Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа ҭаацәара – аибашьраан

Ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла,  ҳҵеицәа гәымшәақәа хьаҳәхьачарак  ҟамҵакәан, уи иқәцаразы абџьар шьҭыхны ақәылаҩ иҿагылеит. Абџьар змамызгьы, ҳтәыла аҕа иалцаразы иаанымгылеит. Напышьашәала ҳџьынџь ахьчараз ақәылаҩ иабашьуан. Аиашазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира машәыршақә иҟамлеит, зегь раҧхьаӡагьы, Ҳҧыза ду, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ибзоуроуп аҧсуа жәлар иаагаз Аиааира.

Ҳәарада, ажәлар реидкылареи рҧызареи мариамызт, аха уи илшеит Владислав Григори-иҧа Арӡынба.

Зны-зынла уаҩы ихьааигартә иҟоуп, 30 шықәса раҧхьа аҧсуа жәлар иҳамаз аӡәкра, абзиабара, аихӡыӡаара, аицхыраара...

Досу илшоз зегь ҟаиҵон усҟан, абџьар шьҭыхны аҕа иабашьра зылшоз ҳҵеицәа фырхацәа хамеигӡарада еибашьуан, рхы-рыҧсы ақәҵан рыҧсадгьыл рыхьчон. Аха абџьар шьҭыхны еибашьуаз ҳҵеицәа еибашьыртә еиҧш аҭагылазаашьа рыҭарагьы хадаран. Урҭ рыгәцаракреи ргәы ашьҭыхреи аҭыҧ ҷыда ааннакылон.

Ажәакала, ахәыҷы инаиркны абырг иҟынӡа, ҧҳәыси-хаҵеи неилых ҟамҵакәан, аибашьцәа ирыгу-ирыбзоу ахарҭәаареи, урҭ ргәы ашьҭыхреи рҽазыршәон.

Отаҧ ақыҭан инхо Чач Адлеиба иҭаацәара–50-60-ҩык инарзынаҧшуа зынхарҭақәа нызмыжьыр ада ҧсыхәа змауз, царҭа змамыз ахҵәацәа ныҟәызгоз иҭаацәароу, уи инаҷыданыгьы, аибашьцәа ргәы ашьҭыхразы ирылшоз зегь шыҟарҵоз ала рыӡбахә ҳазҳәахьаз, Абжьыуаа рҿы ҳаҭыр змоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо аиҳаб бзиа Иура Бигәаа ибзоуралоуп ишыҟалаз агазеҭ «Аҧсны» аредакциахь зыӡбахә ҳамоу Чач Адлеиба имҩахыҵра.

Ахҵәацәа рыдагьы, Чач Адлеиба иҭаацәара рацәан, 8-ҩык ахшара: 6-ҩык арҧарцәеи 2 аҭыҧҳацәеи ирызҳауан иҩнаҭаҿы (Аибашьра ашьҭахь ихшара руаӡәк иҧсҭа­заара далҵит). Аҭаацәа зегь хәыҷи-дуи неилаҵаны 14-15-ҩык рҟынӡа рхыҧхьаӡара наӡон.

Ҳаиҿцәажәараан, Чач Адлеиба иазгәеиҭеит, аибашьраан, ихшара шхәыҷқәаз. Аҧшәма хаҵа иакәзар, Леон иорден занашьоу, аиба­шьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз Оҭар Адлеиба команда­ҟаҵаҩыс дызмаз Ашьхахысратә баталион аҟны дшеибашьуаз.

«Ҳара уеизгьы ҳҭаацәарацәан, ахҵәацәа анаҳзацла 50-60 литра зкуаз ачуан ала абысҭа руан, Отаҧ ашьха қыҭа иаҧнуп, иҧхьакырҭоуп ҳәа хыхьчара иаҳзааз ауаа акрырҿаҵатәын, иныҟәгатәын. Фатәыла-жәтәыла ҳаиқәшәагәышьан, арахә-ашәахә, ахш-хырҵәы зҳәаз еиҧш, ақыҭаҿы анхаҩ иаҭәоу зегь рыла ҳахиан. Аҳәса рхы иахәон, аҭаацәа, асасцәа рныҟәгара знапы ианыз дара ракәын, уи иахьа ирбазма, изышьцылахьаз акәын» – дҳацәажәон Чач Адлеиба.

Анаҩс, ҳаиҿцәажәараан Чач Адлеиба иаҳзеиҭеиҳәеит, хыхьчара иааз ахҵәацәа рныҟәгара инаҷыдангьы, аибашьцәа ргәы ашьҭыхразы, акала ҳазрыцхраауандаз ҳәа ирылшоз зегь шыҟарҵоз уи иҭаацәа.

«Отаҧ, Мықә, Ҭхьына, Ҷлоу ақыҭақәа рҟнытә аибашьцәа еидызкылоз, Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа командаҟаҵаҩыс дызмаз, Мықәтәи актәи абаталион аибашьцәа ирызхашаз, аҧсуа ҭаҭын зҭарыҧсоз, уи мбааӡартә еиҧш, аӡы злымсуаз амакәан хәыҷқәа ацахақәа рыҵданы иҿауҳәо, аибашьцәа рыцҧхьаӡа напҟазарала иӡахны ирзырышьҭит саҳәшьцәа ҩыџьа: Ноннеи Дианеи, схатә ҩыза Ангелина Кобахиа-Адлеибеи» – иҳәеит Чач Адлеиба.

Иура Бигәаа иажәақәа рыла, ари ахҭыс даара ҳаҭыр ақәырҵеит, рыгәгьы шьҭнахит аибашьцәа, усҟан акыр аҵана­куан, «аҧсуа ҭаҭынр­ҳәы» ада даҽак змамыз, аибашьцәа рыҧсы анааиҭар­куаз аамҭазы ирцәымбааӡакәан, ҭаҭынк амца наркны, ирҳәны иахартә еиҧш аҭагылазаашьа аиура.

Аибашьраан зҭаацәа инарҷыданы 50-60 ауаа рныҟәгареи рыцхыраареи зылшоз, иахьа акала рхы иахашшауа иҟам. Чач Адлеиба иҭаацәеи иареи шхандеиц ихандеиуеит, ихатә ҩызеи иареи рыхшара рыхьӡеит, рҧацәа руаӡәк дрыҧхеит акәымзар, егьирахь Анцәа ишиҳәара иҟоуп, 17 -ҩык амаҭацәа рымоуп. Чач Адлеиба Отаҧтәи автобус ныҟәицоит, иқыҭауаа мҩанигоит. Иҷкәынцәа 7 шықәса раахыс Отаҧ аҳаҧы аартра рылшеит, иахьа аҭааҩцәа аднакылартә аҭагылазаашьа аҧҵаны ирымоуп.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me