Аԥхарра зҵаз ахәылԥаз

Ааигәа апоет, аиҭагаҩ Денис  Кьаршьал-иԥа Чачхалиа 75 шықәса ихыҵра инамаданы, Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аҟны имҩаԥган уи иавтортә хәылԥазы.

Ахәылԥаз аартуа, Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қорсаиа иазгәалҭеит, Денис Чачхалиа ихаҭареи ирҿиареи  ирызкны ажәахәқәа рыҟаҵара шхымԥадатәим, абаҩхатәра злоу апоет, аиҭагаҩ, ажәа сахьарк азҟаза, еицырдыруа апоет-сатирик Кьаршьал Чачхалиа иԥа  иҿахәы иара иҳәартә дшыҟоу.

Анаҩс, ажәа иман аиубилиар, аха, уи дхәыҷахыс иҭаацәараҿы иаԥыз атрадициа  еиламгакәан, еснагь раԥхьа ажәа зырҭоз, иашьак иеиԥш иибо, апоет, апублицист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа шиакәу азгәаҭо, дрыҳәеит раԥхьа ажәа ирҭарц.

Владимир Занҭариа иажәа хацыркуа, «Алирикатә жәеинраалақәагьы бзианы ицааиуан, иаԥиҵон ажәеинраала шьахәқәа, аха Кьаршьал Чачхалиа асатира ажанр ала еиҳа деицырдыруеит, дрылаҵәеит» – иҳәеит Денис иаб ирҿиара даҩымскәан. Анаҩс, диасит Денис Чачхалиа ихаҭареи ирҿиареи рахь.

«Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа  ахааназы арҿиара амацара иаҿымызт. Хаҭала, Денис Чачхалиа иакәзар, уи  дыруаӡәкуп згәы каршәны арҿиара мацара иаҿым ашәҟәыҩҩцәа. Аԥсны еиқәырхатәын, ҳбызшәа, ҳҭоурых хьчатәуп иахьагьы, убри инамаданы Денис Чачхалиа арҿиара инаваргыланы ҳҭоурых аиаша аарԥшраҿы, уи аҿаҟәара иашьҭоу рҿаԥҽреи аҵабырг шьақәырӷәӷәаны, иҭҵааны рызнагараҿи, ҳҭоурых амаӡақәа раартра аџьабаа азибоит, аҭоурыхҭҵаара иазку ашәҟәқәагьы акымкәан иҭижьхьеит», – иҳәеит уи.

Иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит аурыс классикцәа дуқәа А.Пушкин, Ф.Тиутчев ражәеинраалақәа ҟазарыла ишеиҭеигоз, «Серебрянный век» ҳәа изышьҭору  иаҵанакуа апоетцәа: А.Блок, С.Есенин, А.Ахматова, М.Цветаева уҳәа ражәеинраалақәа аԥсышәала аԥсы шырхеиҵаз, авторцәа узымдыруазар, Денис Чачхалиа ихаҭа итәу џьушьартә.

Д.Чачхалиа ахәылԥаз хациркит Алеқсандр Константин-иԥа Чачба изку иажәеинраала ала.

Аиашазы, зхатәы жәеинраалақәеи  зеиҭагамҭақәеи зегь  еиламырцҳакәан, ҿырҳәала изгәалашәо, ааҭгылара бзиала ирыԥхьо, апоет, аиҭагаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ сизыӡырҩландаз угәахәуа, уигәылаихалон.

Ажәа азҟаза, иавтортә хәылԥаз аҟны, ажәеинраалақәа рыԥхьара инаҷыдангьы еиҭеиҳәон иԥсҭазааратә хҭысқәа, ихәыҷра, иаб, иара убас арҿиара иадҳәалаз ахҭысқәа.

«Саныхәыҷыз, лассы-лассы ачымазара сахьаргәамҵуаз аҟнытә, еиҳа иааигәан азы, аурыс школ ахь срышьҭит  сҭаацәа. Сашьеи саҳәшьеи  аԥсуа школ иҭан. Уи иахҟьаны аабатәи акласс аҟны  снеиаанӡа схатәы бызшәала сызцәажәаӡомызт. Аха  аԥсшәа аҵараҿы даара исыхәеит, есуаха саб ибжьы ҭыганы аԥсышәала иажәеинраалақәа дахьҳазрыԥхьоз. Хаҭала, саргьы иаҳәоз шысзеилымкаауазгьы ҿырҳәала исҵон аԥсуа жәеинраалақәа, издыруаз маҷмызт, саб иажәеинраалақәагьы  нарылаҵаны», – иҳәеит апоет ихатәы бызшәа аҵараҿы иаб ирҿиара анырра шинаҭаз азгәаҭо.

Автор  гәыраҳаҭла иаԥиҵо, џьара акы игәаԥхар, дыхнахыр, бзиа ибар, ихатә хәыцра, ицәанырра зныԥшуа ажәеинраала ега ибзианы иҩыргьы, иқәҿиаргьы, ажәлар  еицырзеиԥшу агәҭыха атәы азхәыцра еиҳа иҵауланы дшахәаԥшуа азгәаҭо, «Ухала уакәымкәа ажәлар зызхьаауа, ргәы иҵхо, рыгәҭыха атәы аарԥшра – агәамҵратә поезиа ахьӡуп. Уи еиҳа ирыдыркыло, иагьааӡагоу хшыҩзцароуп», – иҳәеит уи, ҿырԥшыс иааигоит агәамҵратә поезиа иаҵанакуа ажәеинраалақәа: «Аиаша», «Аиубилеитә» уҳәа реиԥш иҟоу.

«Монолог алычового сада» ажәеинраала, данаԥхьа  ашьҭахь, апоет инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари ажәенраала «сымгәаҟкәан, имарианы схаҿы иааиз цәаҳәақәоуп, нас ажәеинраала злыҵыз», – иҳәеит уи ажәеинрала шиҩз аҭоурых дазааҭгыло.

«Ночь осени», «Настальгия», «Прощальное письмо Отечесту» уҳәа хаҭала, Денис Чачхалиа Алеқсандр Чачба изку иажәеинраалақәа данрыԥхьоз  ашьҭахь, иазгәеиҭеит «ажәеинраалақәа  дрыԥхьацыԥхьаӡа уи иаҵоу аҵаулара дшеимнадо, есааира  дшацыԥсуа.

Аха ажәеинраалақәа рзыӡырҩра ашьҭахь иқәгылаз аӡәырҩы иазгәарҭеит ажәеинраала зтәуи еиҭазгази реиҩдыраара шымариам.

Ас еиԥш агәаанагара шимаз азгәеиҭеит, Д.Чачхалиа иеиҭеигаз А.Блок иажәеинраала иаԥхьаз актиор Саид Камкиагьы.

Ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа иқәгылараҿы лафны иазгәеиҭеит, «аԥсышәала аиҭагара уадаҩуп, иалҵуам ҳәа лассы-лассы иашшуа рацәаҩуп, аха Денис Чачхалиа иеиҭеиго зегьы аханатәгьы аԥсышәала иҩызшәа  еихышәшәа ицоит, ахьхьаҳәа аԥсышәала ицәажәоит. Аԥсуа бызшәа амч амоуп, ибеиоуп, уи арҵабыргуеит Денис инапҟазара» – иҳәеит уи.

Иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит, уи ԥсабарала илоу абаҩхатәра иацназго шыҟам, еиҿибаауа аусқәа шырацәоу, илагала шмаҷым, ирҿиара акәзар абаҩхатәра иашаҵәҟьа, адунеи иақәлахо акәны ишыҟоу.

Апоет, аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа хаҭала, аиҭагара аус аҿы Денис Чачхалиа иҿиҵааз шырацәоу, уи аганахьала имоу аихьӡарақәа шибзоуроу наҵшьны иазгәеиҭеит иқәгылараҿы.

Москватәи  алитературатә институт аҟны апоет, аиҭагаҩ курск аҟны аҵара ицызҵоз апоет Геннади Аламиеи аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәбеи ажәа рыман.

Геннади Аламиа  дазааҭгылеит Денис Чачхалиа идҳәалаз, аҵара анырҵоз аамҭа иадҳәалаз игәалашәаратә хҭысқәа. Руслан Гәажәба иакәзар, даҩымсит Денис Чачхалиа инапы  злаку, иеиҿибаауа аусқәа шырацәоу, иџьабаа шмаҷым, аха аҭоурыхҭҵаара аганахь ақәҿиарақәа шааирԥшуа . Иага иуадаҩзаргьы уи аус иациҵарц иабжьеигеит хаҭала, аҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала.

Ажәытә аԥсуа архитектура иазкны, Амшын Еиқәа дакәшаны, иҭҵааны иҭижьыз ашәҟәы – рҵагатә шәҟәны иҟазар аҿар рзы иааӡагоуп ҳәа агәаанагара  имоуп уи.

«Сара саб сиеиԥшӡам, уи деиҿамсын, иҿаԥиҽуан амчра змаз, ахархьуаа, рыграқәа, рҟазшьа бааԥсқәа, сатиратә ажәала, ҟазара ҳаракыла иааирԥшуан», – ҳәа азгәаҭо, акыр шықәсқәа раԥхьа ииҩхьаз асатиратә жәеинраалақәа иахьа иҩызшәа, ҳаамҭа иақәҿнаҭуа иҟоуп. Михаи Бӷажәба изкыз усҟантәи аамҭазы, азныказы зкьыԥхьра  алмыршахаз, хаҭала, апоет иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь акьыԥхь збаз ажәеинраала «Бинаҟи» даара ажәа цҳафырла иаԥҵоу  Кь.Чачхалиа исатиратә жәеинраалақәа иаарылукааша  «Бадӷеи» дрыԥхьеит аиубилиар.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, аԥсуа литературеи ҳдоуҳатә культуреи рҿы, ҳҭоурых, ҳбызшәа  реицамкреи реиқәырхареи рҟны злагала рацәоу апоет, аиҭагаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа  занашьоу Денис Чачхалиа иеихьӡарақәа рӷьырак зыбзоуроу, дымҩақәызҵоз иарӷьажәҩа Мариа Гыц-ԥҳа ашәҭ шьыҵәрақәа ҳамҭас илырҭеит, лхатә ҩыза игәахәтәхьӡараҿы лџьабаа азы.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me