Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
СССР аспорт азҟаза, Леон иорден занашьоу Георги Блаб игәалашәара иазку абокс азы ҩажәижәабатәи Жәларбжьаратәи аиубилеитә турнир мҩаԥысуеит Пицунда ақалақь аҿы.
Георги Блаб дҭахеит 1992 шықәса жьҭаарамзазы Гагра ақалақь ахақәиҭтәраан.
Пицунда имҩаԥысит аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡнытә аԥхьахә иаԥсахахьаз Саида Гәынба лгәалашәара ахьӡала, атлетика лас азы иаарту ареспубликатә турнир. Уи рхы аладырхәит ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гал, Гәдоуҭа рҟнытә 2007 ш. рзы ииз, иреиҳабацәами, 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз иреиҵбацәами 70-ҩык рҟынӡа аспортсментцәа.
Ауаҩытәыҩса иеилкаара изҭамыкӡо, аарлаҳәа ажәҩан иаҵубаауа аеҵәа аҟара ихароу аиаша, ҳныха ԥшьақәеи ҳшәаԥыџьаԥи зшаҳаҭу, ажәала еиҭаҳәашьа змам, зыбла иамбаз изхамҵо, агәышьҭыхраз мацара ирҳәо афырхаҵара инадҳәало иузеиҭаҳәашам иаалырҟьан ҳажәлар ирзыҟалаз атрагедиа ду, аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны ҳажәлар ирылдыршаз.
Аҟазара адунеиаҿы ажәларқәа еидызкыло ахьтәы цҳа иаҩызоуп.Абар жәашықәса ҵуеит Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи жәларбжьаратәи ашәаҳәаҩцәа рфестиваль. Уи еиҿкаауп Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр абзоурала. Анапхгаҩы Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Нури Ермеи-иԥа Кәарҷиа.
Иниакәкәа ицеит ҩажәи жәеиза шықәса. Ԥсҭазаарак зҭаугӡаша ари аамҭа, аибашьра зхызгаз, аибашьра ашьҭахьгьы ихьанҭаз аамҭақәа ирхысыз, иахьа аҿиара амҩа иану иқәыԥшу аҳәынҭқарразы қәра дуӡам аихшьаалақәеи алкаақәеи рыҟаҵаразы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иахаану зегьы ҳаԥсҭазаара уаанӡеи уи ашьҭахьи ҳәа еиҟәызшаз аибашьра хлымӡаах, иагьа аамҭақәа царгьы ҳгәалашәарақәа ирнымҵуа акәны иаанхоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи ргриф ала Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аиубилеи аҳаҭыр азы ааигәа иҭыжьуп «Абиблиографиатә рбага».
Д.И. Гәлиа ииубилеи инамаданы иҭыжьу ашәҟәы аҟны еидкылоуп уаанӡа хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьаз исахьаркыратә ҩымҭақәеи ажурналқәеи, агазеҭқәеи, аизгақәеи ирнылахьоу ипублицистикатә статиақәеи рбиблиографиатә рбага. Уи еиқәыршәоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.
Аҭыжьымҭа еиқәдыршәеит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иаҵанакуа ашәҟәытә палатеи амилаҭтә литературеи атәылаҿацәҭҵаареи рыҟәшақәа.
Аҭыжьразы аҭакзыԥхықәу ҳәа иԥхьаӡоуп: Б.Ҷолариа, А.Агрба. Еиқәдыршәеит: Л. Берулаа, Л.Шьынқәба. Компиутерла аиқәыршәаҩс дамоуп С.Белогур, адизаин – И. Елерџьиа.
Абиблиографиатә рбагаҿы иалкааны иазгәаҭоуп Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку алитература. Уи қәкыс иамоугьы иҟоу алитература аилыркаараҿы, ардырраҿы аԥхьаҩцәа инарҭбааны ацхыраара рыҭара ауп.
Арбагаҿы ишазааҭгылоу еиԥш, уи шьаҭас иамоуп Амилаҭтә библиотекаҿы еиқәыршәоу акаталоги акартотекеи, насгьы Л.Тарнааи Шь.Гәарамиеи апоет изку рбиблиографиатә рбагақәа, У. Аҩӡба еиқәиршәаз «Аԥсуа биографиатә жәар», «Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи алитератураҭҵааҩцәеи рышәҟәқәа», В.Бигәаа, В.Аԥҳазоу рышәҟәы «Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: абиблиографиатә жәар» (урысшәала).
Зыӡбахә ҳамоу аҭыжьымҭа «Абиблиографиатә рбага» рхы иадырхәар рылшоит, алитератураҭҵааҩцәа реиԥш, арҵаҩцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, Д.И. Гәлиа ирҿиаратә мҩа иазҿлымҳау зегьы.
Ашәҟәы ахархәаразы иманшәалоуп, еихшоуп абарҭ ахқәа рыла: иналукааша ашықәсқәа; Д.И. Гәлиа иаазыркьаҿу ибиографиа; ирҿиамҭақәа, иҩымҭақәа реизга; иалкаау; хазы иҭыжьу асахьаркыратәи аҭҵаарадырратәи усумҭақәа; аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәа; Д.И. Гәлиа исахьаркыратә ҩымҭақәеи ипублицистикатә статиақәеи ажурналқәа, агазеҭқәа, аизгақәа рҟны; иҩымҭақәа, аиҭагақәа; Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку алитература; Д.И. Гәлиа изкны ажәеинраалақәа; Д.И. Гәлиа изкны аҳәамҭақәа.
Вахтанг Аԥҳазоу
Ааигәа иҭыҵит изаамҭану ахәыҷтәы ажурнал «Амцабз» №4-5. Уи раԥхьатәи адаҟьаҿы иануп Лиолиа Тәанԥҳа аԥсадгьыл иазку лажәеинраала «Уара дуцуп Анцәа». Анаҩстәи адаҟьаҿы икьыԥхьуп Д. Гәлиа раԥхьаӡа ахәыҷтәы журнал «Амцабз» анҭыҵыз 1957 шықәсазы ахәыҷқәа ишрыдигалоз, насгьы уи иажәеинраала «Сабдуи ааԥынреи».
Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, аԥсуа алфавит аиқәыршәаҩ, аԥсышәала раԥхьатәи асахьаркыратә шәҟәы – «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи, апоема – «Арԥызбеи аԥҳә́ызбеи рысалам шәҟәы», раԥхьатәи ажәабжь – «Атәым жәҩан аҵаҟа», ароман «Камаҷыҷ», адрама – «Анаурқәа» уҳәа раԥҵаҩы, раԥхьатәи агазеҭ «Аԥсны» аҭыжьҩы, редакторсгьы иамаз ҳлитература абду, арккаҩы, ааӡаҩ, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса ҵит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар риааира сынтәа 31 шықәса ахыҵит. Аибашьра аветеранцәа уи аамҭа аныргәаладыршәо, даара ирныԥшуеит. Усҟан ҩажәеи акы шықәса зхыҵуаз, аибашьратә мҩа ианысыз Оҭырба Руслан Есмеҭ-иԥа ацәажәара дналагеит: