Нарцәынтә ихынҳәыз

14 Жәабран 2025 07:50
Ҩажәихԥа шықәса уажәаԥхьа аредакциахь дымҩахыҵит иқәра иааҭәаумшьо еиҿамсыз, зныҟәашәа еиҿкааз, аԥсҭазаара акыр дышкыднаҟьахьаз зныԥшуаз хаҵак.
Иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы амшцәгьақәа ирыхҟьаны атәылаҿы имаҷымкәа аԥхасҭа ҟалеит. Убас, Цандрыԥшь аҳабла иахьаҵанакуа аҩнеихагылақәа ааха ӷәӷәа роуит.

Агәыҳалалратә концерт

13 Жәабран 2025 08:46
Ааигәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит адырраҭара, ҩышықәса зхыҵуа Леиа Адлеиба ишылзықәдыргылаз адиагноз – иҵару амиелоидтә леикоз ҳәа. Ари ачымазара ахәыҷы лҭаацәеи лареи рзы ԥышәара дуны иҟалеит.
Зыжәлар ргәеисра иацыз «Ҳара ҳхыԥхьаӡара маҷуп, ҳаира маҷуп, ҳадгьыл ԥшӡацәоуп, ирымҳәои «Аԥҳәыс ԥшӡа днасыԥдоуп» ҳәа. Еснагь ҳаԥшӡара ауп ҳазқәыӡуаз… Ҳаԥшӡара аиқәырхара абџьар анаҭахыз абџьар еиқәнархеит.
Ԥсыуа хаҵа нагак унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, еизарак ахь амҩа дықәын уск аилыргаразы. Амҩан хаҵак диқәшәеит, уи ишакәым ацәажәара ихы иаҭәеишьеит. Аизара ашҟа ицоз ахаҵа аиакәым зҳәоз диҿамԥалакәа, ԥсышәак наиаҳәаны днаивсит. Арҭ реицәажәара заҳаз ахаҵа нага иазҵааит «дышцәажәоз умаҳаӡеи, аҭак зиумҭазеи» ҳәа. «Абри иеиԥш иҟоу ауаҩы аҭак исҭозар, аизарахь сахьцо иҟасҵои!?», – иҳәеит уи.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me