Ажьырныҳәамза 6-10 рзы Аҟәеи Тҟәарчали Ашықәс ҿыцазтәи афестиваль «Амандарина» мҩаԥгахоит

Афестиваль аартра иазку аныҳәа иалагоит ажьырныҳәамза 6, асааҭ 14:00 рзы, аԥсуа драматә театр аԥхьа. Аныҳәатә гәалаҟазаара шьҭырхуеит аԥсуа естрада артистцәа. Асааҭ 16:00 рзы еиҿкаахоит акәашареи афаер-шоуқәеи.

С. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы асааҭ 11:00 инаркны иалагоит агастромандарин, уа иҟалоит ачашә ду, арыжәтә цаҳәцаҳәқәа.

Ажьырныҳәамза 7 рзы Гәыма аплатформаҿы еиҿкаахоит Ашықәс ҿыцазтәи аџьырмыкьеи ахәыҷқәеи адуцәеи рзы амастер-классқәеи.

Ажьырныҳәамза 8 рзы Гәыма аплатформаҿы ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа аартхоит. Иара абра, агәаҳәара змоу зегьы алекциа иаҭаар рылшоит.

Тҟәарчал, асааҭ 11:00 рзы иаадыртуеит аетно-мурал «Аиҭаира».

Ажьырныҳәамза 9 асааҭ 14:00 рзы асасааирҭа «Интер-Сухум» аҿы амилаҭтә маҭәа иазку аицлабра мҩаԥгахоит.
Афестиваль аҿы зегь реиҳа иалукааша ахҭысқәа ируакхоит 50 метра иҟоу амандарина иалху аторт.

«Аторт еизгахоит аӡыршә иаакәыршаны С. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Ажьырныҳәамза 10 асааҭ 13:00 рзы аторт хиахоит, изҭаху зегьы уи азааигәара рпатреҭ ҭырхыр рылшоит. Асааҭ 14:00 рзы агьама абара иалагоит», – ҳәа еиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниа, Аԥсныпресс акорреспондент даниҿцәажәоз.

Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы асааҭ 11:00 рзы, «Амра амандарина» захьӡу ичмазаҩу ахәыҷқәа рзы аконцерт мҩаԥгахоит.

Иара убас, ажьырныҳәамза 10 рзы ажәҩан ахь идәықәырҵоит адиџьеи дызҭоу аҳаир мпышҭа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me