Гәдоуҭа, август 15

18 Нанҳәа 2022 15:33
Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа аибашьра иалҵыз ашәақәа шьыжьнаҵы иалыҩуан. Аконфедерациа аштаб ахьыҟаз ашәҭқәа ргәыдкыланы ажәлар неиуан. Нанҳәамза 15, 1992 шықәсазы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш азы акәын. Усҟан Ҧсоу аҳәаа 18-ҩык зхатәгәаҧхарала цхырара иаауаз Сулҭан Сосналиев дрыҧгыланы иааит. Уи амш аҭоурых аҿы арыцхә хадақәа ируакны иаанхоит. Аҧсны аҧсреи абзареи ианрыбжьагыла, бџьаршьҭыхла ахьчара анаҭахха иарҕьажәҩаны иааҳавагылеит зхатәгәаҧхарала аибашьра иааз жәҩахыр ҕәҕәала иааҳавагылаз…
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш иазкны ааҧхьара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп: Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, акыр иаҳзаҧсоу хатәгәаҧхарала аибашьцәа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш!
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me