Арҭ амшқәа рзы, Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы аҿар имҩаҧыргеит амитинг. Уи иалахәын нхарҭа ҭыҧла еиқәыр­шәам, иқәыҧшу аҭаацәарақәа. Хыҧхьаӡара рацәала ҳҿар қьырала ауада ахә ахшәаауа иҩноуп. Убриаан идырҳауа абжак рхәыҷқәа рааӡараҿ ирыгырхан, рынхарҭа иахҭнырҵоит.
Ианвар 19 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра хықәкылатәи апрограмма «Анҭыҵи Аԥсны иахьаҵанакуеи атәылауаа рыхәшәтәразы». Абри апрограмма ԥарала еиқәыр­шәахоит ареспубликатә биуџьет амалқәа рыла. Ҳазну ашықәс азы анҭыҵ Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәразы иоушьҭхоит 90 миллион мааҭ.
Аԥсныпресс. 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа ирызкын аҩаша, ианвар 24 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысыз инарҭбааз аилацәажәара. Уи иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, аҳәынҭеилахәырақәеи абиуџьет анҭыҵтәи афондқәеи рнапхгаҩцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа.

Ақьырсиан ныҳәа ду

27 Ажьырныҳәа 2023 11:58
Ианвар 19 азы ақьырсианцәа ныҳәан иазгәарҭоит Ҳазшаз иӡаахреи мамзаргь Анцәа ицәырҵреи. Абри амш аҽны Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Аӡаахра иазкыз аныҳәара мҩа­ԥигеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссариан (Аԥлиаа).

Ахыбра аҧсахра хдыркәшоит

27 Ажьырныҳәа 2023 11:55
Очамчыра араион анапхгара иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Ҷлоу ақыҭа ахадара ахыбра аҧсахра иаҿуп. Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Ари зыӡбахә ҳамоу ахыбра ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса ахынҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан. Уи аахижьҭеи акыр шықәса цеит, ахыбра акәзар, ахар­хәаразы иазыҧҵәаз аҽҳәара иахысижьҭеи акрааҵуеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me