Азқьышықәсақәа ирықәлахо

Азқьышықәсақәа ирықәлоу ҳаҧсуа ҭоурых иагәылаку адаҟьақәа даараӡа ирацәоуп. Даҟьацыҧхьаӡа иааҧшуеит ҳтәыла ахаҿра, аҧсуа жәлар рнысымҩа, ҳажәлар иреиӷьу рхаҭарнакцәа рыхьӡқәа.


Иҟан аамҭақәагьы аҧсуажәлар аҵара анрымамыз, ҳтәыла абла аныхҩаз. Усҟан ихадаз акы акәны иҟаз аҧсуаа рҵарадара аҧыхра, аҵарадырра амҩа рзаартра акәын. Убри аамҭазтәи аҭоурых адаҟьақәа ҳарныҧшылар ихьӡ лашаӡа ҳабла иаахгылоит Дырмит Гәлиа. Иахьагьы зыхьӡ ҳацу Дырмит Иасыф-иҧа илша даараӡа ирацәан усҟантәи аамҭазы. Хырхарҭа мацарак акәымкәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы аус иуан, имч-илша зегьы ижәлар ирзынархан.
Ҳаҧсуа литература апатриарх, ажәларқәа рҟны ҳҿахәы ҳҳәаратәы ҳҟазҵаз, аҧсышәала ҳаҩратәы аҧсуа нбан аҧызҵаз Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа сынтәа 150 шықәса ихыҵреи иара убасгьы агазеҭ "Аҧсны" 105 шықәса ахыҵреи аиубилеи азгәарҭоит ҳтәылаҟны иахьабалак.
Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша астудентцәа аҵараиурҭаҿы еиҿыркааит Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиеи агазеҭ "Аҧсны" риубилеитә шықәсхыҵрақәа ирызкыз агәырҕьаратә усмҩаҧгатә. Уаҟа астудентцәа азааҭгылеит Дырмит ду инысымҩа, ирыҧхьеит рхала еиқәдыршәаз Дырмит Гәлиа ирҿиара иазкыз ражәахәқәа, иажәеинраалақәа. Анаҩс Дырмит иажәеинраала"Сыхаара сыҧсадгьыл" иалху ашәа нарыгӡеит. Ажәакала, Дырмит иҧсҭазаара ахәҭа хәыҷык аарҧшра, уи аҽагәылахалара рҽазыршәеит астудентцәа. Дырмит Гәлиа ирҿиара еимгеимцарак иалагӡаны узазааҭгылом, аха уи аимгеимцара аҧсуа литература абду идоуҳа акәицқәа иеизҳауа ирнырыртә иҟалеит. Миха Лакрба Дырмит Гәлиа изкны 1919 шықәсазы ииҩыз иажәеинраала "Ушнеиуа унеи" ацәаҳәақәа ишырҳәо еиҧш, аҧсҭазаараҟны егьа уадаҩра ыҟазаргьы дышнеиуаз ҳнеилоит!
Хаҭала Дырмит изку, лажәеинраала даҧхьеит ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудентка Амҷҧҳа Мадина.
Ҳхәыҷаахыс иаҳдыруа хьӡуп Дырмит Гәлиа,
Ҳаҧсҭазаара иагәылсуеит иара ицәаҳәақәа.
Иҩымҭақәа иҳаилдыркаауеит ацәгьа-абзиа,
Урҭ ирхәышәтәит ҳажәлар рыгәқәа.
Аиашаз, иахьагьы актуалра зҵоу, иахьагьы иаҳҵо, ҳзызҿлымҳау Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа усҟантәи аамҭазы жәларык рыгәқәа рхәышәтәит ҳҳәар ҳалшоит. Избан акәзар, ҳлитература ашьаҭа кхеит иара иажәеинраалақәа рыла, хырхарҭала еиуеиҧшымыз, аха аҧсҭазаара ахаҭа зныҧшуаз иҩымҭақәа рыла. Уи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит Гәлиа Дырмит иҳаракыра, ижәлар рахь имаз абзиабара.
Ишаҳдыруа еиҧш, 1919 шықәса жәабранмза 27 ҳаҧсуа жәлар рзы иҭоурых мшы дууп, усҟан Дырмит Гәлиа ибзоурала агазеҭ "Аҧсны" аҭыжьра хацыркын.
Раҧхьаӡатәи аԥсуа агазеҭ "Аҧсны", 1921 шықәсазы зыхьӡ "Аҧсны ҟаҧшь" ҳәа еиҭеикыз ҳаҧсуа культураҿы иааннакылоз, иахьа уажәраанӡагьы иааннакыло аҭыҧ ҳаҧсуа литература, ҳкультура, ҳпоезиа, ҳҭоурых аҟны даараӡа акраҵанакуеит.
Жәабранмза 27 арыцхә Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рзаанаҭтә ныҳәамшны иазгәарҭоит ҳтәылаҿы.
Убри инамаданы, Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека аҟны иазгәаҭан агазеҭ "Аҧсны" ҭыҵижьҭеи 105 шықәса ахыҵра. Уи еиҿкаан абиблиотека апериодикатә кьыҧхь аҟәша аиҳабы Мадона Џьапуаҧҳа лнапхгарала. Уаҟа иалахәын: агазеҭ "Аҧсны" аредактор хада Анқәаб Ахра, апрофессор-ажурналист Бебиа Екатерина, ажурналистцәа Реидгыла аиҳабы Руслан Ҳашыг, ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба, Кристиан Бжаниа, аредакциеиа абиблиотекеи русзуҩцәа, астудентцәа.
Аҧсуа жәлар ҳҿахәы ҳҳәаратәы ҳҟазҵаз, апатриарх ҳҭоурых аҟны наунагӡа даанхоит. 

Саида Ҳаразиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me