Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Марттәи ажәылара

15 Хәажәкыр 2024
Марттәи ажәылара 31 шықәса ахыҵит. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҧсуа ар рзы зегь реиҳа итрагедиахаз, зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз, аха убриаан зегь реиҳа ифырхаҵаратәыз жәыларан. 1993 шықәса март 15 азы аԥсуа еибашьҩцәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара ахәы ҳаракырақәа рнапаҿы иааргеит. Амотохысратә архәҭақәа Гәымсҭа аладахьҟалагьы, аҩадахьалагьы ирыр акәын, нас жәҩанахьтә амшын аҟнытә ацхыраара рыманы аӷа раԥхьатәи ихырӷәӷәарҭақәа цҟьаны, Аҟәа ахақәиҭтәразы…
Азқьышықәсақәа ирықәлоу ҳаҧсуа ҭоурых иагәылаку адаҟьақәа даараӡа ирацәоуп. Даҟьацыҧхьаӡа иааҧшуеит ҳтәыла ахаҿра, аҧсуа жәлар рнысымҩа, ҳажәлар иреиӷьу рхаҭарнакцәа рыхьӡқәа.
Хәажәкырамза 5 инаркны хәажәкырамза 15 аҟынӡа Аԥсны Арбџьар Мчқәа рҿы имҩаԥысуеит Аԥсны акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – аибарххареи ашәарҭареи зцу аҭагылазаашьақәа рҿы арратә комиссариатқәа, арезервтә хәҭақәа рштабқәа рҽеизгаратә усқәа рынагӡара аҩаӡара ашьҭыхра, – иаанацҳауеит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Арратә зыҟаҵарақәа рхы рыладырхәуеит ареспублика амчратә усбарҭақәа иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи арезервистцәеи. Арратә ҽазыҟаҵарақәа Аԥсны Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы инапхгарала ахысырҭақәа зегьи…
«Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәса Жәларбжьаратәи Рымш.
Акультуратә форум «Арт-курултаи» инақәыршәаны, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы Алхас Ҷолокәуеи М.Гафури ихьӡ зху адрама Башкириатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр аиҳабы Иршат Фаизуллини аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Аԥсуа театр аиҳабы иара убас атеатр-концерттә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа ахьеиԥылоз дықәгылеит. «Арт-курултаи» – Урыстәылан есышықәса имҩаԥыргауа акультуратә форум дуқәа ируакуп. Есааира уи амҽхак арҭбаауеит. Ҳазну ашықәс азы акәзар, Урыстәыла арегионқәа рнаҩсангьы, афорум аусура…
Атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа гәыԥҩыки Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Наур Нарманиеи идикылеит. Урҭ Аԥыза-министр жәабранмза 8, 2024 шықәсазы Аԥсны аҵара Аминистрра иҭнажьыз Адҵа­ № ­21 ина­маданы Аԥсны арҵаҩратә еилазаара, абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, еицҿакны рзанааҭтә гәаанагара ахьаадырԥшыз аҳәамҭа ирҭеит. Иарбоу Адҵа ала, аҵара Аминистрра «амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас…
Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ареспубликаҿы абылтәы азымхара аԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны, Аминистрцәа Реилазаараҿы «Ареспублика абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәаларазы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me