Имҩаԥысит Аиҳабырабжьаратә комиссиа 20-тәи аилатәара

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара амш аусхәаԥштә аҟны иарбан х-зҵаарак:

2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны аекономикатә рҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы; 2026-2030 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара аҳәынҭпрограмма аус адуларазы; 2023-2025 шықәсқәа рзы ирыдыркылаз Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарраеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рықәҵарақәа рзы.

«Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аекономикатә ҩыза хада акәны иҟоуп. Ҳтәылақәа русеицура қәҿиарала иҿиоит, иамоуп астратегиатә ҟазшьа.

Ишиашоу аимадарақәа – ари еснагь азҵаарақәа ирласны рыӡбаразы иреиӷьу мҩоуп, избанзар абас еиԥш аусеицура иалҵшәахоит иҭышәынтәаланы аекономикатә ҟаҵарбақәа рышьҭыҵра», – иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делба, аилатәара аартуа.

Анапы зҵаҩу аҳәынҭқаррабжьаратә, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа, Делба иажәақәа рыла, иалдыршоит наҟ-ааҟ интересс ирымоу апроектқәа хырҳарала рынагӡара.

Аԥыза-министр ҷыдала иаликааит аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыла инагӡоу аифраструктуратә проект ду – В.Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аартра. Иаҵанакуа маҷым афымцадәыӷба «Диоскуриа» абжьаҵарагьы.

Аус адулара иаҿуп Аҟәеи Шәачеи рыбжьара мшынла апассаџьырцәа рымҩангара аиҭарҿыцра азҵаарагьы. Абарҭ апроектқәа рынагӡара анырра бзиа ҟанаҵоит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара ашҟа, иацхраауеит атуристтә инфраструкуа ашьҭыҵра», – иаҵишьит Аԥыза-министр.

Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак иазгәеиҭеит рҽазышәарақәа еилаҵаны ишышьақәдыргыло атәылахьчареи ашәарҭадареи иаку рқәыԥшылара, атәылақәа рыҩбагьы рзакәанԥҵарақәа шеиқәдыршәауа, иара убас Аԥсны арҿиара апрограмма шынарыгӡауа, асоциалтә усхк шеиҭаркуа.

«Урыстәыла адгыларала Аԥсны қәҿиарала инарыгӡоит зымҽхак ҭбаау аинфраструкуратә проектқәа, ишьҭыҵуеит ареспублика ауааԥсыра – Аԥснытәи Урыстәылатәи атәылауаа рыбзазаратә ҭагылазаашьа, ирыцлоит акультура-гуманитартә, арегионбжьаратә еимадарақәа», – иҳәеит иара.

Алеқсандр Новак иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 17 шықәса рыҩнуҵҟала аусурақәа рымҽхак ду шынагӡоу ареспублика аиҭашьақәыргылареи арҿиареи рзы.

«76 миллиард мааҭ инареиҳаны асоциалтә инфраструкура аԥҵареи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи рахь идәықәҵан. Еиҭашьақәыргылоуп, мамзргьы иргылоуп асоциалтә инфраструкура аобиектқәа 78 инареиҳаны, иҟаҵоуп 500 километр инарыцны амҩақәа анџьныртә ргыламҭақәа 460 киллометр. Абри аекономика ҳаԥхьаҟагьы арҿиаразы, аинвестициақәа радыԥхьаларазы ашьаҭа бзиа аԥнаҵоит», – иҳәеит Новак.

Акономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма анагӡара шымҩаԥысуа далацәажәеит.

«Аҳәынҭпрограмма нарыгӡоит 2022 шықәса раахыс. Ишьақәырӷәӷәан апрезидент иусԥҟала. Апрограмма азкуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ашьҭыхра. Уи нарыгӡоит амҩатә, аенергетикатә, акоммуналтә инфраструктура, агәазиарахьчара, асоциалтә еиқәыршәара уҳәа ахырхарҭақәа рганахьала хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа рынагӡарала.

Апрограмматә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара ахаҭабзиаратә лҵшәақәа рышьақәыргыларазы иазԥхьагәаҭоуп хықәкылатәи аҟаҵарбақәа жәпакы. Урҭ рахьтә ихадарақәоу ируакуп еизаку аҩнуҵҟатәи аалыҵ аҩаӡара», – иҳәеит аекономика аминистр.

2024 шықәсазтәи аихшьалақәа рыла Аԥсны еизаку аҩнуҵҟатәи аалыҵ аҩаӡара иартәеит 90, 2 миллиард мааҭ, ари ҩынтә рыла еиҳауп иарбаз аҟаҵарба аасҭа.

Иазырҳауп аҳәынҭбиуџьет ахатәы хашәалақәа рымҽхак. 2024 шықәсазтәи аихшьалақәа рыла ахатәы хашәалақәа рымҽхак иартәеит 12 миллиард мааҭ.

Иара убас ишьҭыҵит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауареиҭарсра амҽхак. 2020 шықәсазы уи иартәеит 252 миллион доллар, 2024 шықәсазтәи аихшьалақәа рыла – 402 миллион доллар.

Амш аусхәаԥштә алацәажәара анхдыркәша ашьҭахь, имҩаԥысит Аиҳабырабжьаратә комиссиа 20-тәи аилатәара аԥкаанҵа анапаҵаҩра. Уи рнапы аҵарҩит Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me
    aps25