Ацәыргақәҵа азкуп Баграт Шьынқәба иажәеинраалоу ироман «Ахра ашәа» амотивқәа рыла, арежиссиор Владимир Савельев иҭихыз афильм «Хҭырԥа шкәакәа» ҭыҵижьҭеи 50 шықәса аҵра. Уаҟа иӡбахә ҳәоуп жәлар рфырхаҵа Ҳаџьараҭ Кьахьба.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп еицырдыруа афильмқәа рзы иаԥҵаз 20 инареиҳаны акиноплакатқәа. Урҭ рызкуп «Хҭырԥа шкәакәа», «Ҳшыбзиоу ҳаиԥырҵып» «Ашьҭазааҩ», «Асахьаҭыхҩы иԥҳәыс лпатреҭ» уҳәа убас егьырҭгьы. Зегь реиҳа ижәытәӡатәиу аплакат шәы-шықәса инареиҳаны иахыҵуеит. Урҭ зегьы Ибрагим Ҷкадуа ихатә коллекциаиа аҟынтәи иаагоуп.
Ацәыргақәҵа жәабранмза 22 рҟынӡа имҩаԥыслоит.


