Аҟәа ихацыркхеит агастрофестиваль «Амандарин»

С. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ишьақәдыргылеит агәаҳәарақәа ртабло, уи Аԥсны ахсаала аформала иҟаҵоу архитектуратә инсталлиациоуп.

Афестиваль анымҩаԥысуа амшқәа ирылагӡаны изҭаху атабло иадирҷаблоит игәҭакқәеи игәазыҳәарақәеи ахьиҩыз абӷьыц. Уи раԥхьаӡа зхы алазырхәыз ракәхеит Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рзы Аԥсныҟа ԥсшьара иааз.

Асоциал-культуратә проектқәа рцентр «Аҵла» аиҳабы, афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниа иазгәалҭеит афестиваль аиҿкааразы 300-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра шадыԥхьало, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, аволонтерцәа, ахаатәыҟаҵаҩцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра, асасаирҭақәеи ақьафурҭақәеи русзуҩцәа.

Афестиваль анапхгараҭаҩцәа руаӡәк, Сариа Аргәын, иазгәалҭеит аусмҩаԥгатә хықәкы хадас ишамоу аԥсуа культуреи, атрадициақәеи, ибеиоу аҭоурыхтә ҭынхеи рӡыргара.

Афестиваль иаҭааз ирымоуп алшара аԥсуаа рысасдкылашьа лабҿаба абара, амилаҭтә маҭәа аӡахшьа аилкаара, аԥсуа чыс хаақәа ргьама абара, ачашә дуӡӡа, ицаҳәцаҳәуа арыжәтәқәа, аҵәы иахаҵаны иӡу акамбашь ажьы налаҵаны.

Аӡынтәи афестиваль «Амандарин» мҩаԥысуеит ажьырныҳәамза 6-10 рзы, уи еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Ахада игрантқәа рфонди Аԥсны
Аҳәынҭқарра атуризм аминистрреи. Аинформациатә дгылара арҭоит атуризм аминистрра, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me