Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Герман Каҷараа дыдирдырит

Аҳәынҭқарра Ахада Исидор Дочиа иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, ахада ҿыц ақәҿиарақәа изеиӷьишьеит.

Исидор Дочиа Аҳәынҭқарра ахадеи Араион ахадара аколлективи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ҳусура иалагӡаны дыррала ҳаицеизҳауан, аус бзиақәа ҳарҿын, ҳтәылеи ҳраиони реизҳазыӷьаразы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон», – иҳәеит Дочиа, ахада ҿыц изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Герман Каҷараа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иааирԥшыз агәрагаразы.

«Агәра ганы сыҟоуп Тҟәарчал ауааԥсыреи атәыла анапхгара рыцхыраареи ирыбзоураны ҳақалақь аизҳазыӷьаразы ҳаԥхьа иқәгылоу адҵақәа зегьы қәҿиарала рынагӡара шҳалшо. Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Исидор Шьалодиа-иԥа.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақалақь азы шаҟа ҟаҵаз умбарц залшом. Ҳаргьы абри ахырхарҭала аҿиара иацаҳҵоит, ақәҿиарагьы ҳауеит ҳәа агәыӷра сымоуп. Ҳакзаараҿы иҟоуп ҳамч», - иҳәеит иара.

Аиԥылара далахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me