Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит. «Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан…
Март мза алагамҭа инаркны ихацыркуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, ҳтәыла араионқәа ршколқәа раушьҭымҭатә классқәа рҵаҩцәеи реиҧыларақәа. Ари аҩыза аусмҩаҧгатә уажәадагьы еиҿыркаахьеит, уажәшьҭа уи атрадициатә ҟазшьа амоуп. Сынтәатәи аиҧыларақәа хацыркын Тҟәарчал араион ала.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Уажәшьҭан санаауа Аҟәаҟа шәызгоит иҳәан, иҿынеихеит. Сыбла дхыҧшылаӡомызт, ажәылара дцараны дыҟан, аха уи ашәарҭара аҵаӡам ҳәа агәра сиргон», – абас лажәа хацлыркит Аџьынџьтәылатә еибашьра марттәи ажәылараан иҭахаз, абаҩхатәра ҳаракы злаз, атеатр ҧсыс изхаз, гәыла-ҧсыла амаҵ азызуаз Руслан Лагәлаа иҧшәмаҧҳәыс Наира Сабекиа-ҧҳа. Усҟантәи аамҭазы Руслан идыруан дахьцоз ажәылара аҟынтәи дыхнымҳәыр шалшоз. Наира лакәзар, ацәа­лашәара лоуит ари реиҧылара шҵыхәтәантәихоз азы. «Ажәа ҧшӡақәа…
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me