Аконкурс рылаҳәоуп

03 Жәабран 2023 11:11
Аҧсны акультура аминистрра Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы аконкурс рыланаҳәеит зметраж кьаҿуи адокументтәи фильмқәа раҧҵаразы. Абри акәын изызкыз акультура аминистрраҿы имҩаҧгаз апресс-конференциа. Аминистр Даур Ақаҩба иеиҧш, уи иалахәын акиностудиа «Аҧсуафильм» аиҳабы Виачеслав Аблоҭиа, асценарист Ҭемыр Кәакәасқьыр, Аҧсны аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емзар Ашуа.

Ахшыҩеилаҵара аҭахуп

03 Жәабран 2023 11:11
Ааигәа ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» аҧшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит аинтеллигенциа рхаҭар­­накцәа злахәыз аиҧылара. Уахь инаҧхьан ауажә­ларратә усзуҩцәа реиҧш, атәыла араионқәа рыр­ҵаҩцәа рхаҭар­накцәагьы.
Ажьырныҳәа ҩажәи хәба рзы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа рзы ҩнызқьи ҩажәихҧатәи ашықәс ҳҭалеижьҭеи ираҧхьатәиу ацәыр­гақәҵа аатит Аҟәа.

Алаҳәара

03 Жәабран 2023 11:07
Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит.
2022 шықәсазы Аҧсны Апенсиатә фонд ала апенсиақәеи, ацхыраагӡақәеи, иҵегьы аҧарашәа­рақәеи рзы иоушьҭын 1 миллиардки 276 миллиони 933, 5 нызқь мааҭ. Ари 2021 шықәсазы аасҭа 76 миллиони 513 5 нызқь мааҭ рыла еиҳауп, иҳәеит Аҧсныпресс аҟны Апенсиатә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me