«Иахьа шьыжьнаҵы зныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳҽеимаҳдахьеит, аха америкатәи аруаа Каракас аганахьала иҟарҵаз ажәыларақәа ирыхьҟьаны, аинтернет ҭышәынтәалам», - иҳәеит Барцыц.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистр иҳәеит Каракас иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа аус шауа.
«Ҳдипломатцәа ԥырхага рмоуит, ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа ацҳаражәҳәаҩ ицуп. Каракас агәыҭҟьара рацәоуп ҳәа мраҭашәарантәи ирыладырҵәо адырақәа ҵаҵӷәыдоуп», - ҳәа азгәеиҭеит адипломат.


