Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагеит аиԥылара Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иалахәхараны иҟоу аԥсуа делегациеи дареи.Аделегациа иалоуп 100-ҩык ауаа. Аҿар рацәажәарахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Асахҭан лыхқәа рымаӡа

06 Хәажәкыр 2024 12:51
Илона Кәыҵниаԥҳа еиҳарак амузеи аусзуҩы ҳәа даҳдыруеит, иара убас ахыци ахәымпали рыла ихысуа лаҳасабала, аха занааҭла лара джурналиступ. Аҳәынҭкарратә университет даушьҭымҭоуп. Илона дҳақьымхар лҭахын, дшыхәыҷыз инаркны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи реиҿартәышьа ҭылҵаауан. Уажәы, асахҭан иалхны амаҭәахәқәа ҟалҵоит, дӡахуеит, аҳәынҭқарратә музеи аҿгьы лусура аанылмыжьит.

Леуарса Быҭәба ирҿиара

05 Хәажәкыр 2024 14:12
Ааигәа акультуратә платформа «Гәыма» аҟны ицәыргақәҵан асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҿыханҵатә аԥҵамҭақәа. Уи еиҿылкааит «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возба. Араҟа иҟан иара иҭыхымҭақәа 10, ахатәы коллекциақәа рҿынтә. Иара убас 32 арепродукциа – урҭ ааигәа акартинатә галереиа иалаблыз иҭыхымҭақәа ррепродукциа акәгәышьоуп. Ацәыргақәҵа иаҭааит хыԥхьаӡара рацәала асахьаҭыхҩы иҩызцәа, ирҿиара абзиабаҩцәа, аҿар.Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылаз­ҭгьы, асахьаҭыхҩы, аԥсадгьыл апатриот иаша Леуарса Быҭәба ихыҵуан 63 шықәса, аха…

Ақыҭа нхамҩа аҧеиҧш

05 Хәажәкыр 2024 14:10
Аҧсны аекономика шьаҭас иамоу ахырхарҭақәа рыбжьара ихадараоу ҳәа иалкаақәоу иреиуоп ҩба – ақыҭа нхамҩеи акурорти. 2024 шықәса рзы ақыҭа нхамҩа арҿиара иазоужьуп 150 миллион мааҭ. Арҭ аҧарақәа азкуп «Ақыҭа нхамҩа аҿиара -2024» захьӡу хықәкылатәи апрограмма.«Иҳәатәуп, аиҧш-зеиҧшыз ҵыҧхтәи апрограмма иазоужьыз ҩынҩажәи жәаба миллион рыла ишеиҵаз. Анхацәа иаадырҧшыз агәацҧыҳәара анааба иазҧхьагәаҭаз ахарџьгьы еиҳаҳтәит. Ақыҭа нхамҩа азҵаарақәа ҳанрылацәажәо еилаҳкаауазар ахәҭоуп зыӡбахә ҳамоу аибашьра…

Ашәҭқәа шьҭарҵеит

05 Хәажәкыр 2024 08:56
Аԥсны аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра инамаданы, анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭан иҳаҭгәын иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, ԥаса Аахыҵ-Уаԥстәыла хадас иамаз Едуард Какоиҭы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me