Сынтәа Лаҭатәи ахҭыс злымӡаах 30 шықәса ахыҵит. Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа шьыжьнаҵы арадиомонтаж «Ахьаа» зыхьӡыз аныҩуан. 87-ҩык цәгьаԥсы­шьа зыҭаз, авертолиот МИ-8 иҭаб­лыз аӡәа-ӡәала, хьыӡ­ҳәала еиқәыԥ­­хьа­ӡан, аибашьра иалиааз ашәа­қәа ашар­ԥаз инаркны ақалақь иахыҩуан…

Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа

16 Ԥхынкәын 2022 13:57
Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр анапхгарала имҩаҧысит аихшьалатә концерт. Уи напхгара аиҭоит Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден II аҩаӡара занашьоу Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа. Аконцерт мҩаҧысуан Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы. Аконцерт мҩаҧылгон акыр шықәса «Аҿар рыбжьы» аконкурс зҽалазырхәхьоу алауреат Инесса Григолиа.

Аҧсуара аныҟәгаразы

16 Ԥхынкәын 2022 13:49
Ҳаазқәылаз Аҧсуара ана-ара ҳалацәажәоит, абжьаа­ҧнеиҧш «зеиҧш ажәала», хықәкыла, Аҧсуара аныҟәгараз иҟаҵатәу, ишныҟә­гатәу ҳәа инҭкааны акы ҳазааҭым­гылакәа.
Декабр 6 рзы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартын асахьаҭыхыҩцәа иреиҕьу русумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа рацәаҩны.
Игор Адлеиба техникатә нокаутла диааит Екатеринбург имҩаԥысуа апрофессионалтә бокс атурнир аиԥылараҿы Сардор Музаффаров. Аринг аҟны еиԥылеит аԥсуа боксиор Игор Адлеибеи Узбеқисҭанынтәи Сардор Музаффарови. Урҭ 66,7 кг зкапануа рыҩнуҵҟа аа-рауднк мҩаԥыргараны иҟан. Аха аԥхьаҵәҟьа иубартә иҟан Игор иандаҭлоз иаасҭа акыр дшеиӷьыз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me