Аслан

Аслан

Ԥхынгәымза 9 азы 75 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ,амилаҭтә категориа аӡбаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра Аминистрра абҩарҵәыреи, аспорти, аррахь ааԥхьара аԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәеи рыҟәша аиҳабы, Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә олимпиатә еилакы алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ||| аҩаӡара занашьоу Аслан Қәҭи-иԥа Ҭаркьыл.
Изеиӷьаҳшьоит аманшәалара, ашықәс рацәа агәабзиара ацны!

Аҟәа ақалақь Амш есышықәса иазгәарҭоит ииуль мза алагамҭаз. Убас, сынтәа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан ииуль 5-6 рзы. Заа ишьақәыргылан аусмҩаԥгатәқәа рплан, егьеихшан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

Ианбанӡа ас?..

Ԥхынгәы 08, 2024

Акырӡа азхәыцра зҭаху аамҭа ҳҭагылеит... Асоциалтә бызкаҭаҳақәа рҟны ҽнакымзар ҽнак угәы ҭызшьаауа ажәабжьқәа улаԥш рықәшәоит. Ҳԥеиԥш зыхьԥшу аҿарацәа аӡәаӡәала ҩыџьа-ҩыџьала иҭахоит... Ԥеиԥшс иҳамоузеи? Ҳабакылыргои арҭ ахҭысқәа? Зышҟа ҳхы ҳархода? Ацхыраара ҳазҭода? Иабаҟоу ҳахдырра?
Ажәлар зегьы ргәы иҵхо ҭакда иаанхо азҵаарақәа жәпакы!?..
Ирымоузеи ӡбышьас? Ианбанӡа ас?

Ииуль 6 рзы, Аҟәа ныҳәа дук еиԥш иазгәарҭеит ҳаҳҭнықалақь 2508 шықәса ахыҵра амш.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь ҳаиасаанӡа, ҳазыхынҳәып маҷк Аҟәа аҭоурых, аҵарауаҩ Анзор Агәмаа инҵамҭақәа «Старый Сухум» аҟнытә.

Иахьа ԥхынгәы 8 азы адунеи зегьы аҟны иазгәарҭоит аҭаацәара Жәларбжьаратәи амш. Аҭаацәара – абзиабареи агәырӷьареи рыла еибаркуп. Насыԥ рымоуп бзиабарала иҭәу аҭаацәараҿы ииуа ахәыҷқәа, уи хымԥада даара акыр аҵанакуеит ԥхьаҟатәи рԥеиԥши, хаҭарак аҳасабала рышьақәгылареи рҿы.

Аҭаацәареи, абзиабареи, азиашареи рымш аҽны, аилибакаареи  агәабзиареи шәзеиӷьаҳшьоит. Шәҭаацәараҿы аизҳазыӷьареи, аҳәоуеиқәшәареи, анасыԥ лашеи аҳра рымазааит еснагь.

Аҟәа — ижәытәӡоу адунеи ақалақьқәа иреиуоуп. Сынтәа уи 2508 шықәса ахыҵуеит.

Раԥхьаӡа акәны ара ауаа реиланхарҭа шьақәгылеит ҳәа иазгәарҭоит ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы, уи аахижьҭеи ҩ-нызқьи бжаки шықәса иҵхьоу ирылагӡаны аҭыԥантәи ашьхарыуа жәларқәа аԥсилқәеи абазгқәеи ркультурақәа еилаҵәон, урҭ ирылаҵәон еиуеиԥшым егьырҭ акультурақәагьы - абырзенцәа, генуиаа, аурымқәа, византиаа, аҭырқәцәа, аџьамцәа, аурысцәа уҳәа аӡәырҩы.

Аха аԥсуа абиԥарақәа ашәышықәсақәа ирылганы рмилаҭтә хаҿра еиқәырхо, рбааш-хьыҵәцарақәа хьчо иаҳзааргеит иахьа ҳзызгәыдуу, ҳабла аҷыц еиԥш ҳзеиҷаҳауа ҳаҳҭнықалақь.

Наунагӡа Аԥсни уареи шәеигымыз, ҳара ҳ-Аҟәа!

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа рыла еиҿкаау ансамбль «Нарҭ» рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи афестиваль «Op Roakeldais» ҳәа изышьҭоу. Уи рашәарамза 24 инаркны 30 рҟынӡа Нидерланды имҩаԥысуан.

Ансабль «Нарҭ» аԥҵан 2019 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ақалақь Сақариа аԥсуа-адыга ҿар. Уи адунеи атәылақәа зегьы рҟны еицырдыруа, акәашаратә коллективқәа рыбжьара, ицәырнагеит аԥсуааи адыгааи ркультура ҷыда.

«2023 шықәсазы Польша имҩаԥысыз афестиваль ҳалахәын, сынтәа ҩынтәны Нидерланды имҩаԥысуа ҳхы алаҳархәоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳмилаҭтә кәашарақәеи амузыкеи рыла егьырҭ алахәылацәеи ахәаԥшцәеи ҳкультура ахьынӡаҵаулоу реилыркаара, уи аҵакы рызнагара. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳақәгыларақәа рыла аԥсуааи адыгааи ртрадициақәеи, рҭоурыхи, есыҽнытәи рыбзазареи раарԥшра, акультурабжьаратәи ҳаимадара арӷәӷәара» - ҳәа азгәеиҭеит ансамбль ахореограф Ерсин Кәыҵниа.

Саида Ҳаразиа

Google аиҭагара афункциа «Translate» акырӡа аҽарҭбааит ҳәа адырра ҟанаҵеит. Уаҟа 110-бызшәа ҿыцқәа агәылагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: аԥсуа, авар, ачечен, ауаԥс бызшәақәа.

Ԥхынгәымза 4 2006 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа аԥҵан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me