Ижәлар рԥеиԥш дахӡыӡаауан

Аҧсуа поет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Борис Гәыргәлиа диижьҭеи 90 шықәса ҵит.

 Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диит 1935 ш. ииуль 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит– 01.03.2012). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1968), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. СССР-и (1967), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

Аҵара иҵон Кәтоли Тамшьи ақыҭа школқәа рҟны. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәшеи (1958), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аспирантуреи (1967) дрылгеит.  1968 ш. иихьчаз  акандидаттә диссератациа иахьӡуп «Аҧсуа литератураҿы апоема ажанр: (Ахыҵхырҭақәа, аира, ашьақәгылара)».

1958-1964 шш. раан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы литературатә усзуҩын. 1968 ш. маи инаркны аус иуан А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (ашьҭахь – Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет) аҟны арҵаҩы еиҳабыс, нас аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра адоцентс (1973 ш. нахыс), абри акафедра аиҳабыс, афилологиатә-педагогигатә факультет адеканс (1972-1974). 1997 ш. март инаркны 2002ш. октиабр азынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Б. Гәыргәлиа дреиуоуп Аҟәатәи иаарту аинститут аиҿкааҩцәа, араҟа «Аҧсуара – аҧсуаа ртрадициатә культура» иазкны алекциақәа дрыҧхьон, агуманитартә маҭәарқәа ркафедра напхгара аиҭон.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз. 1952 ш. инаркны иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Республика Абхазия» уҳәа.

Акыр ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, хыҧхьаӡарарацәала алитератураҭҵааратәи алитература-критикатәи статиақәеи еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы дравторуп. Иҭҵаарадырратә усумҭақәа рызкуп аҧсуа литература аҭоурыхи, ҳаамҭазтәи апоезиеи, насгьы Д. Гәлиа, М. Аҳашба, А. Лашәриа, Б. Шьынқәба, В. Анқәаб, Г. Гәлиа, Т. Аџьба, М. Лашәриа, К. Герхелиа, Ш. Басариа уҳәа рырҿиара. 2008ш. аҧсышәала иҭижьит «ХIХ ашә. аурыс  литературааҭоурых» алекциақәа ркурс.

Имаҷымкәа икьыҧхьит Аҧсни Ҭырқәтәылеи ианиҵахьаз афольклортә материалқәа. Ахәҭакахьала 2000 ш. иҭыҵит ишәҟәы «Ҭырқәтәылеи Аҧсни инхо аҧсуа жәлар рырҿиамҭа».

Б. Гәыргәлиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, ақырҭшәахьтә аҧсшәахь еиҭеигеит еиҳарак қырҭшәала иҩуаз аҧсуа поет, адраматург, апублицист Гь. Чачба (Шервашиӡе) ирҿиамҭақәа жәпакы, хазы шәҟәны егьҭижьит 1964-1983 шш. раан. Аҧсшәахь еиҭеигеит иара убас Саиаҭ-Нова, И. Нонешвили, М. Поцхишвили, К. Жане уҳәа рҩымҭақәа.

Апоет изку агәалашәарақәа реизга «Амҩа ааихиҵәар, аҩны днеиуан» (аиқәыршәаҩ – Г. Аламиа, 2015 ш.) – абас ахьӡуп уи злаатуа Г. Аламиа игәалашәара. Араҟа еидкылоуп А. Гогәуа, В. Занҭариа, П. Бебиа, М. Лашәриа, А. Гәарамиа, Т. Ҷаниа, А. Мықәба, Р. Қапба, Н. Ҳашыг, Л. Ҳагԥҳа, С. Зыхәба, Д. Чачхалиа, Л. Лолуа, Гә. Кьычба, В. Бигәаа, Н. Кәыҵниа, И. Аҳашба, Г. Сақаниа уҳәа ргәалашәарақәа.

Апоет игәалашәара аҳаҭыр азы, уи диижьҭеи 80 ш. аҵра инамаданы Аҟәа 1965-2012 шш. раан дахьынхоз Лакоба имҩаҿы игылоу аҩны аҟны 2015 ш. ииуль 20 рзы иаартын имемориалтә ӷәы.

Борис Гәыргәлиа

 

АХАТӘЫ БЫЗШӘА

 

Сара сбызшәа рҿыҵакуп

Сышьхақәа сзыхшаз.

Урҭ адунеи иахаануп,

Уи акәхап изышлаз.

 

Сара сбызшәоуп ирхылҵуа

Сырҩаш ҭрысқәа бжьыс.

Са сқыҭақәа, сыбла ихымҵуа,

Сбызшәоуп ирхоу ԥсыс.

 

Сара сбызшәала ицәажәоит

Сыдгьыл – нас ишԥа?!

Сара сбызшәала игәжәажәоит

Сымшын ацәқәырԥа...

 

Сара сбызшәала ицәажәом

Миллионҩыла ауаа,

Аха сбызшәала ицәажәоит

Зқьышықәсала ауаа!

 

Иџьашәымшьан хатәы бызшәада

Сгәеисыбжь цқьа ишәмаҳар,

Сан слааӡар хатәы бызшәада –

Иалшон сҿаҳахар!

 

«Ажанртә еилазаашьа аганахьала ҳахәаҧшуазар, «Ахьаа» еиднакылаз аҩымҭақәа еиуеиҧшым. Ара иҟоуп хыҧхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, ашәҟәынҵақәа, астатиақәа, аилкаанҵақәа, анҵамҭақәа. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы иҩу роуп, аха, еиҳараӡак 1992- 1993 шықәсқәа рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкуп.

Борис Гәыргәлиа зыӡбахә иҳәо иара дызлагыланы иибаз, иаҳаз, шаҳаҭс дызмоу ахҭысқәа роуп. Аибашьраан тәамҩахә ҟамҵакәа, аҵхи амши неиҧшьуа, иахьеи уахеи ажәлар дрылагылан, Очамчыра араион ақыҭақәеи Тҟәарчал ақалақьи зныкымкәа-ҩынтәымкәа дрылсит, ажәлар ҕьаҵәы-ҕьаҵәуа ҳзыхдырҟьазеи, ҳзықәшәарызеи ҳәа еилауаҭыруа имҩаҧыргоз аизарақәа рҿы дықәгыланы ргәы зырҕәҕәаша, ихьаахҽыгаз ажәагәырхаҵақәа реиҳәон, ахырҕәҕәарҭақәа рҿы днеины аибашьцәа драбжьон, ахҭысқәа инарышьҭарххны иҩуан игәы иҵхоз, ҭаха изымҭоз атемақәа ирызкны ажәеинраалақәа, апоемақәа, астатиақәа.

Игәыҭшьаагоуп, лаҕырӡаагагоуп, иагьфырхаҵарабжьуп апоет иҧа гәлымҵәах Абзагә изку ацикл еиднакыло ажәеинраалақәа».

 

Сергеи ЗЫХӘБА ,

академик

«…Апоет Борис Гәыргәлиа ииҩуаз ҧсҭазааран. Ипоезиа унагәылаҧшыр, ауаҩы дуаҩны дҟазҵо ихымҩаҧгашьа ҳәаақәызҵо аҧҟарра хадақәа алумкаар залшаӡом. Борис ипоезиаҿгьы дырҵаҩын. Зықьҩыла иара иааӡамҭацәа аҧсҭазаара аҟыба-ӡыбара инахыҳәҳәаны, ҳаракырак ахь изхьарҧшзар, Анцәа  илаиҵаз абаҩхатәра иабзоуроуп.

Иахьа Борис Гәыргәлиа дызнысыз амҩа уаныҧшылар, зџьар иаҵалан Голгофа ихалоз, ҳара знгьы ҳагәнаҳа ҳхыхны, ҳхацкы ицаз Иаса Қьырса уизымхәыцыр залшаӡом».

Геннади АЛАМИА,

апоет

 

«Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа акыр жәашықәсала аҧсуа рҿиаратә интеллигенциа рыгәҭа дгылан, дуаҩ хатәран, зуаажәлар рхьаа зхьааз, ааҧсарада ирзыхандеиуаз патриотын, дпоетын, дҵарауаҩын, дааӡаҩын, зегь рыла даҧсыуа наганы иҟаз, пату зқәыз уаҩын.

Борис Гәыргәлиа дыздыруаз, пату иқәызҵоз ауаа рацәаҩын Аҧсны ахы-аҵыхәа зехьынџьара. Бзиа дырбон, уи иуаҩразы, ирҿиамҭақәа рзы, ҳаҭырла изыҟан акырӡа ирацәаҩу иааӡамҭацәа, зегьы пату рзақәын уи иаҧсуара амҩаҧгашьа, ижәлар рзы иааҧсарақәа, дагьрыцҳаршьон иҧацәа ирыдҳәалаз игәырҩақәа рзы.

Борис Гәыргәлиа Анцәа иаҭәеишьаз иҧсҭазаара, ҿҳәарак шамоу еилкааны, дызхьымӡаз дахьӡарц иҭахны ааҧсарада дхандеиуан. Уи азы, еснагь дыццакы-ццакуа иҧсҭазааратә мҩа данын, дагьымҩасит уи амҩа дшаныз. Ҵабыргуп, уи аҽны дзымнаӡеит дахьиз-дахьааӡаз, дзыхшази ихшази анышә иахьамадоу, иҧшәмаҧҳәыс дахьизыҧшыз Кәтолынӡа. Аха, уи амҩа дықәын, днаӡарцгьы иҭахын. Издыруада, уи лахьынҵазар?».

Анзор МЫҚӘБА,

Ашәҟәыҩҩы

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me
    aps25