Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит

Хәажәкырамза 5 инаркны хәажәкырамза 15 аҟынӡа Аԥсны Арбџьар Мчқәа рҿы имҩаԥысуеит Аԥсны акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.
Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – аибарххареи ашәарҭареи зцу аҭагылазаашьақәа рҿы арратә комиссариатқәа, арезервтә хәҭақәа рштабқәа рҽеизгаратә усқәа рынагӡара аҩаӡара ашьҭыхра, – иаанацҳауеит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Арратә зыҟаҵарақәа рхы рыладырхәуеит ареспублика амчратә усбарҭақәа иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи арезервистцәеи.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа Аԥсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы инапхгарала ахысырҭақәа зегьи аруаа рзы макьаназы идырым аҭыԥқәеи рҿы имҩаԥысуеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me