«Ашьха ӡыхьеиԥш икеикеиуа, аамҭа ацаҟьа шәыгәрақәеи абахә еимаҳарақәеи кылжәан, ириааины иахьанӡа зышьҭра цқьаӡа иаазгаз ҳбызшәа… Акаԥкаԥқәа рыбжьы зхоу, акаҵәара хаҩаӡарақәа рыбжьаныҩра зныҩроу, амшын ашыкьыбжь злаӡҩо ҳабз ашәа хаа… Аԥсшәа, агәаҟра атәы инҭкааны изҳәо ашьҭыбжьқәа ашәыҭҳақәа реиԥш излаԥсоу, аха ахаҵкара ажәақәагьы ахрыԥхреиԥш ирхианы изку, абаагәареиԥш изкәыршоу… Ахәырбӷьыц аҵеиԥш иԥшқоу, абзиабареи агәыбылреи ражәақәа рыла ирхаау…» А.Н. Гогәуа

Адоуҳамч анарха азҭо

22 Нанҳәа 2024 09:20
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿкаан еицырдыруа апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа 75 шықәса ихыҵра аиубилеи.
Ҳазну ашықәс ииуль 14 азы иԥсҭазаара далҵит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист Витали Шариа. Уи ихьыԥшым раԥхьатәи агазеҭ «Эхо Абхазии» аԥиҵеит, редактор хадасгьы дыҟан. Еиуеиԥшым амассатә информациа ахархәагақәа рҟны аусура аганахьала аԥышәа ду иман, иҭижьхьан ашәҟәқәа, шәкыла аочеркқәа.

Ахыцуаа раԥхьагыла

21 Нанҳәа 2024 10:33
Аԥсны хыцла ахысра иаҳа- иаҳа аларҵәара аиуа иалагеит. Ахыцуаа рклуб алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы есааира еизҳауеит.
Жәа шықәса раԥхьа уажәааны, раԥхьаӡакәны август 20, 2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә ртеатр.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me