Адоуҳа ахәышҭаара

Аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амҩаду аҿы игылоу, алитература-мемориалтә ҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара алагара хҭыс духеит ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы.

Акыр аамҭа ҳаззыԥшыз акапиталтә ремонт ахыбра хыхь-хыхьла аиҭашьақәыргылара, мамзаргьы ауасхыр арӷәӷәара мацара акәӡам иаҵанакуа, зыӡбахә цо шьаҭанкыла зегьы аԥсахра ауп. Уажәтәи аусурақәа рымҽхак змоу араҟа зныкгьы имҩаԥырымгаӡац. Аҩны ашьаҭа инаркны ахыб аҟынӡа зегьы ԥсаххоит. Убри аан, аргылаҩцәа рҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәгылоуп акультуратә ҭынха уаанӡатәи ахаҿра ацәмырӡра.

Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Маҷк иадамхаргьы аҭоурых уагәылалозар, ари аҩны асду иақәлоуп, иара аргылара иалаган 1911 шықәса рзы, аусурақәа зегьы хыркәшан 1912 шықәса азы. Уи аахыс, уаҟа зныкгьы асеиԥш ишьаҭанкылатәу аремонт мҩаԥымсыц. Амузеи аеиҭашьақәыргыларазы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аиҳабыра рахь ашәҟәқәа еиқәыршәаны инашьҭын. Аха, аусурақәа ирықәхарџьтәу ҳәа иазԥхьагәаҭаз шаҟа ирацәаз ҳасаб азуны урҭ ақьаадқәа ақәҿҭрада иаанхон. Амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиа иазгәалҭоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҩны-амузеи напхгара азҭоз ауаа аиҳабыра рахь ирыҩхьаз ҵҩа змам ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара ԥхьаӡашьагьы шамам. Уажәшьҭа жәашықәсоуп Светлана Қорсаиа аҩны-амузеи еиҳабыс дамоижьҭеи. Лара илҳәоит жәаҩык аусзуҩцәа рыла ишьақәгылоу аколлектив иааиԥмырҟьаӡакәан аусурақәа шымҩаԥырго хәы змам аекспонатқәа реиқәырхаразы. Амузеи аҿы иҵәахуи ицәыргақәҵоуи аекспонатқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аклассик инапылаҩырақәеи, аԥсҭазаараҿы хархәара зиҭоз амаҭәарқәеи. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа аекспонатқәа рҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахон, ацәаакыра анапылаҩырақәа анырра ӷәӷәа рнаҭеит. Арҭ аусурақәа рхацыркра зыда ԥсыхәа амамыз акәын.

«Ҳадгыланы ҳаҟан зхысшьа ҳамамыз ацәаҳәа. Ҳрыбжьагылан аекспонатқәа ргьежьышьа рымамкәан ианаҳцәыӡуази, макьана еиқәырхашьак руҭартә ианыҟоу аамҭ­еи»,-лҳәеит амузеи аиҳабы. Аиҭашьақәыргылара иахьатәи аамҭа иақәшәо аметодқәа рхархәарала имҩаԥгахоит, аха ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха аҳасабала иамоу астатус инамаданы, аҩны архитектуратә ҭеиҭыԥши аоригиналтә хаҿреи еицакрада иаанхоит. Аусура хацыркын аекспонатқәа рдәылгаразы реизгареи, рыҵәахра азырхиареи рыла. Анаҩс аргылаҩцәа ииасит ахыбра «аилыхрахьы». Уи иаанаго иамхтәу зегьы амхны, аремонт алагара азырхиара ауп. Адиректор Светлана Қорсаиа ишылҳәаз ала, жәлар рпоет инапҩымҭақәагьы уахь иналаҵаны, хәы змаӡам аекспонатқәа раӷьырак аамҭалатәи аҵәахразы Амилаҭтә библиотекахь ииагоуп.
"Рыцҳарас иҟалаз, ацәаакыреи аамҭеи ирыхҟьаны ааха зауз анапылаҩырақәа, аспециалистцәа адгаланы аиҭашьақәыргылара рҭахуп. Урҭ рыԥхасҭахара аанкылареи рыхьчареи рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ҳхықәкқәа иреиуоуп", - ҳәа азгәалҭеит лара. Уажәазы амузеи аркуп, аха аусзуҩцәа аусура иныҟәоит, урҭ русура иацырҵоит аиҭашьақәыргыларақәа аҵыхәтәанынӡа иахьрыламго ауадақәа рҿы.

Аусурақәа рымҽхак даара иҭбаауп, дара мҩаԥыслоит еихшаны, актәи аетап азы аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 38 миллион мааҭ. Аргылаҩцәа зықәныҟәо апрое­кттә-сметатә шәҟәы инақәыршәаны, акапиталтә ремонт рзухоит ауадақәа зегьы. Ахыбра инаркны, афымцацәаҳәақәеи, аӡымҩангагақәеи, аҳауарԥхагатә системақәеи, аҭыӡқәеи, адашьмақәеи рҟынӡа. Еиҭашьақәыргылахоит ахыбра иақәлоу аҩныҵҟатәи ауадабжьаратә ашәқәа.
Аԥсуа культуразы ари аҩны иамоу аҵакы алацәажәара уадаҩуп, избан акәзар, уи убри аҟара иҳаракуп. Араҟа аԥсуа классик Дырмит Гәлиа иаԥиҵон ԥсра зқәым иҩымҭақәа, ихәыҷқәагьы абраҟа ирызҳаит. Ари аҩны иаҭаахьан Кавкази аҳәаанырцәи еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа аӡәырҩы. Арҭ аҭыӡқәа иргәалашәоит аԥхарра зҵаз ахәылԥазқәа, аҽҳәаҿы ианыхәмаруаз аклассик ихәыҷқәа, иара ианиҩуаз ԥсра зқәым иаԥҵамҭақәа.
Амузеи аҿы еизгоу 20 000 инареиҳау аекспонатқәа ҳтәыла аҭоурых азы илыԥшаахқәоу роуп. Араҟа иҵәахуп Дырмит Гәлиа иҭаацәа амузеи иарҭаз, уаанӡа амузеи аҿы ирымамыз аклассик инапылаҩырқәеи, асахьақәеи. Светлана Қорсаиа лажәақәа рыла, ҳтәылаҿы иҟаӡам алитературатә центр, аха Гәлиа иҩны-­амузеи аҿы аклассик ихьӡ зху апремиа алауреатцәа зегьы ирызку аинформациа еизгоуп. Уи инаҷыданы, аԥсуа литература иазааԥсахьоу ашәҟәыҩҩцәа ранысымҩеи, рфотосахьақәеи, ирызкәу аинформациеи еизыргоит. Ари аусура хыркәшаӡам, макьаназы аидкылара иаҿуп. Светлана Қорсаиа илҳәоит амузеи злалитература-мемориалтәу ала, ари аусгьы анагӡара аҭахны ишылыԥхьаӡо. «Амузеи аԥсы ҭазароуп, уи азы иара агәеисыбжь ауаҩы иаҳауазар ауп, ауаа аҭаауазар ауп»,- лҳәоит аҩны-амузеи аиҳабы.

Амузеи лассы-лассы иаҭаауан ашколхәыҷқәа, араҟа еиҿыркаауеит алитературатә хәылԥазқәа. Дырмит Гәлиа имузеи еснагь иалахәуп «амузеиқәа рыҵх». Аха, аиҳабы лажәақәа рыла,ахыбра ауашәшәырара ҳасаб азуны, даҽа ҭагылазаашьак аҿы дара зымҩаԥгара рылшоз аусмҩаԥгатәқәа рыбжагьы рзынагӡомызт. Аԥхын аамҭазы акәзар, амузеи ахь имҩахыҵуеит аԥсшьаҩцәа. Дара рзы ахыбра аҩнуҵҟа «аныҟәарақәа» мҩаԥыргоит, ицәыргақәҵоу аҭынха аҭоурых еиҭарҳәоит анаукаҭҵааратә усзуҩцәа. Светлана Қорсаиа илҳәеит дара ишрымам ҷыдала аекскурсиамҩаԥгаҩцәа. Аха, аҭҵаарадырра знапы алакәу аусзуҩцәа еиҳагьы аинтерес аҵаҵаны, адырра ҵаулақәа аарԥшны ишеиҭарҳәо.Уи аҭааҩцәа даара гәахәара шырнаҭо.
Дырмит Гәлиа иҩны амузеи астатус аиуит 1974 ашықәсазы, ашәҟәыҩҩы идунеи аниԥсах ашьҭахь, жәиԥшь шықәса рнаҩс. Ашықәс рацәа рыҩнуҵҟа аклассик идоуҳатә ҭынха еиқәырханы иаазгоз ирылшеит амузеи аҿы даҽакы иаламҩашьо аҭагылазаашьа аԥҵара. Уи ашәхымс уанынхыҵуа инаркны, аҩажәатәи ашәышықәсахь угьежьызшәа ацәаныррақәа уоуеит. Ихацырку аремонт аныхдыркәшалак ашьҭахьгьы, ҿыцла иҟаҵоу амузеи аҿы, аҩны аԥшәма абыржәы дындәылҵызшәа, минуҭқәак рнаҩс дааҩналоушәа агәаанагара узцәырҵыртә иаанхароуп.

Хазы игоу зҵаароуп ахыбра акәша-мыкәша изакәанымкәа иргылоу, амузеи иазааигәацәоу егьырҭ аобиектқәеи, ишьақәыргылоу аандақәеи ртәы. Аамҭак азы аҩбатәи аихагыла иатәыз уадақәакгьы амузеи иацәыӡны иҟан. Аибашьра ҟалаанӡагьы урҭ ауадақәа ахатәрахьы ииаган, аҭаацәарақәа рыҩнан. Аҳәынҭқарра ахадара иҟарҵаз афинанстә дгылара ацхыраарала, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы, уадақәак ирыҩназ рҟнытә иаахәаны амузеи иазыргьежьын. Аха, иахьагьы ауаа зыҩноу ауада ыҟоуп, уи аахәаразы макьана ацәажәарақәа ыҟаӡам. Светлана Қорсаиа илҳәеит аремонт анаҩсгьы иӡбатәу азҵаарақәа шмаҷым, аха ари имариам аус аҿы ражәа шеибыҭоу амузеи аусзуҩцәеи, аргылаҩцәеи. Иазгәалҭеит апроект аус анадырулоз уи ишадыԥхьалаз амузеи аусзуҩцәагьы, ҳасаб шрыҭаз урҭ иҟарҵаз ажәалагалақәа. Аусурақәа зегьы анхыркәшахалак, еиҭашьақәыргылоу амузеи аҿы алитературатә хәылԥазқәеи, алекциақәеи, аиԥыларақәеи рымҩаԥгаразы алшарақәа ҟалоит.

 Елана Лашәриа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me