Аҧсны Ахада Бадра Гунба идикылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳаб ҿыц Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу ҳџьынџьуаа рделегациа

Аиҧылара далахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.

▫️ Бадра Гәынба даҽазныкгьы ажәлар рыхьӡала Иауз Аҭрышба идиныҳәалеит ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ирҭаз агәрагара.

▫️ «Шәара раҧхьа иргылан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ветеранк иаҳасабала. Аҧсны ашәарҭара ианҭагылаз шәашьцәа шәрывагыланы шәыҧсадгьыл аз шәеибашьуан. Агәра ганы сыҟоуп иахьа шәнапы ианырҵаз аусгьы абас ҭакҧхықәра ҳаракыла шәшазнеиуа»,- иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

▫️ Бадра Гәынба иҳәеит афедерациа ахантәаҩы даналырхуаз аҽны ҭелла дышлацәажәаз ахадарахьы зкандидатура ықәгылаз Елиф Маршьанҧҳагьы.

▫️ «Лара иласҳәеит, уажәгьы еиҭасҳәоит-араҟа дыҟам иаиааиз, мамзаргьы иаҵахаз. Ҳаззегь ҳажәҩахыр еибыҭаны аус еицаҳуроуп ҳауаажәлари ҳаҧсадгьыли рзы ихадоу аусқәа рзы, - азгәеиҭеит Ахада.

▫️ Иауз Аҭрышба Аҧсны Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәаларазы, иазгәеиҭеит ивагылоу иҩызцәеи иареи еснагь Аҧсны ҧхьаҟа изго аусқәа рҿы Аҳәынҭқарра Ахада ишивагылоу.

▫️ Аиҧылараҿы ирзааҭгылан Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәеи Аҧсныи реимадара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me