Аԥсуа жәлар ҳҭоурых аҟны ахааназ XIX ашәышықәсазы иҟалаз ажәлар рхырҵәара, амҳаџьырра хашҭра ақәымкәан иаанхоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирҩуеит Аԥсны ахы-аҵыхәанӡа 400 нызқь­ҩык аԥсуаа нхон ҳәа.
Ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла, ҳҵеицәа гәымшәақәа хьаҳәхьачарак ҟамҵакәан, уи иқәцаразы абџьар шьҭыхны ақәылаҩ иҿагылеит. Абџьар змамызгьы, ҳтәыла аҕа иалцаразы иаанымгылеит. Напышьашәала ҳџьынџь ахьчараз ақәылаҩ иабашьуан. Аиашазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира машәыршақә иҟамлеит, зегь раҧхьаӡагьы, Ҳҧыза ду, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ибзоуроуп аҧсуа жәлар иаагаз Аиааира.
Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.
Инна Аҳашҧҳа лпоезиа иаҟазшьоуп аҧсҭазаараҿы аҭыҧ змоу, хкырацәала иеилоу ахҭысқәеи асахьақәеи, аҧштәы абжьи уҳәа уб. иҵ. рзааҭгылара, рыҭҵаара, исахьарку ажәала реибыҭара, рыраӡара.
Ааигәа лыԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз аԥсуа лингвист, аԥсуеи абазеи абызшәақәа рыҭҵааҩы, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, аџьа аветеран Валентина Алеқсандр-иԥҳа Амҷԥҳа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me