Урыстәылантәи адомпеиқәа – Аԥсныҟа

Аԥсны Кавказтәи адомпеиқәа реиҭарҿиара иазку аԥсуа-аурыс усуратә гәыԥ раԥхьатәи реилатәара мҩаԥысит Аҟәа.

Адомпеиқәа рырҿиаразы иманшәалоу ҭыԥны иалхуп Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра.

Аиԥылара иалахәыз адомпеиқәа реиҭарҿиаразы Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра азырхиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Раԥхьатәи адомпеиқәа аҳәырԥсаррахь раагара азԥхьагәаҭоуп 2026 шықәсазы лҳәеит «Урыстәылатәи аҳәырԥсаррақәа рцентр» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ольга Кревер.

«Ишьақәыргылоуп 2026 шықәсазы Аԥсныҟа иааргараны иҟоу адомпеиқәа рҭакырҭа. Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы шьаҿа-шьаҿа аплан рхиатәуп, уахь иаҵанакуеит адомпеиқәа ахьҭаркуа разырхиара,  ашәарах раанкылара, урыстәылатәи аган аҿы арахә рҳақьым иҟәынтәи ашәҟәқәа реиқәыршәара, аҳәаа ахысразы аусшәҟәқәа роура уҳәа убас ирацәаны. Абарҭ зегьы еиқәыршәатәуп абҵарамза 15-нӡа. Иҳамоу аҿҳәара инақәыршәаны аплан аиқәыршәара ҳҽазаҳшәоит», - лҳәеит лара.

Аԥснынтәи иарбоу аилацәажәара рхы аладырхәит аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, аекономикатә политиказеи,   аформақәеи, аинформациатә технологиеи ирызкк жәлар реизараҿы иҟоу аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аиҳабы Роман Дбар, абнатә нхамҩазы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Анзор Ашьхацаа, Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура Аусбарҭа анапхгаҩы Роман Џьопуа, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсарра аиҳабы Вианор Аҩӡба.

Урыстәылатәи аган ахьӡала иалахәын «Урыстәылатәи аҳәырԥсаррақәа рцентр» анапхгаҩы Ольга Кревер, Ҷыдала ихьчалатәиу аҭыԥқәа реизырҳаразы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә политика адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Софиа Толкачиова, Аԥсабарахьчареи аекологиеи жәларбжьаратәи, ҩ-ганктәи аусеицуразы Адепартамент аҟәша аиҳабы Наталиа Рошина, «Х.Г. Шапошникова ихьӡ зху Кавказтәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Ескин, «Х.Г. Шапошников ихьӡ зху Кавказтәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра» аузуҩы хада Сергеи Трепет.

Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилаки ҷыдала ихьчалатәу аҭыԥқәа реизырҳаразы Урыстәыла аҳәынҭқарратә политика Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Софиа Толкачовеи рнапы аҵарҩит Аԥсны-Урыстәылатәи аексперттә усуратә гәыԥ актәи аилатәара аԥкаанҵа, уи азкуп Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа ашьхатә домпеиқәа раагара.

Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи ҷыдала ихьчалатәу аҭыԥқәа реизырҳаразы Урыстәыла аҳәынҭқарратә политика Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Софиа Толкачовеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me