Аԥсны аекеологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿы иҟоу агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы Лариса Ахба, Аԥсныпресс акорреспондент диҽцәажәо, иазгәарҭо аметеорологиатә маҵзура амш аҭоурыхи иахьа Аԥсны амш зеиԥшрахо аилкаара шымҩаԥысуеи ртәы далацәажәеит.
Аԥсны раԥхьатәи аметеостанциа 1904 шықәсазы иаԥҵан. Уи раԥхьа Аботаникатә баҳча аҵакыраҿы иҟан. Аметеостанциа аартра иаԥхьанеиуан агеограф, аботаник Николаи Альбови академик Николаи Вавилови Аԥсны афлора иазкны иҟарҵаз анаукатә ҭҵаарақәа. Анаҩс, астанциа Аладатәи Иашҭхәа ақыҭахь ииаган. Иара уаҵәҟьа амш зеиԥшрахо аилкаара алзыршоз агәаҭарақәа мҩаԥысуан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив аҿы ишьҭаз усҟантәи ашықәсқәа ирызку архивтә документқәеи аҳауа гәаҭарақәа зегьи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иблит. Аха асовет аамҭазы арҭ аматериалқәа рыхкьыԥхьқәа Обнинск ақалақь аҿы иҟоу агидрометеорологиатә информациазы Аидгылазегьтәи анаука-ҭҵааратә Институт ахь идәықәҵон, урҭ уаҟа еиқәханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа.
Аҟәа ақалақь аҿы амратә радиациа шаҟа ыҟоу аилкааразы 1933 шықәсазы еиҿкаан актинометриатә гәаҭарақәа.
«Убри аметеостанциа анаадырты инаркны, ҳтәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы – Дәрыԥшь, Блабырхәа ақыҭақәа, аӡиа Риҵа, Гәымсҭа аӡиас, Гагратәи ашьхара, Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Очамчыра уҳәа агәаҭарақәа мҩаԥыргон», – еиҭалҳәеит Лариса Ахба.
Аԥсны аҵакыра митәык ишдуумгьы (8 665 кмк. ԥшьыркца), ареспублика аҿы иакымкәа-иҩбамкәа аклиматтә зонақәа ыҟоуп.
«Уи имаҷымкәа еиуеиԥшым афакторқәа, раԥхьа иргыланы арелиеф, аҳауатә цәқәырԥақәа риасра, амшыни аӡиасқәеи реизааигәара, аҭыԥ амшын иахыкны аҳаракыра уҳәа ирхьыԥшуп», – иазгәалҭеит лара.
Аҳауа зеиԥшрахо аилкааразы
«Ҳара адгьыл иаԥнуи аҳаракыратә хсаалақәеи еиҿҳарԥшуеит. Хсаалак даҽа хсаалак ақәыршәарала аҳаракыраҿы еиԥш, алаҟәыраҿы иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭоит. Анаҩс есыҽнытәи, есмчыбжьытәи, иара убас амз актәи азбжа азы арыцхә 15 аҟынӡа алкаақәа ҟаҳҵоит», – лҳәеит Лариса Маҳмед-иԥҳа.
«Амш зеиԥшрахо азы азԥхьагәаҭа аныҟаҵахалак ашьҭахь фактла иҟоу аҭагылазаашьазы алкаа ҟаҵахоит. Ҳара ҳахәаԥшуеит иҟаҳҵаз азԥхьагәаҭа ахьынӡаиашаз, ақәа аума, мамзаргьы иамума, аԥшасра ахьынӡаӷәӷәаз, амш ацәқәырԥара ыҟазу-иҟамызу уҳәа убас иҵегьы», –лҳәеит лара.
Абар шьҭа шықәсык ҵуеит Гагра ақалақь аҿы аметеоҭыԥ аус амуеижьҭеи. Уаҟа аус зуаз ауаҩы иуалафахәы ахьмаҷыз азы дцеит.
Атематикатә синоптикатә хсаалақәа реиҳарак Аԥснытәи аметеомаҵзура Урыстәыла, Нхыҵ-Кавказтәи аметеомаҵзура аҟынтәи иаиуеит. Агидрометеомаҵзура аҟәшеи Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститути активла аусеицура рыбжьоуп. Аинститут аҟынтәи агидрометеомаҵзура ахь инеиуеит аҳауа аԥхарреи амшынӡы аԥхарреи рзы адыррақәа. Иааиԥмырҟьаӡакәа аусеицура рыбжьоуп Шәачатәи аметеомаҵзуреи Аԥснытәи агидрометеомаҵзуреи.
Иахьа Агидрометеомаҵзура аколлектив аҿы ф-ҩык аус руеит. Аԥсны амшын аԥшаҳәеи ашьха иаԥнуи аҭыԥқәа рҿы асубтропикатә климат шьақәгылоуп, аҳауа ацәаакра ҳаракуп, аӡын аиҳара ԥхарроуп, аԥхынрагьы митәык ишоураӡам. Ашықәсбжьара аҳаиртә лышәшәақәа амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа 1400 мм. рҟынтәи 3000 мм. рҟынӡа иазҳауеит. Асы зқәу ацәаҳәа 2700 – 2900 м. рҟынӡа инаӡо аҳаракыраҿы иҟоуп. Ашьхараҿы шәкы инарзынаԥшуа аҵааршәырақәа ыҟоуп.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com