Аҧсны Ахада идикылеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламентбжьаратә Еизара аделегациа.

Аҳәынҭқарра  Ахада иазгәеиҭеит азакәанҧҵаратәи мамзаргьы аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә структурақәеи еиуеиҧшым рыҩаӡарақәа рҟны акырӡа шаҵанакуа аизыҟазаашьақәа рырҿиара.

Еиуеиҧшым аҩаӡарақәа рҟны ҳаимадарақәа ҳажәларқәа ирзырхазар ауеит, уи ахырхарҭа иаша ылнахуеит. Еснагь ус  иҟан, убри  аҟнытә сара даара агәахәара сыманы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит, ҳара зегьы ҳзы имариам аамҭазы", – иҳәеит атәыла Ахада.

Уи агәрагара  шимоу ааирҧшит, ас еиҧш иҟоу аиқәшәара еснагь Урыстәылеи, Аҧсни, Беларуси рыжәларқәа реиҩызара шарҕәҕәо азы.

"Ҳара ҳаибадыруеижьҭеи  акыр ҵуеит", – иҳәеит Ахада.

Апарламентбжьаратә Еизара аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Артиом Туров Аҧсны Ахада иахьидикылаз иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

"Сара даараӡа агәахәа снаҭеит ара сыҟазаара. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳаби ҳареи  аконструктивтә ҟазшьа змаз ҳаицәажәара иҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит. Ҳколлегацәа – адепутатцәеи ҳареи  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа ҳрылацәажәеит, урҭ  ирызҿлымҳауп Урыстәылеи, Беларуси, Аҧсни. Ҳара ҳаимадарақәа рырманшәалара аҭахуп агуманитартәи, аекономикатәи, аполитикатәи усхкқәа рҟны, агәра згоит ҳажәларқәа ирыдырҳәало рҭак аҟаҵара шҳалшо. Шәышықәсала ҳажәларқәа еимадан, ҳара ҳаидыркылоит акультуреи адини уҳәа. Ҳара абас еиҧш иҟоу аформат ала раҧхьаӡа акәны Аҧсны ҳаҭааит, иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳаиқәшәаразы аамҭа ахьышәыҧшааз", – иҳәеит А.Туров.

 Атәыла Ахада Аҧсни Беларуси рекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара акырӡа шаҵанакуа дазааҭгылауа  иазгәеиҭеит: "Ҳекономикатә еизыҟазаашьа акраҵанакуеит ҳәа ҳахәаҧшуеит. Ааигәа Беларус Апрезидент даҳҭааит, усҟан уи аганахьала шьаҿақәак азгәаҳҭеит, агәрагарагьы ҳамоуп урҭ иҵегьы ишрыцаҳҵо. Ҳара ҭынч анхара-анҵыреи аинҭәылареи рымҩа ҳанызар ҳҭахуп. Ҳара зегьы ҳаҭыр рықәаҳҵоит, ҳахгьы пату ақәаҳҵоит".

Апарламентбжьаратә Еизара аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Клишевич иакәзаргьы, атәыла Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит реиқәшәаразы.

"Сара раҧхьаӡа акәны ара сыҟоуп, аха Аҧсны аӡбахә лассы-лассы исаҳауан сани сан лаҳәшьеи рҟнытә, урҭ Асовет аамҭазы акырынтә арахь иаахьан. Аҧсныҟа сцоит ҳәа анрасҳәа, иаасыҵашьыцит. Араҟа ауаа гәыла-ҧсыла рыҧсы ршьоит. Амшын аҧшаҳәала маҷк ҳнеиааит, акаҳуа ҳжәит, сара иџьасшьеит ауаа гәаартыла иахьуҧыло. Ҳара иаадыруеит иаҧу алегенда, Анцәа адгьыл анишоз, ихазы иалиххьаз аҧсуаа ишриҭаз иазку. Ара, ҵабыргыҵәҟьаны, џьанаҭ дгьылуп", – иҳәеит С. Клишевич.

Аиқәшәара мҩаҧысит аиҩызаратә ҭагылазаашьа аманы, аҧхара аҵаны.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me