Гагра ақалақь аҟны ақыҭанхамҩатә дгьылҵакырақәа рырҿиаразы ПРООН еицырзеиҧшу апрограмма инақәыршәаны имҩаҧысит Аҧсны иаадрыхуа, иагьҭрыжьуа аалыҵқәа рқыҭанхамҩатә џьармыкьа. Уи аҧсуа фермерцәа алшара рнаҭоит раалыҵ ацәыргаразы, аҭиразы, Аҧсны ауааҧсыреи асасцәеи ракәзар, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раахәара, аинтерес роур, ҳаҧхьаҟагьы аусеицуразы аарыхыҩцәа рҟны ишиашоу аимадарақәа рышьақәыргыларазы.