Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа ҭҵаарадырра иаиуит ацәыӡ ду

Ааигәа лыԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз аԥсуа лингвист, аԥсуеи абазеи абызшәақәа рыҭҵааҩы, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, аџьа аветеран Валентина Алеқсандр-иԥҳа Амҷԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит аҵарауаҩ луацәеи лҭынхацәеи.

Валентина Алеқсандр-иԥҳа Амҷԥҳа диит ианвар 10, 1936 шықәсазы Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан. 1964 шықәсазы далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, кавказтәи абызшәақәа рыҟәша. 1971 шықәсазы илыхьчеит акандидаттә диссертациа «Ахьыӡцынхәра аԥсуа-абаза диалектқәа рҿы» атемала. 2012 шықәсазы илыхьчеит адоктортә диссертациа.

1960-тәи ашықәсқәа инадыркны В. А. Амҷԥҳа лыԥсҭазаара зегьы адҳәалан А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, анаҩс – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дрыԥхьон амаҭәарқәа: иахьатәи аԥсуа бызшәа, абызшәадыррахь алагала, аԥсуа бызшәа астилистика, ажәаҳәатә культура, аономастика уҳәа убас егьырҭгьы.

1991 инаркны 1998 шықәсанӡа аԥсуа бызшәа акафедра напхгара алҭон. 1998 шықәса инаркны ауниверситет аҟны аԥсышәала арҵагатә литература аҭыжьразы аҭҵаара-методикатә ҟәша деиҳабын.

1980-2003 шықәсақәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә телехәаԥшраҿы аамҭа-аамҭала «Аԥсшәа бзиа избоит сара» ҳәа хьӡыс измаз адырраҭара мҩаԥылгон.

В. А. Амҷԥҳа дравторуп абызшәадырра иазку 130 инареиҳаны аусумҭақәа, амонографиақәа ԥшьба, ашколи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рзы арҵагатә шәҟәқәеи аметодикатә цхыраагӡақәеи, иара убасгьы аԥсуа бызшәа аҭҵаара еиуеиԥшым аганқәа ирыҵаркуа хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа. Хазы игоу лусумҭақәа рызкуп аԥсуа литература аклассикцәа рҩымҭақәа рбызшәа.

Ҵаҟа ишәыдаагалоит 2012 шықәсазы, В. А. Амҷԥҳа адоктортә диссертациа анылыхьча ашьҭахь, ажурналист Алхас Чхамалиа ҷыдала агазеҭ «Аԥсуа университет» азы ианиҵахьаз, аха иахьа уажәраанӡа џьаргьы акьыԥхь зымбац, аҵарауаҩ лыҿцәажәара.


  • ВАЛЕНТИНА АМҶԤҲА: «ХАТӘЫ БЫЗШӘАЛА АЦӘАЖӘАРА ЗЕГЬЫ ИРЫЦКУП»

Ааигәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны адоктортә диссертациа лыхьчеит еицырдыруа аҵарауаҩ, алингвист, аԥсуеи абазеи абызшәақәа рыҭҵааҩы, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Валентина Александр-иԥҳа Амҷԥҳа. Иазгәаҭатәуп, абызшәадырра аганахьала аԥсуа ҵарауаа рахьтә раԥхьаӡа акәны аԥсышәала адоктортә диссертациа зыхьчаз лара шлакәу.

Адиссертациа атема азкуп аԥсуаа рантропонимиа аструктура-функциатә ҭҵаара. Аусумҭа еиднакылоит шамахамзар, антропонимиа аилазаара ахәҭа хадақәа зегьы. Ирзааҭгылоуп антропонимиа афункциақәа аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы. Ҷыдала иалкаауп Б.Шьынқәбеи Самсон Ҷанбеи рырҿиамҭақәа рҟны антропонимқәа рстильтә хархәашьақәа.

Иазгәаҭатәуп иара убас, аҵарауаҩ уаанӡа аус адуланы ишыҭлыжьхьаз 8000 хьӡы рҟынӡа еидызкыло «Аԥсуаа рхатәы хьыӡқәа ржәар».

 Валентина Амҷԥҳа дазааԥсоит аԥсуа бызшәа аҭҵаареи арҵареи рус. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла алекциақәа дрыԥхьоит. Аԥсуа бызшәа арҿиаразы еиҿкаау аҳәынҭқарратә программа акомиссиа далахәуп.

Иахьатәи ҳаиҿцәажәара азкуп аԥсуа бызшәа еиуеиԥшым аганқәа, аҵарауаҩ лыԥсҭазааратә ԥышәеи лзанааҭи ирыдҳәаланы, аҳәынҭқарратә бызшәа аҭагылазаашьеи уи аҿиареи ирызку азҵаарақәа.

 

– Валентина Алеқсандр-иԥҳа, ишәгәалашәыршәар ҳҭахын абызшәадырра ашҟа шәшымҩахыҵыз, раԥхьаӡатәи шәшьаҿақәа…

– Аханатәгьы, ашкол саналга инаркны, афилологиа азанааҭ хықәкыс исыман. Уи ашьҭахь аԥсуа бызшәеи алитературеи еиҳа игәцараскуа салагеит. Ус сшааиуаз, напасыркуеит абызшәа аҭҵаара. Раԥхьаӡа саналагоз, ҳәарада, ишьҭысхуаз атемақәа рацәан, аха еиҳарак иалкааны сазҿлымҳан аԥсуаа рантропонимиа азаҵаара. Еиҳаракгьы уи иадҳәаланы абызшәаҿы иҟоу еиуеиԥшым аҷыдарақәа – афонетикатәи, аморфологиатәи, асинтаксистәи уҳәа. Урҭ реидкыларазы, усҟантәи асахьаркыратә литература аамышьҭахь, сара срыҿцәажәон Аԥсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы иҟаз ажәабжьҳәацәа дуқәа, абыргцәа бзиақәа. Уи иалҵшәаны, имаҷымкәагьы аматериал еидыскылоит. Нас аҭҵаарақәа ҟаҵо, акымкәа-ҩбамкәа астатиақәа скьыԥхьуа салагеит.

– Иарбан уадаҩрақәаз иацыз усҟантәи аамҭазы аԥсуаа рзы аҵарадырра аиура, аҭҵаара аҽазкра? Иарбан ԥынгылақәоу хаҭала Шәара ишәԥылоз?

– Ҳәарада, даараӡа иуадаҩын, избан акәзар, уи ақәшәеит 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахьтәи аамҭа. Ирацәаҩӡоуп аибашьраҿы иҭахаз аԥсуаа, сара сабгьы убрахь дналаҵаны. Анхацәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩын, иҟамызт ашәҵатәы-аҟәынҵатәы уҳәа. Аамҭагьы цқьа иҭышәынтәаламызт… Уи сара схалагьы сакәым, сашьцәа, саҳәшьцәа зегьы аҵара иаҿын, аха иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларазы, иаахтны иуҳәозар, Аԥсны аԥсуаа рзы уиаҟара аҭыԥқәагьы ыҟамызт, анҭыҵ акәзар, еиҳагьы иуадаҩын. Аха, аџьма имԥсыша амаҵә азылаҟәуеит ҳәа шырҳәо еиԥш, иҳауит ацхыраарақәагьы.

– Ирацәаҩуп иахьа аԥсуа бызшәа азҵаара иалацәажәо ауаа. Ҵарауаҩык, бызшәаҭҵааҩык иаҳасабала Шәара иахышәҳәаауазеи аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа?

– Абызшәа иазкны апроблема цәырҵижьҭеи акрааҵуеит, аха иаҳхысыз аибашьра ашьҭахь уи еиҳагьы иаабарҭахо ҳалагеит. Избан акәзар, аибашьра зегь рыла ҳаиҵанаҟьеит. 

Аԥсуа бызшәа иахьа иамоу апроблемақәа даара ирацәоуп. Уи иазкны аус руеит ҳара ҳҵарауаа, аха убри аганахьала зегь раԥхьаӡа иҟаҵатәу ҳәа исыԥхьаӡо – ашколқәа рҿы арҵара асистема рӷәӷәатәуп. Аус рыдуланы иҭыжьтәуп ирзымхо арҵаратәи аметодикатәи цхыраагӡақәа, иара убасҵәҟьа – иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿгьы. Излауала ҳазегьы уи аус шьҭыхны иаҳкызароуп. Хыла иугозар, абызшәа арҿиара иахәаша ҳәа еиқәуԥхьаӡаша рацәоуп, аха убарҭ рахьтә, хатәы бызшәала ацәажәара зегьы ирыцкуп. Абри аҵакы инагӡаны еилыркаауазароуп зегьы, еиҳаракгьы аҿар.

– Хыҵхырҭас иамоузеи, насгьы иабантәаауеи, иабантәиалагои абызшәа?

– Абызшәа хыҵхырҭас иамоу аҩнаҭоуп. Убрантәи иаауеит абызшәа. Хатәы бызшәала ицәажәо ан, аб, анду, абду, аиашьа, аиаҳәшьа уҳәа рыгәҭа изызҳауа ахәыҷы, хымԥада ибызшәа ҭышәынтәаланы ишьақәгылоит. Асаби дании инаркны илымҳа иҭаҩуазароуп абызшәа, агара дангароугьы иаҳауазароуп. Усҟан изеилымка­ауазаргьы, иара абызшәа «амелодиа» шьҭикаауеит. Иазгәаҭатәуп ихадароу даҽа факторкгьы. Ақыҭа ауп абызшәа ԥсыс иахоу. Избанзар уа, шамахамзар, иҟаӡам амилаҭ еилаԥса. Ақалақь аҿы аԥсуаа реиԥш, инхоит егьырҭ амилаҭқәагьы. Араҟа ахәыҷы аамҭакала иаҳауеит еиуеиԥшым абызшәақәа. Убри азыҳәан ауп ақыҭеи ақалақьи еидкылашьа зрымам, абызшәа аганахьала. Насгьы ақыҭаҿы ахәыҷы дшыхәыҷу абызшәа, аҵасақьабз, ажәлар ртрадициа далааӡаны дҟалоит. Уи даара акраҵанакуеит ауаҩы ихаҭара ашьақәгылараҿы еиԥш, ибызшәа аҿиараҿгьы. Абарҭқәа рыда абызшәа зыҟалаӡом, иҟалаӡаргьы ибжамҽамхоит. Аха араҟагьы иҟалеит даҽа рыцҳарак. Аибашьра ашьҭахь рҭагылазаашьа уадаҩхеит ҳқыҭақәагьы. Ирацәаҩуп ақалақьқәа рахь нхара ицаз ауаа. Ус анакәха, ҳқыҭақәа шьҭаҳхроуп. Даара игәцарактәуп ақыҭа школқәа рҿы арҵара аус. Абри аҭагылазаашьа ҳаҩҳажьыр азин ҳамам.

– Ишԥаҟоу иахьа аԥсуа бызшәа арҵара аус аҿы арҵага шәҟәқәеи аметодикатә цхыраагӡақәеи уҳәа рганахьала?

– Иахьа ҳашколқәа рҿы аума, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аума, арҵаҩы имазароуп ихы иаирхәаша, дымҩақәызҵаша, иахәҭоу арҵага шәҟәқәа, ацхыраагӡақәа. Уи ада изалшаӡом арҵара апроцесс. Алекциақәа рымҩаԥгара амацарагьы азхаӡом. Изхысуа атема инеиҵыхны ашәҟәаҿы даԥхьозароуп астудент. Имаҷым убри аганахьала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иҟаҵоу. Аус ауеит аԥсуа бызшәа акафедра. Иаартуп иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵаратә литература аҭҵаара-методикатә ҟәша (хаҭала уи сара напхгара азызуеит). Уи иҭнажьхьеит 120 рҟынӡа арҵагатә литература. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ауниверситет егьырҭ азанааҭқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵара иазку ашәҟәқәеи арҵагатә цхыраагӡақәеи. Ари аус аҿы еснагь ацхыраара ҳарҭоит аҳәынҭқарра анапхгареи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ареқтор Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиеи. Абасала, иҟаҵоу, ҳзыхьӡахьоу шмаҷымгьы, иҟаҵатәу аусқәа рацәаны ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп.

– Ааигәа Шәара адоктортә диссертациа шәыхьчеит, аха ҳара иаадыруеит уи аҿы шәшаанымгыло, иахьагьы шәыҭҵааратә усура шәшаҿу. Иарбан темоу иахьа аус здыжәуло?

– Ишыжәдыруа еиԥш, хадаратәла сара аус здызулоз аԥсуаа рантропонимиа акәын, сдиссертациатә темагьы иара иазкуп. Аха уи иаана­гаӡом аԥсуаа рантропонимиа бызшәадыррала инагӡаны иҭҵаауп ҳәа. Сусумҭаҿы сыззааҭгылаз уи ахәҭақәак роуп: аԥсуаа рантропонимиа аструктуреи уи функциақәас иамоуи. Уажәы аус здызуло атема азкуп апоет (ашәҟәыҩҩы) ибызшәа аԥсуа литератураҿы. Ари иахьазы иҿыцу, насгьы иуадаҩу темоуп, иалҵуа аабап.

Сыҭҵааратә усура саназхәыцуа, иҟасҵахьоу еснагь иҟәнысшьоит. Иҟоуп сгәы иҭақәаз, аха иахьа уажәраанӡа сызхьымӡаз азҵаарақәа. Сгәы иаанагоит урҭгьы аԥхьаҟа сырзыхынҳәып ҳәа.


Алхас ЧХАМАЛИА,

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет

аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша

анапхгаҩы – агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хада

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me