Марттәи ажәылара 31 шықәса ахыҵит. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҧсуа ар рзы зегь реиҳа итрагедиахаз, зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз, аха убриаан зегь реиҳа ифырхаҵаратәыз жәыларан.
1993 шықәса март 15 азы аԥсуа еибашьҩцәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара ахәы ҳаракырақәа рнапаҿы иааргеит. Амотохысратә архәҭақәа Гәымсҭа аладахьҟалагьы, аҩадахьалагьы ирыр акәын, нас жәҩанахьтә амшын аҟнытә ацхыраара рыманы аӷа раԥхьатәи ихырӷәӷәарҭақәа цҟьаны, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵар акәын. Аха ауха иаԥшьгаз ажәылара қәҿиара амаиуит.
Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, март 17-18 рзы ҳархәҭақәа шьҭахьҟа имгьежьыр ада ԥсыхәа рмоуит. Аветеранцәа изларҳәо ала, Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз марттәи ажәылара зегьраасҭа иуадаҩхеит, иҭахеит ҳаибашьцәа 222-ҩык, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Марттәи ажәылара акырӡа зҵазкуа етапны иҟалеит ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа ҵыхәаԥҵәала реилаԥыххааразы, Ҳаԥсадгьыл рықәцаразы.