Аԥснытәи аҳақьымцәа – Москва

Агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа  Москва ақалақь аҿы жьҭаарамза 22–23 рзы имҩаԥысыз IV Амилаҭтә конгресс «Национальное здравоохранение» ахы аланархәуит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аделегациа аилазаараҿы иҟан агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба,  Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо  Ерик Ҳаҭхәа, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа ада аҳақьым- арентгенолог Сариа Лакоба.

IV Аконгресс апрограмма иалагалоуп амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара анапхгараҭара, афедералтә проектқәа рынагӡара, агәабзиарахьчара асистема афинанстә ҭышәынтәалара алыршара, ацифратә трансформациа, агәабзиара аиҷаҳара алзыфршо аҭагылазаашьақәа раԥҵара, изҩыдоу акрыфара аларҵәара, уҳәа ирыдҳәалоу ихадоу азҵаарақәа.

Едуард Быҭәба аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иааԥхьарала.

Аконгресс иара убас рхы аладырхәуит: Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Оксана Лут, Москва ақалақь ахада Сергеи Собианин,  Липецктәи аобласт агубернатор Игор Артамонов, Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк» («Сбербанк») апрезидент, Герман Греф, Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху  аепидемиологиеи амикробиологиеи  рзы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә центр адиректор ихаҭыԥуаҩ Денис Логунов, Урыстәыла Афедералтә амедицина-биологиатә маҵзура анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Татиана Иаковлева, Афедералтә маҵзура «Урыстәылагәабзиарахьчарахылаԥшра» («Росздравнадзор») анапхгаҩы Алла Самоилова, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра агәабзиарахьчара аинформатизациеи аиҿкаареи рзы аҭҵаара-дырратә Институт ада адиректор Ольга Кобиакова уҳәа убас егьырҭгьы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me