Шәара шәыбзоурала ари аԥсҭазаара даҽа цәа хаак ахалоит, шәара уи арԥшӡара шәылшоит, ҵакыла ихашәырҭәаауеит хылҵла ирбеианы. Шәыжәҩа иқәу аидара шымариамгьы, аҵахара шәыздырӡом, шәнапы злаку иарбан усзаалак хьӡы-ԥшала инашәыгӡоит, убри аангьы шәгәыкреи шәгәыбылреи шәшыцыц ишәыцуп. Шәара адунеи еибаркны изку абзиабареи ауаҩ ихӡыӡаареи шәырсимволын ахаангьы.
Аибашьра аамҭа хьанҭақәа раангьы ахацәа шәарӷьажәҩаны шәрыдгылан. Шәыгәаӷьреи шәхамеигӡареи рыла иалыршоу рацәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым, исуверентәу ҳәынҭқарраны ашьақәгылараҟны.
Абри амш ссир азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз анацәа. Ахә ашьара уадаҩуп урҭ иаадырԥшуа агәамч, аҟәыӷара ду.
Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, аҭыԥҳацәа, насыԥ шәыманы, ишәзааигәоу ауаа рыгәҭаны гәырӷьарыла шәаԥылалааит ари ааԥын ныҳәа есышықәса!
Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа шәнапы злаку аусқәа рҟны, агәабзиара, ахирра агымзааит шәыҩнаҭақәа! Ҳшәызгәдууп, шәааигәа ҳаҟазар, ҳаидгылазар ҳҭахуп есқьынгьы ихьыԥшым ҳаԥсадгьыл шьахә амаҵураҟны».
* * *
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аҳәса Рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәса Жәларбжьаратәи Рымш!
Арҭ ааԥын мшқәа рзы шәара ишәызку ажәақәа зегьы ҳаҭырла, гәыблыла ҳшышәзыҟоу атәы рҳәоит. Адунеи ыҟанаҵы иҟоу аҟазшьа ссирқәа – анра, ахамеигӡара, аҟәыӷара, аҭаацәарақәа еилшәарада иаазго аԥхарра ныҟәызго шәара шәоуп, акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳахәшьцәа.
Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит баагәараҵас шәахьҳадгылоу азы, иҳашәҭо аԥсҭазаара агәрагаразы. Аԥсны иқәынхо аҳәса, ааԥсара ззымдырӡо, еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку, хьӡы-ԥшалагьы иныҟәыргоит анра, аиаҳәшьара, аиҩызара. Шәара шәлагаламҭа маҷӡам иара убас ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны, аизҳазыӷьараҟны.
Абри ааԥын ныҳәамш азы гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, анасыԥ!