Ефрем Ешба ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа ақалақь ахадара анапхгаҩцәа, ақалақь ауаажәларра. Иара убраҟа Ефрем Ешба изкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит иара ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №5 аҵаҩцәа.
Ефрем Алықьса-иԥа Ешба диит 1893 шықәсазы Аҟәатәи аокруг Бедиа, Ешқыҭ аҳаблан, аҭауад Алықьса Зураб-иԥа Ешба иҭаацәараҿы. Уи хәҩык ахшара дреиҵбын. Иаб заа диԥхеит, ахәыҷқәа зааӡоз ран Марҭа Зураб-иԥҳа Аԥакиӡе лакәын. Аиҳабацәа аҵара рҵон ақыҭаҿтәи ауахәама школ аҟны. Уи Бедиа ақыҭан 1887 шықәсазы еиҿикааит ажәлар «аԥсуа школ абду» ҳәа изышьҭоу Фома Христофор-иԥа Ешба. Хықәкыла Ефрем Ешба илахьынҵаҿы аҭыԥ ду ааникылоит. Аҟәатәи ашьхарыуа школ ахылаԥшҩы ихьӡала иан ашәҟәы ҩны илиҭеит, Ефрем Ешба насыԥс иоуит ашкол ааӡамҭацәа рхыԥхьаӡараҿ аҟалара, – абас иҩуеит Гьаргь Ӡиӡариа Ефрем Ешба изку ишәҟәаҿы.
Акыр шықәса аниас ашьҭахь, Ефрем Ешба еиҭеиҳәон 1905 шықәса еилашыҩкыз амшқәа раан Аҟәа амҩадуқәа рҟны ареволиуциатә қәԥара аганахьала раԥхьатәи аурокқәа шиоуз.
1906 шықәсазы Ефрем ибзиаӡаны далгеит Аҟәатәи ашьхарыуа школ. 1909 шықәсазы дҭалеит Қарҭ, ахацәа ргимназиа. Иԥсҭазаараҿы убри аамҭа иазкны иҩуан: «1912 шықәсазы сара политикала «сшьақәгылеит», ҵыхәаԥҵәала агәра згеит абольшевикцәа зҿу шиашоу».
1913 шықәса ҭагалан, Ефрем Ешба дҭалоит Москватәи ауниверситет аиуристтә факультет. Москва ихигаз аԥсҭазаара револиуционерк иаҳасабала Ешба ишьақәгылараҿы акырӡа зҵазкуа аамҭан. Москва ихигаз ашықәсқәа уи «аԥсҭазаара ауасхыр» ҳәа рзиҳәон.
1914 шықәса алагамҭазы Ешба абольшевиктә партиа далалеит. Москватәи апролетариат имҩаԥыргоз ақәԥара активла иалахәын астудентцәагьы.
Москва, 1916 шықәса март азы ҩажәихәҩык атрамваи аусзуҩцәеи амаҵурауааи бааԥсыла иахьахьдырхәыз аҭакс, азабастовка амҩаԥгара рҽазыҟарҵон. Аполициаа ракәзар, Москватәи аусуҩцәа рықәгылара аԥырҟәҟәааразы иаарылшоз зегь ҟарҵон. Уи аиҿкаара иашьҭаз дырбаандаҩуан. Абри дзацәымцет Ефремгьы.
Гьаргь Ӡиӡариа ишәҟәы «Ефрем Ешба» аҟны иҩуеит, данеимырдоз ишидырбалаз аполитикатә литература, иара убас абџьар. Идырбаандаҩыз рыбжаҩык ахыгара рықәҵан, даҽа џьоукгьы аимпериа аҳҭны-қалақь аҿы аҟазаара азин рымхны рхы иақәиҭтәын. Аха Ефрем иҿахәы аниҿырхуаз, ииҳәаз ажәақәа ааигоит: «Мрагылараҿы ажәаԥҟак ыҟоуп: «Ақәрала акәӡам ахшыҩ шыҟоу, уи ухаҿы иҟазароуп. Сара исцәымӷуп исыцәшәо ауаҩы иацәажәара. Сара сшәыршәарц азы ауп шәтапанча ҭыхны астол изықәышәҵаз, сара сышьхарыуоуп, схәыҷаахыс абџьар сашьцылахьеит». Абарҭ ажәақәа рышьҭахь иҿахәы иҿызхуаз аполковник итапанча ԥхьаикит», – ҳаԥхьоит Ӡиӡариа ишәҟәаҿы.
1916 шықәсазы ахарадҵарақәа ихыхны, ихы дақәиҭтәын.
1917 шықәса маи азы Ефрем Ешба РСДРП (б) Аҟәатәи акомитет ахантәаҩыс далхын, аамҭакалагьы 1918 ш. инаркны – Аҟәатәи ахеилак ахантәаҩыс.
1918 шықәса ииуль инаркны ноиабр азынӡа Нхыҵ-Кавказтәи Ареспублика ЦИК ашьхарыуаа русқәа рзы акомиссарс дыҟан. Убри ашықәс декабр инаркны Кавказ ашьхарыуаа русқәа рзы РСФСР Жәлар Ркомиссариат анапынҵа ҷыда змаз усзуҩын. 1919 ш. апрель инаркны ииун азынӡа – Мрагылара ажәларқәа Ркоммунисттә еиҿкаарақәа Рцентртә биуро ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ. Каваз апартизанцәа рҵысра аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. 1919 шықәса ноиабр азы Қарҭҟа ддәықәҵан маӡала аусура амҩаԥгаразы. Дырбаандаҩын. Аха РСФСР адҵала 1920 шықәсазы ихы дақәиҭтәын. Убри ашықәс август инаркны РКП (б) Лабинсктәи акомитет дамаӡаныҟәгаҩын. 1921 февраль инаркны Аԥсны Аревкоми ЦИК-и дырхантәаҩын.
1921 шықәса Март 4 азы Аԥсны ишьақәыргылан Асовет мчра. Абри амш Аԥсны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иамшны ирыԥхьаӡоит. Ихьыԥшым Асоветтә Социалисттә Республика Аԥсны рылаҳәан 1921 шықәса март 31 азы. ССР Аԥсны 10 шықәса иҟан. Асоциалисттә Советттә Республика Аԥсны Сталин ихаҳәатәала автономтә республикак аҳасаб ала Асоциалисттә Республика Қырҭтәыла иалаҵан. 1922-1924 шықәсқәа рзы Ефрем Ешба Қырҭтәыла Акоммунисттә партиа дамаӡаныҟәгаҩын.
1926 ш. ианвар инаркны 1927 шықәса август азынӡа Чечентәи автономтә област аҟны ВКП (б) Ацентр Комитет аиҿкааратә биуро аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс, анаҩс Чечентәи автономтә област ВКП (б) аобком аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
1923 шықәса инаркны РКП (б) аҟны армаратәи аоппозициа дадгылон. Атроцкисттә оппозициа ихы ахьалаирхәыз азы 1927 шықәсазы апартиа далцан, аха адырҩашықәсан агха шыҟаиҵаз азхеиҵеит, апартиахь деиҭашьақәыргылан. 1936 шықәсазы Москва дынхон, Ӡержински ихьӡ зхыз аԥхьаӡагатә машьынақәа рзауад аплантә ҟәша деиҳабын.
Ефрем Ешба дырбаандаҩын 1936 шықәса апрель 11 азы. Харас идырҵеит ашпионаж, аконтреволиуциатә террористтә еиҿкаарақәа раԥҵара. 1939 шықәса апрель 15 азы ашьра иқәҵан. Уи нагӡан адырҩаҽны.
Ешба иԥсыбаҩ анышә иамадоуп иршьуаз анышә иахьарҭоз «Коммунарка» ҳәа изышьҭаз аҟны. Абри атәы еиликааит имаҭа Виктор Абрамиан-Ешба. Убраҟа ишьыз рсиаҿы Ефрем Ешба ихьӡ иԥшааит. 2018 шықәса октиабр азы Виктор Абрамиан-Ешба днаԥхьан Москва амҵан НКВД ԥасатәи аобиект ҷыда аартрахь. Убасҟан убраҟа иаартын Ефрем Ешба игәалашәара иазкыз аҭӡы.
«Коммунарка» аҟны иара убас анышә иамадоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иршьыз Ефрем Ешба изааигәаӡаз ицнагаҩ, иҩыза Нестор Лакоба иԥа – Рауф Лакоба, иара убас Ҭенгиз Лакоба, Николаи Лакоба-Григолиа.
Ефрем Ешба дыриашан 1956 шықәсазы.
В.И.Ленин ихьӡ зхыз Аҟәатәи апарк аҟны 1982 шықәсазы иқәыргылан иԥҳа аскульптор Марина Ешба иҟалҵаз лаб ибаҟа.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ақәҵарала 2020 шықәсазы Ленин ихьӡ зху апарк ахьӡ еиҭакын Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк ҳәа.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа