Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа ирызкны

Март 18 азы Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҩбатәи аилатәара мҩаԥигеит.

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, акомиссиа иалоу иазырыӡбеит Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет астудентцәа рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху астипендиа аԥҵара, Аԥсни уи анҭыҵи агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, Раԥхьатәи Ахада Ифонд аҟны Раԥхьатәи Ахада иофициалтә саит аԥҵара. Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы Беслан Ешба ирылеиҳәеит асаит аԥҵара ԥарала аиқәыршәара хаҭала ихашҟа ишиго.

Акомиссиа иалоу иара убас иазырыӡбеит Владислав Арӡынба иорден аԥҵаразы ажәалагала нарышьҭырц Жәлар Реизара ашҟа.

Аилатәара иалахәыз рылацәажәеит аиубилеитә шықәса аҩнуҵҟала имҩаԥысуа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иазку егьырҭ азҵаарақәагьы.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа амҩаԥгара, В.Арӡынба иусумҭақәа рҭыжьра, Раԥхьатәи Ахада изку афильмқәеи ателедырраҭарақәеи разырхиара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me