Аԥсны атәылахьчара Аминистырраҿы Арбџьармчқәа напхгара рыҭаразы аоперативтә-мобилизациатә еизара мҩаԥган

Аизара мҩаԥган Арбџьармчқәа рҿы ԥхынҷкәынмза 1 азы ихацыркыз аҵарашықәс ҿыц алагара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аизара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Уи Арбџьармчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба ихьӡала хаҭалатәи аилазаара аҵарашықәс алагара рыдиныҳәалеит, рзанааҭтә дырра аизырҳара иамоу аҵакы хада азгәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи ашәарҭадаратә проблемақәа, иҳәеит адунеитә политикаҿы аҭышәынтәалара шыҟам, адәныҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу, убри инамаданы Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәаразы аеффективра злоу ауснагӡатәқәа шаҭаху.

Абри инадҳәаланы, атәыла ашәарҭадара асистема акомпонентқәа зегьы рырҿиара акыр аҵанакуеит, арратә, ауаажәларратә, аинформациатә, аекономикатә хырхарҭақәа налаҵаны.

Ақәгылараҿы хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Арбџьармчқәа реиӷьтәра иазку ауснагӡатәқәа.

Беслан Бигәаа иазгәеиҭеит аруаа хкы рацәала русеицура, амобилизациатә лшарақәа, ҳаамҭазтәи азнеишьақәа, истандартым аибашьратә формақәа рырӷәӷәара шаҭаху.

Аруаа рмаҵуратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра, арҵаратә система арҿыцра, аҵара-материалтә база арӷәӷәара, акыр зҵазкуа зҵаараны ишыҟоу.

Аизараҿы аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара ашьақәгылара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, 2026-тәи аҵарашықәс азы Арбџьармчқәа разыҟаҵаразы ахырхарҭақәа ирзааҭгылеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me