Август 4 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Аҟәа ақалақь актив. Уи иалахәын атәыла Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа. Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба 2022 шықәса актәи ашықәсбжазтәи русуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа Аҧсны…