Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Анцәа бзиала иаҳзырша»

Уа, зегь ириааиуа ҳәа
хаҵа дыҟаӡам,
Досу ианиашьа, иақәшәашьа ихаҵашьоуп.
Уа иаҳхылаԥшуа, уара
лахь сумҭан,
Сылахь иануҵаз сара
сахьзавымсуа
Таиф Аџьба

Зхы-зҿы лашаз, уамаӡак имцәажәоз, данаацәажәоз зажәақәа ахьышәахәа рылаԥхоз, зхы инаркны зшьапаҟынӡа иашала еибыҭаз, аиаша иачычаз. Абзиара ҟаҵаны, нас иҟасҵаз жәбоу ҳәа зхы ӡырзымгоз, ацәгьареи агьангьашреи иаартны ирҿагылоз. Уи аамҭазы ицәажәараҿы ибжьы ҭымгакәа аамсҭашәара аҵаҵаны, аԥсуа хаҵа ишиҟазшьаз еиԥш, зажәа ҵары бызшәа хаала ихзыркәшоз… Згәыҭбаара аԥсуа поезиаҿы ахьыҵәцара хан зчаԥаз, зхатәы ҭыԥ ӷәӷәа аанызкылаз, иахьа иҳалагылам Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иԥа.
Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иԥа диит хәажәкыра жәеиза 1939 шықәсазы Аҷандара ақыҭан, Гәдоуҭа араион. Иара иажәеинраала ссирқәа ҳаԥсуа поезиа амра ашәахәақәа реиԥш ирхаԥхоит. Аҟыбаҩ ҷыда злаз апоет Д.И.Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианашьан. Иԥсы ҭазҭгьы 85 шықәса ихыҵуан.
1985 ш. ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» ахь редакторс сиаргеит. Уи сыԥсҭазаараҿы насыԥ дуны исзыҟалеит. Усҟан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» Аҟәа ақалақь агәҭа иҟан. Актәи аихагылаҿы иҟаз аредакторцәа руадаҿы ҳаицтәан: Владимир Басариа, Таиф Аџьба, Заур Быҭәба, сара. Аусура саннарга, зегьы рхатәы ҭыԥқәа рыман. Владимири Таифи аԥенџьыр аганахь итәан. Заур ашәахь дааскьаган. Усҟантәи аиҳабыра аусуратә уадаҿы снаргеит. Сахьтәашаз сдырбеит. Даара ибзианы срыдыркылеит. Исхашҭӡом, Таиф дызхатәаз истол даахыҵын: – Ари аусуразы еиҳа иманшәалоуп, аҭаҵарҭақәагьы рацәаны иамоуп, – ҳәа наҳ́әаны, истол иҭаз зегьы ааҭиган, шәагаалеи ҭаҵарҭалеи узеигәырӷьаратә иҟамыз астол ахь дниасит.
Ашәҟәҭыжьырҭаҿы есшәахьа имҩаԥыргоз аизарақәеи аилатәарақәеи, шамахамзар, иҽрылаирхәӡомызт. Уи аамҭазы аредакциа ззиуаз ашәҟәқәа дрыдтәалан. Таиф ибжьы неиҵыхны, иаармчны дцәажәо аӡәгьы димбацызт. Ес­нагь ахаареи, агәыбылреи, аҭынчреи, ауаҩы изыӡырҩреи ихы-иҿы лаша рыцын. Уи шьҭрала иаауазар акәхап. Таиф дызхылҵызгьы, ирхылҵызгьы рышьи-рышьи еиқәҵо, аӡәы игәы дамыргакәа бызшәа хаа зҿыҵуаз, ицәажәоз абиԥарақәоуп. Урҭ рабдуцәа ашәышықәсақәа ирыман иааргоз, пату зқәыз аҳаҭырбареи, апатуеиқәҵареи, хаала ацәажәареи Шьаадаҭ Аџьбеи ихи-ихшареи, ирышьҭанеиуа абиԥарақәеи наӡаӡа ирыцзаауеит.
Аџьба Таиф ашәҟәҭыжьырҭа «Алашарахь» имҩахыҵуаз аҿар драбжьагаҩын. Дара рзы дымҩақәҵаҩын. Усҟан аҿар ражәеинраалақәа ркьыԥхьреи рҭыжьреи ус имариамызт.
Исгәалашәоит, Делба Саида Ачба Алина длыцны лажәеинраалақәа реизга аҭыжьразы арзаҳал аларгалеит. Ажәеинраалақәеи арзаҳали кьыԥхьны иаанрыжьит. Ԥыҭрак ашьҭахь Делба Саида ашәҟәҭыжьырҭахь даарыԥхьеит: – Аҭыжьразы ашықәс аихшанҵаҿы иаҳзаламгалаӡеит, – ҳәа лаҳәаны, иаанлыжьыз лажәеинраалақәа дырхынҳәит. Ҳара ҳахьтәаз ауадахь дылбааит. Уи аҽны еиԥш Саида дсымбацызт. Ауадаҿы аус зуаз зегьы ыҟан. Лылаӷырӡқәа хаҟәҟәала, даацәажәеит: – Изыҩуа сызҭмыжьуазар, иаласхузеи, изызыҩуазеи?! Мамзар, сажәеинраалақәа рҿы апоезиа ыҟаму?! – лгәы ԥыжәжәо дцәажәон.
Таиф ҭынч даара акыраамҭа дҳацәажәон: – Арҿиараҿы амҩа ианыло аҿар ауадаҩрақәа рԥылоит. Уи зегьы ҳахысит… Уи бара баиааиуеит, избанзар бпоезиа абжьы бзиа ахылҵуеит ҳәа лаҳәаны, лгәы шьҭыхны, ақәҿиарақәа лзеиӷьашьаны днаскьеигеит, аҵыхәтәан ианцақәа, абас даацәажәеит. – лгәы ахымшәароуп, лхатәы поезиатә бжьы ласуп…
Аџьба Таиф 55 шықәса заҵәык роуп анцәа иаҭәеишьаз. Убарҭ ашықәсқәа ирҭеигӡеит ҳажәлар рзы ишедеврны иаанижьыз ипоезиа зегьы. Ашьха ҳаракы еиԥш, иажәеинраалақәа дрылубаауеит, ибжьы цқьаӡа ирылыҩуеит, уажәы-уашьҭан дааргәылҵны дааудгыларашашәа, уаԥхьа даацәырҵуеит. Иеиҭагамҭақәа, исалам шәҟәқәа, иажәабжь кьаҿқәа, иеибашьратә мшынҵа зегьы рҟны, цәаҳәа ҟаԥшьла ижәлар зҭагылаз ҩныҵҟала иахьиныруаз, иахьиқәыӷәӷәоз агәылсуеит. Дыҟамзар ҟалап аԥсуак, Таиф Аџьба иажәеинраалақәа ҿырҳәала иззымдыруа, измаҳац. Апоет лассы-лассы аԥхьаҩ агәырӷьареи агәеиҵыхреи змоу ажәеинраалақәа дрылеигалоит, аамҭа гәырӷьахә иҽеиҭоит. Даҽаџьара аԥхьаҩ игәиҽаниҵоит аԥсҭазаара шҭагәҭасуа, Аԥсны имҩаԥысуа аполитикатә еибарххарақәа, ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш…
Аџьба Таиф иҭаацәа ԥшӡа дрызгәдууп, дреигәырӷьоит. Уи апоет аԥхьаҩ еиликаартә иаанижьит. Сызҿу иԥшәма Коӷониа Риммеи иареи ирыбжьаз асалам шәҟәқәа роуп. Уамашәа иубартә иҟоуп, урҭ еиқырханы, лыԥсы иаҵаҵәахны, аибашьра иалганы, лгәы иадҵаны иахьеиқәлырхаз. Ацәажәара, ахымҩаԥгашьа, лхәыҷқәа рааӡашьа, лмаҭацәа рахь агәыблра дуӡӡеи, Таиф идҳәалоу зегьы акакала иахьеидылкыло, уи ихатәроу, Таиф иҩызара дуӡӡа назыгӡаз, иназыгӡо аҳкәажәуп.
Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иԥа иажәеи иуси еимадан. Ирҿиара адацқәа иоунашьҭыз дахнаԥаауамызт, дазԥагьамызт. Иҩызцәа рыгәҭаны иҽаликаауамызт, ҭынч ԥшьаала иус нагӡо ипоезиатә мҩаду данын. Уахгьы-ҽынгьы изылшоз ҟазҵоз, Аԥсны аибашьра ианалага Гәдоуҭантә Аҟәаҟа ицаз, уа иалахаз, аибашьра иахылҵуаз арыцҳареи агәаҟреи зыблала избаз, уи амшынҵахьы аиагара зылшаз, Аџьба Таиф 09.10.1992 ш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Аҟәа иуадақәа рҟынтә ақырҭуа гвардееццәа ддылганы дыргеит. Иахьагьы уи хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп.
Уи инапала иҩу имшынҵа ша­ҟантә саԥхьахьоу сгәалашәаӡом. Саԥхьацыԥхьаӡа уи иацу ахьааи Таиф ихаҿсахьеи сцәеилаӡҩоит. Таиф ҩныҵҟала ацәанырра иоухьазар акәхарын, аӷацәа ус дшаанырмыжьуаз . Баша ус ицәаҳәақәа нирҵәомызт. «Анцәа бзиала ҳзырша» ҳәа.
Аџьба Таиф иԥсҭазаараҿы иара дызнысыз амҩа цқьан, ипоезиа аԥсуа ԥхьарца бжьы хааӡа ҳашьхақәа ирхыҩуеит. Игәыҭбаареи иқьиареи аԥсуа жәлар ирыцзаауеит. Бзиа иибоз дахьиз, иахьизҳаз, ашкол дахьалгаз Аҷандара абжьаратә школ ихьӡ ахуп. Есышықәса уи имшира иақәыршәаны аиԥыларақәеи ақәгыларақәеи мҩаԥыргоит. Иара ишицәаҩаз, ишиҟазшьаз еиԥш ихааӡа, ахәаԥшҩы игәалашәараҿы иаанхо ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Таиф Аџьба ихаҿсахьа харҭәаауа, аҭыԥ ԥшьахьы ихагало, иажәеинраалақәеи иашәақәеи Мидара адәы иқәыҩуеит. Анцәа иаҳзишаз алахьынҵа Таиф дуӡӡагьы дзацәымцеит. Иага аамҭа царгьы, уи 55 шықәса дшырҭагылаз агәыкреи аразреи шиҿықәу даҳзаанхоит. Ипоезиа иахылҵуа ацԥхьқәа ихәышҭаара дуны иаанхоит. Таиф ихатәрара, ирҿиаратә поезиатә ӡыхь знык иаҿыхәаз ихамышҭуа ихаҿы иаанхоит. Ипоезиа ацәаҳәақәа дрылубаауеит, амра ашәахәа ацыԥхьқәа реиԥш ҳаԥсадгьыл далаԥхоит. Дыздыруаз зегьы иччаԥшь хаа рыцзаауеит. Ибаҩхатәра аҭоурыхтә ӡеибафара иазымхәаҽит. Ҳаԥсадгьыл зыхьчоз аҵеицәа рыбжьыцқьа еиԥш, Таиф ипоезиагьы ицқьаӡа Аԥсны иалаҩлоит, абиԥарақәа еимырдалоит. Таиф ипоезиа адацқәа иоурыжьыз иӷәӷәаӡа аԥхьаҩцәа ргәаҵа иҭыҩлауеит. Зпоезиа зыԥсадгьыл ахьхьаҳәа иалыҩуа, иахьа аҿар зегьреиҳа зҩымҭақәа ирыԥхьо, зажәеинраалақәа ҿырҳәала ирҵо поет дууп. Уи иҟамзаара иацуп ахьаа. Ипоезиатә мцахә акәицқәа рыла ижәлар иԥхарра рыцзаауеит. Иҩымҭақәа дыргәыцәны ихаҿсахьа алаҳбаалоит . Имшира аҽны аҭоурых иазаанижьыз амшынҵа «Анцәа бзиала ҳзырша», ипоезиа ахархәаҩцәа зегьы рылаԥш ахыго, ихаҿсахьа рыбла ихгылазаауеит.

…Саныҟамгьы ирҳәалааит:
– Дзышьҭаз ауп дзыниаз!
Аиаша дачычан –
Аиашоуп дызгаз.

Гугуца Џьыкрба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me