Аԥсны аенергетикатә комплекс аҿиара иазкуп Аҟәа имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара

Аиԥылара мҩаԥыргеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәараҿы иалацәажәеит Аԥсны афымцамч аиқәыршәареи афымцатә цәаҳәақәа рырҿыцреи рзы ихадоу азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ареспублика аенергетикатә система аҭышәынтәалареи аеффективреи рзы аусеицура. 

Урыстәылатәи Афедерациа ари аус аҿы адгылара ҟанаҵоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me