Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион Ахада Валери Аҩӡба инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион Ахада Валери Аҩӡба инапынҵақәа рҟынтәи ихы иақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит изинмчхара аҿҳәара ахьынҵәаз инамаданы.
Атәыла Ахада инапы зҵаиҩыз Аусԥҟна инақәыршәаны Гәдоуҭа араион Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп Асҭамыр Аргәын.
Аргәын Асҭамыр Семион-иԥа диит ажьырныҳәамза 31, 1968 шықәсазы, Гәдоуҭа ақалақь аҿы. 1985 ш. Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 даналга Гәдоуҭатәи араион Хәажәкырамза 4 аколнхараҿы аус иуан.
1986 ш. ААУ аекономикатә факультет дҭалоит «Ахәаахәҭреи аекономика анапхгараҭареи» азанааҭ ала.
1987 шықәса рашәарамза инаркны 1989 шықәса лаҵарамзанӡа Асовет Еидгылаҿы аррамаҵзура дахысуан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.
Аекономист изанааҭ иманы 1993 шықәсазы ААУ далгеит.
 
Жьҭаарамза 18, 1993 шықәса инаркны лаҵарамза 26, 1994 шықәсанӡа аус иуан Аҟәа Аалыҵҭирҭа аинспекторс.
1994 шықәса рашәарамзазы аусура дрыдыркылеит Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура аппарат хадахьы, аиуристтә хаҿқәа ршәахтәқәҵара аҟәша аинспектор имаҵура иман.
1995 шықәса мшаԥымзазы аиуристтә хаҿқәа ршәахтәқәҵара аҟәшаҿы аҳәынҭқарратә инспектор имаҵурахьы диаган.
2001 шықәса рашәарамзазы аиуристтә хаҿқәа ршәахтәқәҵара аҟәшаҿы аинспектор хада имаҵурахьы диаган.
2003 шықәса жәабранмзазы Гәылрыԥшь араион аҿы ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аинспекциа еиҳабыс дҟаҵан.
2009 шықәса мшаԥымзазы ианашьан акласстә чын «3-тәи акласс змоу ашәахтә маҵзура абжьгаҩ», 2009 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ианашьан акласстә чын «2-тәи акласс змоу ашәахтә маҵзура абжьгаҩ».
2020 шықәса рашәарамзазы Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрраҿы аинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me