Михаили иԥшәма Гыцба Минореи ԥшьҩык ахшара роуит: Даур, Татиана, Руслан, Аслан. Ирхшазгьы аԥсуа жәлар ирыгәҭылсоу, зыԥсадгьыл бзиа избо ҵеицәаны ирааӡеит.
– Ҳаб, – иҳәеит иԥа Руслан, – ихы-иԥсы зегьы аԥсуаа ҳҭоурых иалан. Ҳхәыҷра ашықәсқәа раан аҵарауаа, аинтеллигенциа иреиуаз, рацәаҩны изаауан. Аурыс ҵарауаҩ ду Турчанинов ҳаҩны даахьан. Урҭ акыраамҭатәи реицәажәара сыбла ихгылоуп. Турчанинов ҳаб дызизҵаауаз аҭакқәа ииҭон. Иара ианиҵон. Уи ашьҭахь сара Ленинград аҵара анысҵоз, Турчанинов Георги Федор-иԥа, абызшәадырҩы, Маиҟәаԥтәи аҩыра ҭызҵаауаз аԥсуаа ҳахьеиқәшәоз ааԥхьара исҭеит. Сызусҭаз иасҳәеит. Ааԥхьара дахаҵгылеит, иԥшәма диманы ҳаиқәшәара иҽалаирхәит. Сара аҵара ахьынӡасҵоз ҳаиқәшәарақәа ԥшьынтә иҽрылаирхәит.
Михаил Ҷедиа Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа аҵара зирҵоз дреиуан. Уи изныкымкәан Лыхны даахьан. Иоушьҭымҭацәа дрызҿлымҳан. Дырмит ду иҵаҩы агәынкылара бзиа иман, ҷкәына еилҟьан. Иааикәыршаны иҟаз зегьы дрызҿлымҳан, аҟыбаҩ ҷыда злаз арԥысын.
–Ҳаб, – иҳәеит Руслан, – ашкол ахь данцоз жәаха шықәса ихыҵуан. Изларҳәо ала дахьыҟазаалакь, зегьы дрылукаауан, изҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рымаӡамызт. Лыхнытәи ашкол даналга ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дҭалоит. Даналга иқыҭахь дхынҳәит. Усҟан иқыҭан бжьы-класск змаз ашкол аҟны аусура далагоит. Уаҟа аус шиуаз, Гагра иаартыз ақыҭанхамҩатә техникум дҭалоит. Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аус иухьан. Дәырԥшьтәи абжьаратә школ, иара убас Гәдоуҭа араион аҟны ашколқәа ирыҵаркуаз адгьылқәа аграном-инструкторс дыҟан. Уи ашьҭахь Мгәыӡырхәатәи ихаҭәаамыз ашкол ахь диаган. Уа аҵарантә Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аҟны аинструктор инапынҵақәа наигӡон. Аԥсуа бызшәеи алитературеи Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны идирҵон. Нас агеографиеи аԥсабараҵареи рзы рдыррақәа еизирҳауан Аԥшьдәнытәи ашкол аҿы. Аҵыхәтәан Лыхнытәи ихаҭәаам ашкола ҿы аус иуан… Иара инапы злеикуазаалакгьы аҵыхәтәанынӡа инаигӡон.
Михаил агазеҭқәа зегьы еидикылон, дрыԥхьон. Уи аамҭазы Аԥсны иазку, аинтерес зҵоу акы анибалак иагәылырффаны, агазеҭ аномер хыхь иақәиҩуан ашықәс, амза, арыцхә. Ус еизигаз рацәаӡан. Ихшара ҳаназҳа, абри шәаԥхьа, ишәанаҳәо рацәоуп, ҳәа иаҳзаанижьуан. – «Шәаԥхьама» – ҳәа дҵааӡомызт. Аамҭа ԥыҭрак анцалак, астатиақәа иҳаиҭақәаз рыла дҳазҵаауан. Абызшәазы даара дыџьбаран.
Шәажәаҳәа ҭбаахаразы, аԥсышәала ашәҟәқәеи агазеҭқәеи шәрыԥхьалароуп ҳәа ҳаиҳәон.
– Исхашҭӡом, Аҟәа Нестор Лакоба имузеи анаадыртуаз, Лиудмила Владимир-иԥҳа Малиа ҳаб иҟны дааит, Нестор Апполон-иԥа имузеи иақәнаго ашәҟәқәа имазар амузеи ҳамҭас еиҭарц. Ҳаб ибиблиотека далаԥшны 25 шәҟәы лзалихит. Лара, ҳаб идылгалеит ашәҟәқәа илиҭаз асиа ҟаҵаны, амҳәыр аарханы изаанлыжьырц. Иара дақәшаҳаҭхеит. Ацәажәара сара салахәын. Сыбжьы аармаҷны ҳаб ус иасҳәеит: – «Амузеи ҳамҭас иоуҭоит, ақьаад рымхра заҭахузеи?». Даасыхәаԥшын, нас Лиудмила Владимир-иԥҳа лахь ихы наирхан: – «Ақьаад аҭахӡам» ҳәа леиҳәеит… Усҟан ус ахьысҳәаз, иахьагьы даара сгәы сыхьуеит. Урҭ ашәҟәқәа, уи ашьҭахь џьаргьы сылаԥш иҵамшәеит… Ус ибжьаӡит. Ҳаб имаз ашәҟәқәа ирылан «Аԥшьа аҭоурых» аԥсышәала иҩыз, уи сара Аҟәа сахьынхоз исыман, Аԥсны аибашьра анцоз суадаҿы иҟаз зегьы аӷацәа идәылыргеит. Иргаз, уи ашәҟәгьы рылан.
Ҷыдала Михаил Сеидыҟ-иԥа зҿаԥыц ӷәӷәаз, ицқьаз, зыжәлар ирзааигәаз, ирылагылаз, ауаҩы-цқьа ҳәа изышьҭаз хаҵан. Иарбан зҵааразаалакгьы аҭак иман, идыруан Аԥсуара, аҵасқәа, ақьабзқәа шныҟәгатәу, ишырӡтәым лассы-лассы далацажәон.
–Ҽнак, ҳаб ианшьцәа рахь, Џьырхәаҟа, Цкәиаа рышҟа ҳцеит. Цкәиа Асҭамыри иԥшәма Аиба Ҭамареи ҳнеира даара еигәырӷьеит. Уахь ҳазцаз, аихатәы гәашә рзыҟаиҵан ишәразы дахьцоз саргьы сигеит. Афатә рацәаны идырхиеит. Акрыфаразы аишәахь ҳнарыԥхьеит. Акраҳфеит. Аҩныҟа амҩа ҳанықәла, саб иӷәӷәаны дсацәажәо ус иҳәеит: – «Уара, иахьа даара сурԥхашьеит. Афатә иқәгылаз аҟынтә ашԥы алхны иганы афара уалагеит. Акрыфараҿы ахымҩаԥгашьа дарбанзаалак идыруазар ауп. Аԥсуа хаҵа ихы пату ақәҵаны акрифозароуп… Иахьаҟара абас џьаргьы сыԥхамшьацт…– игәалаиршәон Руслан иаб иажәақәа.
Аԥсны ашықәс еиқәаҵәақәа раан (1937-1940-тәи) агазеҭ «Аԥсны» еидкыланы имаз ааизиган, имбааӡаратәы, акы илаҳәаны, ауҭраҿы Ашьақарҵәа ахьгылаз ааигәара анышә иҵаижит. Адгьыл жәибжь шықәса иҵаз агазеҭқәа акгьы рмыхьӡеит. Урҭ аҭоурыхқәа еилызкааз, изаҳахьаз Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Аҩӡба Уасил Шамониа-иԥеи Саманба Леонид Хыгә-иԥеи Михаил иҭаацәа ирҭааит. Урҭ усҟан (2005 ш). агазеҭ «Аԥсны» аҟны иазааҭгыло, абас рыҩуеит: – «Ҷедиа Михаил Сеидыҟ-иԥа, Сталинтә-Бериатә аамҭа еиқәаҵәақәа раан ас еиԥш иҟаз архив аиқәырхареи аҵәахреи имариаз усмызт…»
Ҷедиа Михаил иԥацәа Мкани, Руслани, Аслани раб иҭынхаз иеизгамҭақәа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара институт иарҭеит. Уи азы аинститут анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәеит…
Ҷедиа Михаил Сеидыҟ-иԥа иԥсҭазаара даналҵуаз 84 ш. ихыҵуан. Ихы идыруа даныҟала нахыс аԥсуа жәлар рҭоурых дадҳәалан, иԥсҭазаара иагәыцә хадан. Ахҭысқәа гәадурала ирылацәажәоз иԥа Руслан ус иҳәеит: –«Исгәалашәаӡом ибжьы рдуны дҳацәажәоны. Ицәажәара мчын, акы анигәамԥхалак. Ашкол аҟынтә аҩны ҳанааилак ҳҵатәхәқәа ҟаҳҵон. Данҭацәлак, ибжьамыжькәан ҳадҵақәа гәеиҭон. Игәамԥхар, ҿыц иаҳирҩуан, ҳаирԥхьон. Ҳхаан ашколқәа рҟны аҭаацәаратә еизарақәа мҩаԥыргон. Аизарақәа рахь ҳаб иакәын ицоз. Ашкол аҿы даара пату иқәын. Арҵаҩцәа реилазаара ӷәӷәан. Урҭ рыхәҭак сгәаласыршәар сҭахуп: Багаҭелиа-Ӡиӡариа Анна Владимир-иԥҳа, Харбедиа Татиана Спиридон-иԥҳа, Гериа Ҭина Гәада-иԥҳа, Аланиа Лев Николаи-иԥа, Тарнаа Леонти Иван-иԥа, Гагәылиа-Чкотуа Ҭамара Лавренти-иԥҳа, Аҟәсба Ҭамара Виссарион-иԥҳа…
Ҷедиа Михаил Сеидыҟ-иԥа иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыли ижәлари ирыдҳәалан. Шаҟаҩы аҵаҩцәа адырра рыҭаны амҩа ианиҵназ иахьагьы еилкааӡам. 4 акыр шықәса инарзынаԥшуа иԥсҭазаара ашколқәа ирыдиҵеит. Иара «Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсахеит.
– Еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟны аус иуан, – иҳәеит Руслан. Гагратәи ақыҭанхамҩатә техникум аҟны рҵаҩыс дыҟан. Дәырԥшьтәи абжьаратә школ (1934-1936-тәи аш.) раан рҵаҩыс аус иуан. Дәырԥшьтәи аусҳәарҭа аԥхьа игылоу аԥсаҵлақәа реиҭаҳара аԥшьызгаз ҳаб иоуп. Уи лассы-лассы далацәажәон. Ашкол аҿы рҵаҩыс аус ахьынӡаиуаз Владикавказ ақалақь аҟны ақыҭанхамҩатә институт абламбаратә ҟәшаҿы иҵара иациҵон. Уи ашьҭахь Гәдоуҭа араион ашколтә-нхамҩатә дгьылқәа рҟны аграном-инспекторс дыҟан.
Ҷедиа Михаил Сеидыҟ-иҵа дколлекционер дуун: апатифонқәа, апластинкақәа, афишақәа, СССР Аԥсны агерб, раԥхьатәи «Аԥсуа нбан (1865 ш.), «Аԥшьа аҭоурых» уҳәа ирацәаны…
Зегьы реиҳа схаҿы иаанхаз, уамашәа абжьы ссир змаз имарзакан, ибзиаӡаны иаирҳәон. Ианаирҳәоз ауаа идеизалон. Иахьагьы сыбла ихгылоуп амарзакан аганқәа аҵәҵәа еиԥш наҟ-ааҟ ихшьыз, абжьы ссир зхылҵуаз ахәҭақәа. Усҟан схаҿы имааиӡеит амарзакани иамаз аҵәҵәақәеи еимадашьас ирымази… Уи иҷыдаз амузыкатә хьӡы аман ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсуаа ирыдҳәалаз зегьы еизигон, игәы рзыбылуан…
Ҷедиа Михаил ҭаацәала ианааилатәоз, Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҟны аҵара аниҵоз ирҵаҩцәа рпатриотизм, абызшәеи аҭоурыхи рахь абзиабара рылазааӡаз, ирхагылаз ахаҭарақәа лассы-лассы иргәалаиршәон, ирзеиҭеиҳәон: Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Платон Шьаҟрыл, Патеи-иԥа Николаи рааԥсареи аԥсуа жәлар рахь ирымаз абзиабареи, агәцаракреи ԥсра шамамыз.
Сара уи акы даҿымкәан ахаан дсымбацызт. Инапы злеикуаз зегьы иқәманшәалахон, ицааиуан. Даныхәыҷыз инаркны ашәырҵлақәа рааӡареи реихаҳареи игәыбылра адын, дадҳәалан. Иаб иҿиҵааз аус иациҵон, ԥхьаҟа игон. Ҳаб лассы-лассы дигәалаиршәон, апатриот ду Патеиԥа Николаи. Уи излеиҳәаз ала, Аԥсны аԥсабара агәыбылра изыркыз иаби иани, агазеҭ «Аԥсны» раамышьҭахь, ирҵаҩы ду Патеи-иԥа Баҭа-иԥа иакәын».
Ҷедиа Михаил Сеидыҟ-иԥа аԥсуа жәлар ирыдҳәалаз аҭоурыхқәеи азҵаарақәеи иарбан аамҭазаалакгьы дрызҿлымҳан, далахәын. Игәаанагара аартны иҳәон. Ажәлар дырзааигәан, бзиагьы дырбон. Акьыԥхь ианиҵоз астатиақәа ԥсевдонимс ирыҭан иҩуан: «М. Алахнытә» ҳәа.
Аԥсуа жәлар рҿахәы, агазеҭ «Аԥсны» Бзыԥаа рыларҵәаҩы иага аамҭа царгьы ихьӡи-ижәлеи агазеҭ иадҳәалазаауеит. Агазеҭ аӡыргареи аларҵәареи иацыз аҭакԥхықәра хьаҳәа-ԥаҳәада, агәыблыра ду ацҵаны инаигӡеит, ихаҭара наӡаӡа агазеҭ «Аԥсны» иадҳәалеит Михаил Ҷедиа
Гугуца Џьыкырба