Лыхнытәи ааԥхьара ашьҭахь

1990 шықәса август 25 азы ирыдыркылеит Аԥснытәи ССР аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Уи аахыс 35 шықәса ҵит.

Лыхнытәи ааԥхьара анрыдыркыла ашьҭахь аԥсуа жәлар Рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иреиҳаӡоу аҩаӡара акәны иҟалеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет 1990 ш. август 25 азы «Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациеи» «Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчара азинтә гарантиақәа рзы» Ақәҵареи» рыдкылара.
Адекларациа ирыланаҳәеит Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика исуверентәу социалисттә ҳәынҭқарраны, ахатәы герби, абираҟи, агимни аманы. «Амилаҭқәа зегьы иреиуоу ареспублика атәылауаа ишьақәдыргылоит Аԥсны жәлар. Аԥснытәи ССР аҟны асуверенитет ныҟәызго, аҳәынҭқарратә мчра иахыҵхырҭоу милаҭ рацәала еилоу ажәлар роуп» – иарбоуп Адекларациаҿы.
Актәи апункт аҟны иазгәаҭоуп:
«I. Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика – исуверентәу социалисттә ҳәынҭқарроуп, иаԥҵоуп ахатәҳәаақәҵареи, рлахьынҵа ашьақәыргылараҿы ажәлар рхадареи рганахьала иузырҟәмҭхауа рзин аԥсуа милаҭ иахьынарыгӡо ашьаҭала. Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика асуверенитет иамҽханакуеит Аԥснытәи ССР адгьылҵакыра зегьы.»
«Аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа» ҟалеит акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә документны, уи ирыланаҳәеит Аԥснытәи ССР асуверенитет, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аполитика-зинтә шьаҭақәа. Исуверентәу аҳәынҭқарра азԥхьаҭагылазаашьатә принципқәа раҳасабала ишьақәыргылан: адгьылҵакыра акзаара, аиҩымшара, аламкьысра, аԥсуа жәлари Аԥсны егьырҭ ажәларқәеи рхатә культура, рқьабзқәа, рбызшәа аиҭарҿиара, аихаҳара, амилаҭтә халаҟазаара арӷәӷәара.
Уаҟа иазгәаҭан аконституциатә шьақәгылашьа мчыла аԥсахрахь, адгьылҵакыра акзаара аԥыргарахьы ирыԥхьауа, амилаҭқәа рыбжьара аҳәоуеиқәшәара ҵызшәаауа аиҿкаарақәа русура закәанла ишашьклаԥшхо. Ирылаҳәан даҽа ганқәак аламырхәыкәа ареспубликаҿы аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, амилаҭ-культуратә ргылара апроблемақәа рхала рҭыԥ рықәҵара апринцип. Адгьыл, уи аҵыхтәқәа, аӡы, аҵиаақәа, аԥстәқәа, егьырҭ аԥсабаратә ресурсқәа, ажәлар ркультуратә, рҭоурыхтә малқәа, аекономикатә, аҭҵаарадырра- техникатә лшарамчқәа ареспублика асуверенитет иашьаҭоуп, иара иатәуп.
Иреиҳаӡоу Асовет аҟны ақы­рҭқәа аҿагылара ӷәӷәаӡа шы­ҟарҵазгьы, адепутатцәа реиҳараҩык рыбжьы арҭеит абри ақәҵара. Убасҟан адепутатцәа-аԥсуаа ирыдгылеит аурысцәа, аерманцәа. Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет еиҭашьақәнаргылеит аҭо­урыхтә иашара, Аԥсны аҳәынҭқарра азакәантә форма акәны иазханаҵеит исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны Асоветтә Социалисттә Республика.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me