Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара

Ааигәа Аҧсны Жәлар  Реизараҿы имҩаҧысит «Аиҳабыратә сааҭ» зыхьӡыз аилатәара. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, абас еиҧш есымза Аҧсны Жәлар Реизарахь ишаарыҧхьало еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аминистрцәа. Урҭ гәаартылатәи аилацәажәара шымҩаҧыргало  ажурналистцәа аалархәны.

Раҧхьаӡатәи «Аиҳабыратә сааҭ» аилатәарахьы дааҧхьан Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, насгьы уи актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа. Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа инарҭбаан дазааҭгылеит Аҧсны аҵаразы азакәан апроект, аҵара аконцепциа, ашколқәа рҟны ицәырҵуа апроблемақәа аҧсуа бызшәа адырҵаразы, аҵыхәтәантәи аамҭазы арҵаҩцәеи аҭаацәеи ироуз агәынамӡара алгебреи геометриеи амаҭәарқәа еилакны аҧышәара аҭаразы, иара убас егьырҭ хра злу азҵаарақәагьы.

Инал Габлиа иажәахә далагаанӡа иҭабуп реиҳәеит ааҧхьара ахьирҭаз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәархь. Анаҩс диасит Аҧсны аҵара иазку азакәан апроект ашҟа. Уи есышықәса ишалацәажәогьы, макьана закәанҵас ахархәара аиуртә еиҧш ишрыдрымкылац. Иара иазгәеиҭеит аспециалистцәа алархәны агәыҧ еиҿкааны ишрымоу, урҭ ирымаз ажәалагалақәа рхы иархәаны рус шыхдыркәшаз. Агәыҕра имоуп аҧхьаҟа аҵаратә процесс иамадоу азакәан апроект иахәаҧшны ирыдыркылап ҳәа.

Иара дазааҭгылеит  еиуеиҧшым амаҭәарқәа рхаҭабзиара ашьҭыхра шаҭаху, уи адагьы ишазхәыцуа арҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхра азҵаара. Иазгәеиҭеит, уажәшьҭа хышықәса шҵуа имҩаҧыргоижьҭеи Жәларбжьаратәи аҧхынтәи-аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы». Уаҟа рҽаладырхәуеит Урыстәылантәи иаауа  «Ашықәс арҵаҩы» ҳәа ахьӡ зыхҵоу арҵаҩцәа,урҭ зегьы еиуеиҧшым амаҭәарқәа рырҵаҩцәа роуп. Иазгәеиҭеит, сынтәа ааҧхьара шрымаз аҭоурых арҵаҩцәа. Иара убас аинформатика аганахь алагьы иҟан  аспециалистцәа, урҭ ишымҩаҧыргаз уи ахырхарҭала амастер классқәа. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәа, избанзар арҵаҩцәа апрактикаҿы ирбо, ашколқәа рҿы рхы иадырхәоит, иаарту аурокқәа мҩаҧыргоит.

Аҵаратә материал дазааҭгыло иҳәеит, хышықәса рыҩныҵҟа аџьабаа шырбаз аспециалистцәа иҿыцу аматериал ахәыҷқәа рызнагаразы. Ҿырҧштәыс иааигеит аҧсуа бызшәа арҵара. Раҧхьаӡакәны иҭыжьын анбан аусуратә тетрадқәа ацҵаны. Уаҟа иарбоуп ахәыҷы ашкол ахь дцаанӡа аҩышьеи аҧхьашьеи злаиҵаша, уи зегьы еизакны  иахьӡуп «Аҟәыбҷа». Уи ахыхь иацзаауеит амультфильм. Ахәыҷы ахәыҷбаҳча  аҟынтәи, ашкол ахь дцаанӡа еизакны иҟоу «Аҟәыбҷа» ихы иаирхәар ҟалоит.

Иазгәеиҭеит 2022 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизараҿы аҧхьатәи ааҧхьараҿы ишрыдкылаз аҵара азакәан. Анаҩс аҵара аминистррахь инашьҭын еиҭахәаҧшны, алагалақәа ахьаҭаху аус адыруларц. Уи ашьҭахь, 2023 шықәсазы ицәырҵыз агәаанагарақәа рыла, аминистрра аилазаараҿы аспециалистцәеи аҵарауааи алархәны иаҧҵан аҵара азы даҽа закәанпроектк. Уи Аҧсны Жәлар Реизарахь иаарышьҭхьеит. Агәыҕра шимоу ааирҧшит, ҳазҭо ашықәс иалагӡаны аҧхьатәи ааҧхьараҿы ирыдыркылаз аума, ма аҩбатәи авариант инарышьҭыз аума, ирыдыркылап ҳәа. Избанзар уи аҵаратә процесс аҟны даара ахархәара ду аиоуеит.

 Убри инамаданы ҧыҭҩык адепутатцәа иаадырҧшит агәынамӡара аҵара иазку азакәан апроект аҩбатәи авариант дара рнапахьы ишымааиц азы. Уи рымбакәа еиҳа еиҕьу,  азакәан апроект иахәаҧштәу иаҧыхтәу рыздырӡом.

Аминистр  дазааҭгылеит иара убас Аҧсны аҵара аминистрра ахылаҧшра аҟны иҟоу Аҟәатәи актәи абжьаратә школ авараҿы игылоу, игәыгәҭажьны иҟоу ахәыҷбаҳча. Аҧхьаҟа ргәы иҭоу ирықәманшәалахар, ацхыраагӡатә школ алархырц рҭахуп.

Иара дазааҭгылеит ашколқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рыдагьы, згәабзиара ҧкым ахәыҷқәа ацхыраара шрыҭатәу. Урҭгьы рыблала ирбо иаҧхьартә, еиҭарҳәартә еиҧш аҭагылазаашьа шырзаҧҵатәу.

«Аиҳабыратә сааҭ» аҟны иазааҭгылан, хыхь ишарбаз еиҧш алгебреи геометриеи амаҭәарқәа еилаҵаны акны аҧышәара аҭиразы  аминистр Инал Габлиа иҭижьыз идҵа. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахь ишынашьҭыз аҳәара  аматематика ахырхарҭала аус зуа 159-ҩык арҵаҩцәа рнапқәа аҵаҩны. Уи аамышьҭахь Аҧыза-министр идҵала иаҧыхын урҭ амаҭәарқәа акны аҧышәара аҭаразы. Уи шаҧыхызгьы, аилатәараҿы  ари азҵаара аимак-аиҿак ацын.

Аминистрраҿы раҧхьаҟа ргәы иҭоуп аиҵбыратә аҩбатәи аклассқәа рҟны ирымоу аурыс сааҭқәа рҟынтәи англыз бызшәа алагалара. Ирылацәажәан иахьатәи ҳаамҭазы аҧсуа бызшәа аҵаразы ицәырҵуа апроблемақәа. Адепутатцәа ргәаанагарақәа рҿы ирҳәон, иарбан школзаалакгьы еицырзеиҧшу аҵаратә программа ыҟазарц шахәҭоу.

 Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи ҭабуп ҳәа раҳәо, аҵара аминистр Инал Габлиеи уи ихаҭарнакцәеи ирҳәеит, лассы-лассы  ирызцәырҵуа иуадаҩу азҵаарақәа даргьы адрыҧхьалаларц.

С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me