"Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа ралхразы", Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аҧсахрақәа ралагаларазы" иазкны ажәа иҳәеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Даур Хәытаба. Ахцәажәара ашьҭахь егьрыдыркылеит.
"Аҳәынҭқарратә хатәразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы", "Аҧсны Аҳәынҭқарра ибиуџьеттәым асоциалтә фондқәа рахь аҧгаҧсатә лагалақәеи ахшәаатәқәеи рзы", "Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы", "Анхарҭатә ҭыҧқәа қьырала ирызҭо хазхаҭалатәи анаплакҩцәа ирмарианы аҳәынҭқарратә шәҟәы рҭагаларазы, "Зымч зцәыӡыз Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҳәа азхаҵаразы" ирызкны ажәахә ҟалҵеит Аҧсны Ахада иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Ломиа.
Жәлар Реизара ахәаҧшны, актәи аҧхьараан иаднакылеит азакәанқәа рпроектқәа: "Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аҧсахрақәа ралагаларазы", "Аӡыргаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаразы", "Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла аҩбатәи ахәҭа аҧсахрақәа ралагаларазы". Арҭ азҵаатәқәа ирызкны ажәахә ҟаиҵеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Маршьан.
"Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларазы", "Аӡбаратә мчразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аҧсахрақәа ралагаларазы" апроектқәа рыдигалеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Даур Хәытаба.
Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент ахәаҧшны Ақәҵарақәа аднакылеит: "Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара атәылауаҩ Адлеиба Б.Р. хазхаҭалатә-нхарҭатә ргылареи анхарҭа ҩны амаҵзуреи рзы азин иҭаразы" Бабышьира ақ. Ҷанба имҩаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ "ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа" ркатегориа аҟнытә "аиланхарҭатә дгьылқәа" ркатегориахь ииаганы аҭара ақәиҭтәразы". "Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара атәылауаҩ Кобахьиа Г.А. адачатә ргыларазы азин иҭаразы Гәылрыҧшь аҳабла Солнечнаиа амҩаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ "ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу" акатегориа аҟнытә "аиланхарҭатә пунктқәа рыдгьыл" акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы". "Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Очамчыра араион Кындыҕ ақыҭан 12,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ "ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа" ркатегориа аҟнытә "аиланхарҭатә дгьылқәа" ркатегориахь ииаганы аҭара ақәиҭтәразы", анаҩс еснагьтәи ахархәаразы агәабзиара-чаҧарҭатә комплекс аргыларазы зҭакҧхықәра ҧку аилазаара "Абырлаш-2010" аҭаразы". "Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Пицунда ақ. аҟны 16,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ "ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа" ркатегориа аҟнытә "аиҭашьақәыргыларатә ҵакы змоу акатегориахь аиагаразы", анаҩс зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара "Москва Резорт" агәабзиарачаҧарҭа-курорттә обиект аргыларазы аҭаразы". Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Пицунда ақ. аҟны 4,12 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ зҭакҧхықәра ҳәаақәҵо аилазаара "Москва Резорт" агәабзиара-чаҧарҭатә курорттә обиект аргыларазы еснагьтәи ахархәаразы аҭаразы". Азҵаарақәа рыдигалеит аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа.
Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара аҟны ирыхәаҧшын егьырҭ азҵаарақәагьы