Август 11 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников дидикылеит. Аҧсны Ахада бзиала шәаабеит, Максим Геннади-иҧа Аҧсны ҳәа иаҳәо, иирдырит акыр ишазыҧшыз иаара. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит ишидыруа аамҭа кьаҿк иалагӡаны аминистр еиуеиҧшым Аҧсны аобиектқәа дшырҭаахьоу. Уи атәы инарҭбааны анаҩс дара шалацәажәо.
Август 11 азы Аҧсныҟа дааит Урыстәыла аекономикатә рҿиара аминистр Мақсим Решетников. Аҧсуа-аурыс ҳәааҿы уи диҧылеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Максим Решетников аҧхьа дызхәаҧшыз аобиеқтқәа иреиуан апринц Ольденбургски ипарк, Гагра ақалақь аҟны иҟоу аколоннада.
ХХ ашәышықәса анҵәамҭазы, нанҳәамза 14, 1992 ш. Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит аҧсуаа тәыс иҟаҵаны Аҧсынтәыла рымпыҵархаларц, иртәыртәырц. Аҧсуа жәлар ахаан аӡәы иҿаҧхьа ишьамхнышымгылац, баагәаран игылеит ҳаҧсадгьыл ахьчаразы. Уи аамҭа цәгьазы Аҧсны иахагылаз, ажәлар зегьы бзиа еицырбоз, рыгәҭыха зыгәҭыхаз, ирҿахәҳәаҩыз Владислав Григори-иҧа Арӡынба гәкаҳарак ажәлар идимырбеит. Уи ихшыҩ дуи, идырра ҵаулеи, иҧсадгьыл ахь имаз абзиабареи, ҳаибашьцәа ракзаареи Аиааира ҳдыргеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me