Аамҭақәа реигәныҩра

Ҳазҭагылоу аамҭа, еснагь еиҧш, маҿа-маҿа еилоуп, аҧсҭазаара аҵла зықәгылоу адгьыл адац-ҧашә аларсуп, аҧсабара анарха иацнаҵоит, иарҕәҕәоит. Дгьыли жәҩани шаҳаҭс измоу аҧсҭазаара аҵла ҧсыс иахоуп, ашықәс аамҭақәа  ирыцуп: зны аиаҵәара иҭалаҳауп, ҽазны амахәҭақәа ирҿассы ирҿоу абҕьқәа ҩеижьхоит, ишнеи-шнеиуа иҿышәшәоит, адгьыл иазцоит. Аҵла амахәҭақәа хахаӡа иаанхозаргьы, ргәыҕра дырӡуам, аамҭақәак рышьҭахь, ҩаҧхьа рпытҟәырқәа ылыргоит, абҕьқәа рҿалоит, еиҧынчыла ирызҳауеит. Абас, џьашьахәшәа, аамҭеикәшара иацуп, иузеиҟәымҭхогьы  еимадоуп.

Ҳазшаз илҧхала зхатәы дгьыл занашьоу, зхатәы жәҩан аҵаҟа здоуҳа змырӡуа, зхатә дунеи  аҧызҵаз, уи  ашьақәгылареи  аҿиареи рымҩа иацәхымҟьакәа иаауа ҳажәлар аханатә адунеи ацивилизациа ишалахәыз, ишалахәу шьақәзырҕәҕәо аҭоурыхтә баҟақәа уасхырс ирыманы, аамҭақәа зегьы раан еиҧш, иахьагьы ҩашьара ақәымкәа рышьҭа анырҵоит, урҭ уаҵәазы ибаҟахоит.

Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аҧсуа етнос ашьақәгылареи аҿиареи ирыцын, ирыцуп аҧсуа идоуҳа амчхара, анарха, ашәарҭарақәа шцәырҵуазгьы, аҧышәара дуқәа ирхысны иаауан рдоуҳа уасхырс иамоу рхатәы бызшәа еиқәырхауа. Абызшәа еиқәнархон аҧсуара, ахатә бзазашьа, амилаҭ хдырра, уаҵәтәи амш агәрагара рнаҭон. Урҭ  рыда хеиқәырхашьагьы ыҟамызт. Даҽакала анакәха, иныбжьаршә-аабжьаршәны иаслоз аҧша, аҧшатлакә иархәашарын, рҳарҭа-сырҭа ыҟамкәагьы иниасрын жәларык. Аха доуҳала ҳазшаз изааигәоу, иҧшьоу ари адгьыл  иашьагәыҭу ҳажәлар аҧсабаратә рыцҳарақәеи аибашьрақәеи ирыламӡкәа рхы еиқәдырхеит, ашәарҭарақәа рыҽрырмҭеит, ргәы еиҭамҧеит, ихьамҵит. Ақәаршҩеиҧш ишырхысуаз агәра ргон.  Рыжәҩан аҧҭа еиқәарақәа нхыларгьы шәалҟьамрак аацәыҵыҧхон.

Абас акәын ажәытәӡангьы, иҳаҩсхьоу ашықәсқәа раан - ааигәа ҧсҭбареи гәаҟреи зцыз аибашьраангьы. Иахьагьы ҳажәлар рдоуҳа иаанагоит, рыдгьыл ҧшьа иаҧшәымоуп, хьаҳәа-ҧаҳәа амам. Аха ашәарҭара хара имнаскьац, ацәаарагьы умбартә. Макьана иааигәоуп, иаацәырҟьа-цәырасуеит, аха ҳажәлар рдоуҳа  ажәҩа азхҽуам, ахҧша азыларҟәуам.

Абарҭқәа ангәааугӡо, иахьа адунеи ахынҭаҩынҭара ианзацәымцо, џьара-џьара  абџьарқәа анҭҟьо, хара здым ауаа анҭахо, аимак-аиҿак  нҵәара анақәым жәлар ҧсыс ирхоу рыҧсадгьыл иахыбаам, анарха амазарцгьы ҳазшаз иҳәоит. Ега анаҧш-ааҧшырҭақәа ыҟазаргьы, ега атехнологиа ҿыцқәа цәырҵыргьы, ҳажәлар еилыркаауеит атәым ишазымхьчо, убри азы ауп атәым рыҽзарымҭогьы. Ари адгьыл иагәҭылсоу ибжьы ҿаца  ықәыҩлароуп, иаҧсшәа еицакра ақәымкәа. Уи ауп аныӡаара аамҭа акырынтә  иахзырҧазгьы.

Аҧсуа ишьаҿа агәра ганы  еихигозароуп идгьыл гәакьаҿы. "Саҧсуоуп" аҳәара мацара шазымхогьы идыруазароуп. Ихамышҭуазароуп иахьатәи Аҧсны ахьӡ змырӡыз абиҧарақәа, урҭ иреиҕьыз рҵеицәа, рҿахәҳәаҩцәа, абџьар анышьҭыхтәызгьы ихьамҵыз, зыдгьыл зхы ақәызҵаз, еиқәзырхаз, уаҵәтәи амш агәыҕра рыцәзмырӡыз, рхы иақәгәыҕуа раҧхьаҟа изырҧшыз, изырҧшуа.

Аамҭа ццакуеит, иалоугӡаз, иацәугаз ауп иаанхо, узхьымӡаз наунагӡа иниасуеит. Аха ауаажәларра аҿиара амҩан еиҳау-еиҵоу ыҟаӡам, ахырхарҭақәа зегьы хадоуп, архнышьнеиҧш еиларсуп. Убри аҟнытә, уаанӡеиҧш, иахьагьы аҭакҧхықәра зегьы ирыдуп, деиҳабума-деиҵбума, занааҭс инапы злакызаалакгьы. Абри акәхарын дзызхәыцуаз, ааигәа аҧсуа қыҭак аҟны анхаҩы ицәажәараан абарҭ ажәақәа залеиҵаз: "ҳара ақыҭауаа ҳхатәы бызшәеи ҳаҧсуареи ҳарӡӡом, ақалақьуаа ишәхашәмыршҭлан!" Ус анакәха, аҧсы ҭоуп аҧсуа идоуҳа, ихатә хаҿра еиқәзырхо, егьзмырӡуа, амала ахәышҭаараҿы амца  ҿымцәаар, акәасҭҕақәа ишрыҵхалатәу еиҧш, улаҧш ахызароуп, игәыгәҭаумыжьроуп.

Аҧсуа идоуҳа, ахатә ҩыра анимамызгьы, жәлар рҳәамҭақәа рҟны аҧсы ҭан, жәлар рашәеи ражәеи ирыцын, Нарҭааи Абрыскьыли ирыхҳәаау рыда угәалаумыршәаргьы, шаҟа рыҵаркуазеи.

Аҩажәатәи ашәышықәса аналагамҭазгьы аҵара змаз маҷҩын, аха ажәлар рыҩнуҵҟа аҟәыҕара аҳра ауан, раҧсуара еиламырсӡакәа иныҟәыргон. Аҧсуа  сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа 1912 ш. рзы раҧхьатәи ишәҟәы "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" анҭыҵ хҭыс дуны иршьеит. Аҵаралашарахь зхы хаз ажәларқәа аҧсуаагьы рылахәзар рҭахын. Аҵара змаз аҵеицәа шеиҵагылоз рбон, гәадурасгьы иршьон. Д.Гәлиа ишәҟәы анҭыҵ аӡбахә заҳаз Џьгьарда ақыҭа абыргцәа даараӡа ргәы иахәеит. Убри инаҽыҵганы Ашәы Ҳабыџь иҩнаҭаҿы днаганы Д.Гәлиа ачара изыруит. Усҟантәи аамҭала уахәаҧшуазар, ари ахәшьара уадаҩуп. Ажәлар  ирҭахыз, рхы-ргәы иҭыхоз аҧсҭазаараҿы иназыгӡашаз, амҩа дзырбашаз аҵеицәа ирықәныҳәон, рыгәҭакы иахьигӡарц ҳазшаз иҳәон. Убас иҟалеит Џьгьарда ақыҭан, Ашәы Ҳабыџь иашҭаҿ, Д.Гәлиа иқәныҳәон, рдоуҳа шмыӡша иалацәажәон, ахеиқәырхаразы даҽа мҩак шыҟамызгьы шьахәла ирдыруан. Ари аганахьала аҩажәатәи ашәышықәса акыр аихьӡарақәак ацын. Ҳажәлар рдоуҳатә культура еиуеиҧшым  ахырхарҭақәа ҿиеит, амаҵ  рзызуазгьы аҵагылон. Амилаҭ литератураҿгьы убас акәын. Аҿар аҵара рҽазыркит, апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рабиҧарақәа еиҵагылон. Ашәҟәы аҧхьара, адырра бзиа арҳара  ҳаҭыр ақәны иҟалеит. Абарҭқәа рыбзоурала амилаҭ культура аҿиара амҩа ианылеит, есааирагьы  аҽарҭбаауан.

Ҵабыргуп, иахьа шьҭа иҟам амилаҭқәа жәпаҩык еидызкылоз Асовет Еидгыла, даҽа шәага-загақәак раамҭа ҳҭагылоуп. Аха, ега ус акәзаргьы, ҳажәлар арыцҳара дуқәа зцыз аибашьра гәымбылџьбара рхыргеит, Аиааира ду иабзоураны Аҧсны ахақәиҭреи ахьҧшымра азхаҵареи аамҭа ааит, рыҧсадгьыл аҟны аҧшәмара ааныркылеит, аҿиара амҩа ианылеит. Ега уадаҩра цәырҵуазаргьы, ҳтәыла ҿиоит, ҳажәлар еиҕьу аҧсҭазаара иазгәышьуеит, иагьрыхәҭоуп.

Ҳажәлар рхатә хаҿра мырӡкәа, рхатә ҳәынҭқарра арҿиара амҩа иануп. Мшаҽнеиҧш, аҿар аҵаралашарахь рымҩа хоуп, хкы-хкыла азанааҭқәа роуеит, ихәарҭаны рыҧсадгьыл иаҵагылоит. Ишьақәгылахьаз атрадициа иацырҵоит.

Амилаҭ литератураҿгьы убасоуп аҭагылазаашьа шыҟоу. Ажәлар рдоуҳатә культура аҧынгылақәа шаиуагьы, ишьақәхалеит узҳәом. Акультура ахкқәа зегьы рҟны ахьӡ ҿыцқәа цәырҵуеит. Ҳлитературагьы атрадициа змырӡша, еиқәзырхаша аҿар аҵагылоит. Ашәҟәы аҧхьара акәзар, Асовет аамҭазы еиҧш, амҽхак ҭбаамзаргьы, аханатә еиҧш иҟоуп асахьаркыратә литература иазҿлымҳау, иаҧхьо, аҧсуа шәҟәы аҭыҵра еигәырҕьо, здунеихәаҧшра иацу. Уи ус шакәу аабоит, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, арҵаҩцәеи, аинтеллигенциеи  реиҧш, араионқәа, ақыҭақәа рҟны инхо ҳауаажәлар рыҩнуҵҟагьы. Уи ус шакәу аабарҭоуп еиуеиҧшым аиҧыларақәа раан, алитературатә хәылҧазқәа рымҩаҧгараан. Ахатәы бызшәа адырра аганахьала макьаназы ақыҭақәа рҟны ҽҧныҳәа дук руҭартә иҟам, иахьеи-уахеи рыҧсҭазаара иацуп. Ақалақьқәа рҟны акәзар, ахьысҳара аныҧшуеит. Ари аус аҟны зегьы ҳаицхыраароуп, ҳаицахаҵгылароуп. Амилаҭ хдырра шьҭызхша ауснагӡатәқәа ирызхьаҧштәуп.

Аҧсҭазаара уанагәылаҧшуа имҩашьауа иубарҭоуп ажәытәи-аҿатәи шеимадоу, ишеиҿыбаау, ишеиқәҿырҭуа, аха ахаангьы жәра ақәым ҳмилаҭ рдоуҳа, рхатәы бызшәа, раҧсуара. Зегьы рҟны, иаартны акәымзаргьы, гәынхәҵысҭала ирныруеит, ирыҵанаҳәо рацәоуп, егьымҩақәнаҵоит, ауаҩытәыҩса ицәаҩаҟазшьа бзиақәа иреиуаны мҩанызас ирымазаауеит.

Убас, ааигәа Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭа ҳаҭааит гәыҧҩык ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи. Ҷыдала ҳамҩахыҵит аҧсуа шәҟәыҩҩы, иаамҭамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Валентин Дбар иџьынџь ахь.

Раб Григори (Грышьа) Дбар ақыҭаҿ ҳаҭыр зқәыз иакәын. Валентин аҧсуа традициала инхоз-инҵуаз аҭаацәара дшалиааз мҩашьауа, арҿиара аус аҟны мацара акәымкәа, аҧсҭазаараҿы даара даамысҭашәан, иуаҩреи иқьиареи иахьагьы ирхашҭуам ашәҟәыҩҩцәеи иҩызцәа-иқәлацәеи. Ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа шузымҳәо еиҧш, ҳаиқәшәара ахатә ҭоурых аман.

Валентин Дбар диижьҭеи 70 ш. аҵра аиубилеи аҳаҭыр азы Аҧснытәи ашәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыжьуп иалкаау ирҿиамҭақәа еидызкыло ишәҟәы "Иҩымҭақәа". Дбараа аишьцәа рџьынџь иаху Гиви иазыӡбаны излаимаз ала, ашәҟәы аӡыргареи Валентин игәалашәареи ирзкын аиқәшәара.

Ашҭа ҳанынҭала, ишаҧу еиҧш, инаҳҧылаз аҧшәмацәеи ҳареи аҧсшәа анеибаҳҳәа ашьҭахь, ҳаицны аҩныҟа ҳныҩналеит. Азал ҭбаа аҟны игылоуп Валентин ақыҭахь данаалоз иҩымҭақәа аус ахьрыдиулоз, дызхатәаз астол, дзықәтәаз аҟәардә уҳәа. Ҩ-ҭӡык рхашәара-ҵашәара игылоу ашәҟәқәа зҭадыргыло ашьқаҧқәа ирҭагылоуп аҧсуа литературеи аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ирыҵанакуа ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рышәҟәқәа, насгьы томла еизаку рырҿиамҭақәа реизгақәа.

Изаазарызеи, иахьазы аҧсуа қыҭақәа рҟны (ақалақьқәа рҟынгьы) инеиҧынкыланы ҩнаҭацыҧхьаӡа иубашам ас еиҿкаау абиблиотека. Ари иҳанаҳәо рацәоуп…

Валентин Дбар игәалашәара иазкыз аиқәшәара ааиртит ақыҭа иалиааз, иахьа Аҟәа инхо, ақалақь нхамҩа иазааҧсахьоу Иура Барганџьиа. Уи инарҭбааны далацәажәеит Валентин Дбар иааигәаны дшидыруаз, ишырҳәо еиҧш, ҳаблак еицааӡаз реизыҟазаашьа. Валентин даныхәҷыз инаркны аиқәлацәа дышрылукаауаз, аҩнаҭа бзиа иааӡаз шиакәыз мҩашьауа, дышҿырҧшыгаз, аҵараҿы еиҧш аиҩызараҿгьы.

Ҵабыргны, ашәҟәыҩҩцәагьы убас ауп дшыргәалашәо Валентин. Уи Гагра, аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҿы акыр шықәса аус иуан, занааҭла азинпориадок ахьчара дадҳәалан. Аҧсҭазаараҿы иҟазшьеи иаҧсуара аныҟәгашьеи ухырхуан. Данқәыҧшыз инаркны ишьҭикааз, згәыблра икыз алитература амалахазгьы дацәхьаҵны иҟамлацызт. Лассы-лассы Аҟәаҟа даауан, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ажурналқәеи агазеҭқәеи рредакциақәа дырҭаауан, алитератураҿы ицәырҵуаз аҩымҭа ҿыцқәа дрызҿлымҳан, ихаҭа ихатә ҩымҭа ҿыцқәагьы акьыҧхьразы ирыдигалон. Иҩымҭақәа еидызкылоз хазы ишәҟәқәагьы ҭыҵуан. Абасала, алитературатә ҧсҭазаара далагылан. Абжьааҧны Гагра, мамзаргьы Пицунда акәзааит шәҟәыҩҩык днеит ҳәа аниаҳалак, диҧымлакәа, пату иқәымҵакәа диаҩсуамызт. Зегьрыла агәыҭбаа зызҭаз иакәын.

Валентин Дбар иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи иалацәажәеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа, ажурнал "Алашара"  аредактор хада Анатоли Лагәлаа, аҭоурыхҭҵааҩ Сима Дбар, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҟәатәи аботаникатә баҳча иаҳабы Едуард Гәбаз, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа, архимандрит Дорофеи (Дбар) уҳәа егьырҭгьы.

Валентин Дбар диит 1948 ш. маи 1 азы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит 1987 шықәсазы. Цандрыҧшьтәи ашкол-интернат №1 аҟны 8-класск рынахыс , К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1 далгеит (1967). Ашьҭахь А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны иҵара хиркәшеит (1979). Аррамаҵура ихганы Аҧсныҟа даныхынҳә аусура далагеит Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Гагратәи рраионтә ҟәша аҟны. Раҧхьатәи иажәабжь "Ӡыӡлан" акьыҧхь абеит (1965) агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" ("Аҧсны") аҟны. Адырҩашықәсан адурнал "Амцабз" ианылеит иажәеинраала "Сара сышкол". Аха ашәҟәыҩҩы инеиҧынкыланы апроза ашҟа диасуеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иажәабжьқәа кьыҧхьын ажурнал "Алашара" аҟны. Авторс дрымоуп ажәабжьқәа реизгақәа: "Раҧхьатәи ааҧынра", "Ашәҭқәа ангәылҵуа", "Аҧсы дшаҳаҭым", "Иаанкылоу ашәҟәы" уҳәа. Ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаара ҿахҵәеит 2010 ш. апрель 28 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьаҿ.

Валентин Дбар ишәҟәы аӡыргареи игәалашәареи ирызкыз аиқәшәара, иаабац аиубилеитә хәылҧазқәеи аӡыргарақәеи иреиҧшымызт, убри алагьы асимволтә ҟазшьа аман ашәҟәыҩҩы дахьиз, дахьааӡаз аҩнаҭаҿы, агәараҭаҿы иахьымҩаҧысуаз.

Ашәҟәыҩҩы игәалашәареи иҭыжьу ишәҟәы аӡыргареи ирызкыз агәаанагарақәеи агәалашәарақәеи рышьҭахь, Дбараа рыҩнаҭахьы ҳамҩахыҵра, насгьы рашьа игәалашәара амырӡра иахьазааҧсо иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Гиви Дбар.

Уи нахыс, аҧсуаҵас, ишаҧу еиҧш, Дбараа ргәараҭахь имҩахыҵыз рзы аишәачара еиҿкаан. Еидтәалаз реицәажәара аиҳарак зызкызгьы Валентин Дбар игәалашәара акәын.


В.Аԥҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me