызку М. Ԥлиа-ҧҳа, С. Ажьиба, А. Лагәлаа, Е. Ҧониаҧҳа, С. Ҳаџьымҧҳа, А. Гәынба уҳәа рстатиақәеи рыҿцәажәарақәеи.
«Ашәҟәы ҿыцқәа» арубрикала ицәыргоуп ҿыц иҭыҵыз ашәҟәқәа. Урҭ авторцәас ирымоуп: Б. Барцыцҧҳа, А. Мықәба, И. Ҷкадуа, иара убас Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭыҵуаз агазеҭ «Ткварчельскй горняк» ианылаз аматериалқәа еидызкыло ашәҟәы (еиқәдыршәеит: А.Аҩӡба, М.Кәыҵниа).
В.Баалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me