Шәагаала имаҷу ари агалереиа изныкымкәа аҭааҩцәа аргәырӷьахьеит.Уи деиҳабуп асахьаҭыхҩы қәыԥш Аԥшьа Ҳагба.
Уажәы иаарту ацәыргақәҵа еиднакылоит аҿыханҵа, аграфика, акерамика, агравиура, амакет. Иуԥылоит иҿыцу асахьаҭыхҩцәа рыхьӡқәа: Саид Какалиа «Мамзышьха». Мактина Гогиа, аграфика, Карина Чолокиан «Аԥенџьыр уандәылыԥшуа». Идаеҭ Аҭрышба, аскетч, Асҭамыр Ешба «Анышь», Саида Кәыҵниаԥҳа «Хьӡыда». Николь Барцыц, Мадлена Барцыц «Иааԥхьамыз асас». Адамыр Аршба «Ишьҭоу Венера», Сана Ҭарба. Убас иҵегьы русумҭақәа улаԥш рыдхалоит, удыргачамкуеит. Иааидкыланы зегьы 26-ҩык асахьаҭыхцәа ҿарацәа рҭыхымҭақәа цәыргоуп абра.
Аҭааҩ аинтерес ду изцәырнагоит «Иааԥхьам асас» зыхьӡу Мадлена Барцыц лҭыхымҭа. Араҟа аҳра руеит аԥшшәы хадақәа ҩба – ашкәакәеи аиқәаҵәеи. Асахьаҭыхҩы қәыԥш Олег Ҷедиа иаԥиҵаз «Апроцессқәа» зыхьӡу дахцәажәо иҽааиртуеит: «Сара еснагь мҩанызас, мшынҵак еиԥш исыцуп – «аскетчбук». Уи еиднакылоит сыхшыҩҵак, сцәаныррақәа, сыбзиабара, сгәырӷьара, сгәынамӡарақәа. Ари сҭыхымҭаҿ 2025-тәи ашықәстәи сыԥсҭазаара анырԥшуп, фрагментцыԥхьаӡа – сыԥсҭазаара ашәымҭақәа ирызкуп, урҭ аԥҵоуп, каламла, атыҩша, акварель рхархәарала. Еснагь ашәыгеи аши унапаҿы иҟам. Убри азы уцәа ианырыз иаразнак аш ахь иузиагом. Сара еснагь аҩыга калами, аблокноти сыцуп. Урҭ сара даара исыцхраауеит сҭыхраҿы. Убри азы абраҟа ишәсырбоит раԥхьатәи – аоригинал, ари аусумҭа – аартратә актуп. Схы снардыруеит, сҽаасыртуеит. Сыԥсҭазаара афрагментқәа акны еидыскылоит, нас исылшоит аганахьынтә ахәаԥшра. Исыҵанаҳәоит сызусҭоу, сахьцо, насгьы дарбан сара сзын зегь реиҳа ихадоу» – абас иҟоуп асахьаҭыхҩы қәыԥш иҭыхымҭа «Апроцессқәа», иациҵо афилософиатә лкаа.
Ацәыргақәҵаҿ иҟоуп иара убас акыр ишьақәгылахьоу асахьаҭыхцәа: Аԥшьа Ҳагба «Амҩахыҵырҭа», Манана Габлиа «Амшын аилашыҩкра», «Апельсин ҵлақәа», Диана Хынҭәба «Х-гәазыҳәарак. Аԥхыӡқәа» зыхьӡу раԥҵамҭақәа.
Агалереиа «Auada» иаҭаарц зҭаху ари ацәыргақәҵа уаҟа иҟазаауеит март мза агалагамҭазынӡа. Ааԥын алагамҭаз араҟа иазгәаҭоуп асахьаҭыхҩы қәыԥш хаҭалатәи лцәыргақәҵа аиҿкаара.
Наира Сабекиа


