Иҳаҩсыз амзазы Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников Аҧсны даныҟаз, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза «Аҟәа» аҟны иалацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара авиаеимадара аиҭарҿыцразы аусмҩаҧгатәқәа ирынагӡашьоу.
Аибашьра – ари ажәа уқәыҕәҕәоит, уцәа ианыруеит ихьу-хьууа. Иҵааршәыраха угәы аҵа кылнаблаауеит, уҧсы ахьынӡаҭоу иуқәыҕәҕәалоит, ҿыцәаара зқәым мцабзны наӡаӡа иуцзаауеит. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ирылан хабарда ибжьаӡыз 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыбаҩ ҧшаан. Иахьа уажәраанӡа ҳаҧсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз Афырхацәа рахьтә хабарда ибжьаӡыз 126-ҩык ыҟоуп. Урҭ зегьы излыҵыз рҭаацәарақәа изҵоу ахьаа ду рықәыҕәҕәоит, ахьаагара рхы-рҿы ианубаалоит. Еилыхрада хабарда ибжьаӡыз,…

Ахьыбҿар – аҵарахь!

06 Цәыббра 2022 11:04
Ихацыркуп аҵарашықәс, сентиабр акы ныҳәа лашоуп аҵарадыррахь зшьаҿа еихызго ахьыбҿар рзы. Иззымдыруада, ари амш шаҟа гәыхыҭхыҭра ацу раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго актәи аклассаа рзы. Шьыжьнаҵы ҳақалақь Аҟәа ашколқәа ҽаамҭанык еиҧшымкәа, алахҿыхреи аҧшӡареи рнубаауан.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me