Август 7 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит апиеса "Антигона" апримиера аӡыргара. Ари апиеса авторс дамоуп,адраматург Жан Ануи. Уи аԥҵан 1942 шықәсазы,Париж анацистцәа рнапаҵаҟа ианыҟаз.
Аԥсны аҳәынҭқарратә телехәаԥшра апресс-центр аҟны имҩаԥысит, Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба ипресс-конференциа.Уи иажәақәа рыла,Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ашьҭыԥрааратә цәаҳәа аусурақәа хырқәшоуп 80% процент.
2024-2025 аҵарашықәс азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥган аҵарадырратә программақәа 35 рыла. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа ала актәи акурс аҿы абиуџьет харџь ала 397 ҭыԥ алкаан, урҭ рахьтә амагистртә программа ала 23 ҭыԥ.Абакалавриат азы аҵарадырра (азанааҭқәа) рзы 676 арзаҳал ҟаҵан. Урҭ рҟынтәи 102-ҩык ашколхәыҷқәа ролимпиада "Аҳаракырахь амҩа" алҵшәақәа рыла уаанӡа аҭаларазы зсиа рыдыргалахьаз роуп.11-ҩык ауаа аҩбатәи иреиҳау…
Август 7 рзы Аԥсны Ахада Иусԥҟала Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс дҟаҵоуп Дмитри Қәычбериа.Дмитри Қәычбериа Ашәарҭадаратә усбарҭақәа рсистемаҿ аус иуеит 2009 шықәса раахыс. 2023 шықәса декабр мза аахыс Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан,ԥхынгәы 26 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭан.
Август 6 рзы Аԥсны Ахада Иусԥҟала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Сергеи Шамба.Сергеи Шамба 2020 шықәса раахыс Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дыҟан.Раԥхьаӡа акәны иара адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадас дҟалеит 1997 шықәсазы,2004 рҟынӡа ари амаҵура дахагылан. Аҩынтә раан аминистрс дыҟан 2004-2010 шықәсқәа рзы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me